АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 — Sputnik. Азҵаарақәа инарықәыршәаны европатәи атәылақәа рҟны ауааԥсыра ртәылақәа Евроеидгыла иалҵырц азы ареферендумқәа мҩаԥгатәуп ҳәа рҳәоит. Убас, асеиԥш иҟоу ареферендум амҩаԥгара иадгылоит: Италиа атәылауаа 53%, Франциа атәылауаа — 47%, Германиа атәылауаа — 43%, Испаниа атәылауаа — 39%, Польша атәылауаа — 38%. Аҭҵаарақәа мҩаԥнагеит аилахәыра iFop.
Азҵаара "Ишәҭахума шәтәылаҟны Евроеидгыла алҵразы ареферендум мҩаԥыргар?" аҭакс "мап" ҳәа рҳәеит: аполиакцәа 62%, аиспанцәа 61%, анемеццәа 57%, афранцызцәа 53%, италиаа 47%. 2016 шықәса ԥхынгәымзатәи азҵаарақәа рымҩаԥгара иаҿырԥшны ареферендум азы иқәгыло рхыԥхьаӡара еиҳахеит: Испаниа 43% — 39%; Италиа 46% — 53 %; Польша 33% — 39%.
Аинформациатә маҵзуеи арадиои Sputnik иҟанаҵаз аҳәарала азҵаараҟаҵара мҩаԥнагеит аҭҵааратә еилахәыра iFop 2016 шықәса жьҭаара 22 инаркны 26 рҟынӡа. Азҵаарақәа ирылахәын 5019-ҩык ареспондентцәа, 18-64 шықәса ирыбжьанакыз. Апроект "Sputnik. Агәаанагара" азҵаараҭара лассы-лассы имҩаԥнагоит: Британиа ду, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Германиа, Франциа рҟны – еиуеиԥшым асоциалтәи аполитикатәи зҵаарақәа рзы.
Изызҵаауа еихыршоит шықәсыла, ахаҵара/аԥҳәысра ала, агеографиатә ҭагылазаашьа ала. Апроект "Sputnik. Агәаанагара" иазку адыррақәа. Ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы жәларбжьаратәи апроект аусура иалагеит 2015 шықәса, ажьырныҳәамзазы. Апроект ацхырааҩс иқәгылеит аҭҵааратә компаниақәа Populus, Forsa, iFop.
Апроект "Sputnik. Агәаанагара" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым аҵк ҷыда змоу асоциалтә, аполитикатә зҵаарақәа ирызкны лассы-лассы ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы аҭҵаарақәа мҩаԥнагоит. Sputnik (sputniknews.com) – ажәабжьтәи арадиотәи амаҵзура атәылақәа жәпакы рҟны ахаҭарнакрақәа амоуп. Sputnik шьақәгылоуп асаитқәа, арадио, амобилтә хархәагақәа, асоциалтә каҭақәа рыла.