Астол гьежь "Аԥсны Мраҭашәареи Мрагылареи рыбжьара" мҩаԥган Аҟәа

© Sputnik Бадрак АвидзбаАстол гьежь "Аԥсны Мраҭашәареи Мрагылареи рыбжьара" мҩаԥган Аҟәа
Астол гьежь Аԥсны Мраҭашәареи Мрагылареи рыбжьара мҩаԥган Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр анапхгарала еиҿкааз астол гьежь "Кавказский дом на перекрестке цивилизаций" Аҟәа. Астол гьежь алахәылацәа ажәалагала ҟарҵеит Аԥсны иаԥҵазарц "Кавказтәи афорум" - иааиԥмырҟьаӡакәа ҳаамҭазтәи амультикультуратә дунеи аҟны кавказтәи ареспубликақәа рыстратегиаз аиҿцәажәарақәеи аҭҵаарақәеи мҩаԥгахало.

Абри аԥшьгара атәы шәаԥхьар алшоит ҳкорреспондент Владимир Бегунов иматериал аҟны.

Sputnik, Владимир Бегунов.

"Аԥсны иахьа  иамоуп алшара Урыстәылеи, Ҭырқәтәылеи, Кавказ атәылақәеи рпозициақәа еизааигәазтәыр алшо центрны", — иҳәеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба. – Абри азҵаара ҳара ҳалацәажәон Сергеи Лавров иԥылараан, ҳалацәажәараны ҳаҟоуп Владимир Путини ҳареи ҳаиԥылараангьы. Ҳара иҳалшар асеиԥш иҟоу аплошьчадка Аԥсны аартра, агәрагара сымоуп уи зегь рзы хра аманы ишыҟало".

Режиссер Вячеслав Аблотия. - Sputnik Аҧсны
Аблоҭиа: афестиваль "Кунаки" сынтәа иалоу аусумҭақәа ԥсыҽуп

Абри иахыҵхырҭаны иҟалеит Аԥсны Ахада иҟны аус зуа астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр  адиректор Олег Дамениа иажәахә.  Уи адокумент аҟны иаагоуп  Кавказтәи ахҭысқәа рсценариқәа хәба: иаку, исуверентәу Кавказ аԥҵара, Урыстәылеи Кавкази реилалара, Кавказтәи ареспубликақәа еиҟәшаны ишыҟоу рааныжьра,  Кавказтәи ареспубликақәеи Мраҭашәареи реидылара, Кавкази Мрагылара Ааигәеи риедылара.

Астол гьежь алахәылацәа гәаанагарак иазааиит: Кавказтәи ареспубликақәа иахьазы ишыҟоу раанхара макьаназтәи сценариуп ҳәа. Убри аҭагылазаашьа аԥсахроуп иззырхо "Кавказтәи афорум" аҟазаара.

РАН аҭҵаарақәа Рцентр аусуҩ еиҳабы  Наим Нефлиашев еиҭалҳәеит аҵарауаа ҿарацәа Кавказ аԥсҭазаара аҷыдарақәа ахьырзымдыруа иахҟьаны аимак-аиҿак зцу  аҭҵаарадырратә усумҭақәа шырыҩуа. Лара ажәалагала ҟалҵеит  Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет  ашьаҭала иаԥҵазарц кавказдырразы ҩ-мчыбжьатәи акурсқәа.

"Сара сгәаанагарала кавказдырра академикатә дисциплинаны иҟалароуп. Уи азы иаԥҵахароуп Кавказ аҭҵааразы Ацентр", — лҳәеит  Наима Нефлиашева.
Афизико-математикатә наукақәа рдоктор, апрофессор, АНА алахәыла-корреспондент ианварби Екба иҳәеит иахьазы ишазымхо аицпрограммақәа, аҿар рхы аадырԥшыр ахьрылшо.

"Ҳара ААУ аҟны усеиԥш иҟоу апрограммақәа цәыраагоит. Урҭ аҭҵаарадырратә интерес адагьы  аҵарауаа ҿарацәа реинырра иацхраауеит. Уи акраҵанакуеит ҳәа исыԥхьаӡоит", — иҳәеит аҵарауаҩ.
Астол гьыжь мҩаԥысуан акинофестиваль "Кунаки" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Иара иалахәын акинофестиваль ажиурии адирекциеи рлахәылацәа.

"Кунаки" — аинтеллектуалцәа риашьароуп. Арахь иаҵанакуа акинемотограф амацара акәӡам. Ааигәа иара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган апоетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи ҿарацәа реиԥылара "Кавказская лира", — лҳәеит  афестиваль апрезидент Сулиета Кусова-Чухо.

"Кунаки" ажиури ахаҭарнак Ефим Резников иазгәеиҭеит Аԥсны аганахьала сынтәа иҟаҵаз азыҳәақәа маҷк иԥсыҽын ҳәа.

Аԥсны проблеманы иҟоуп акиноааглыхра", — иҳәеит Резников, — арбараҿ ицәыргаз афильмқәа урыстәылатәи астудиақәа рҿоуп иахьҭыхыз. Аҭыԥантәи  аиндустриа иацхраатәуп. Ҳара иаҳҭахуп есышықәса акәымзаргьы "Кунаки" Аԥсны имҩаԥысларц.

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба  иазгәеиҭеит уи аус дшазхәыцуа. Астол гьежь аҟны ирылацәажәан анаука, аҟазара рызҵаарақәа.  Сулиета Кусовой-Чухо лажәақәа рыла хықәкны иҟан арҭ азҵаарақәа аполитикцәагьы радыԥхьалара.

Ажәабжьқәа зегьы
0