Ажәытәтәи асахьақәа рҟны иаанхаз Аԥсны

© Фото : public domaineЛев Лагорио "Сухум-Кале" 1873 шықәса
Лев Лагорио Сухум-Кале 1873 шықәса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
XIX ашәышықәсазы аурыс сахьаҭыхыҩцәа маҷҩымкәа Кавказтәи рныҟәарақәа раан Аԥсны усҟантәи ахаҿраԥшра ҳзынрыжьит.

Гагратәи абааши Сухум-Калеии шәышықәсеи бжаки раԥхьа ирсахьаз иахьатәи  ауаа идирбаразы ҳкорреспондент Владимир Бегунов еидикылеит асахьақәеи аҭыхымҭақәеи.

Гагратәи абааш изныкымкәа иеилаԥырыххаахьан, изныкымкәагьы еиҭашьақәдыргылахьан. 1940 шықәсазтәи аӡхыҵраан иҵшәаан. Иахьазы иара ажәытә сахьа еилукаауаҳәа иҟоу маҷӡоуп. Иара зеиԥшраз атәы зҳәо ҳәа иҟоу Никанор Чернецов иҭыхымҭа  "Крепость Гагра в Абхазии" заҵәык ауп. Иара ҭыхын 1837 шықәса рзы. XIX ашәышықәсазы Никанор Григори-иԥа еицырдыруа сахьаҭыхыҩны дшьан. Иара иашьа Григори иакәзаргьы дсахьаҭыхҩын.

,

Никанор Чернецови Пушкини аиҩызара рыбжьан. Иара ирҿиамҭа  "Дарьяльское ущелье" (1832ш.) Александр Сергеи-иԥа икабинет аҟны ихшьын. Чернецов имоуп иара убасгьы аҽа ҩ-ҭыхымҭак Аԥсны иазку. Руак аҟны Гагратәи абааш убарҭоуп, аҩбатәи аҟны Гәдоуҭатәи абаа аилабгарақәа.

© public domaineНиканор Чернецов "Гагратәи абааш Аԥсны", 1837 шықәса
Никанор Чернецов Крепость Гагра в Абхазии 1837 год - Sputnik Аҧсны
Никанор Чернецов "Гагратәи абааш Аԥсны", 1837 шықәса

Иара убасгьы Аԥсны иаҭаахьан Илларион Прианишников, Николаи Иарошенко, аха урҭ ара ҭыхымҭақәа ҳәа акгьы ҟарымҵеит. Репин Аԥсны иҟазаара акәзар алегендақәа ахылҿиаан иҟоуп. Еиҭарҳәоит  Репин ара иҟазаараан аҭыԥантәи анхаҩы Бида Чхамалиеи иареи еибадырит ҳәа. Бида исахьақәагьы ҩба ҭихит ҳәа. Руак зсахьа ҭихыз ииҭеит, егьи ихазы иааникылеит. Руак 1942 шықәса рзы иӡит, егьи Финлиандиа ахатәы коллекциаҟны иҵәахуп ҳәа еиҭарҳәоит.

Репин Аԥсны иҟазаара атәы зҳәо ҳәа иҟоу  исалам шәҟәқәа рҟны иуԥыло ацәаҳәақәа роуп: "Аҟәа даара исгәаԥхеит. Исҭахын адгьыл аасхәарц, аха акыр ихарацәоуп" ҳәа.
Аҟәа адгьыл ҽыҭ аахәара иҭахын "Апофеоз войны" автор Васили Верешьчагингьы. Уи Алада Ешыра адгьыл аахәаны аҩн хәыҷы ҭаиргылеит, арахь лассы-лассы дшымаалозгьы. Аԥсны усҟантәи аамҭақәа рзы рацәак ауаа ирыҿхасырҭамызт. Ацара-аара уадаҩын.

Аивазовски ирҿиамҭа "Аурыс ескадра Аԥсны аҟәара аҟны",  1840 шықәса рзы иҭыхын. Асахьа иаҵаҩу ахьӡ акәымзар, иҭыху аҭыԥгьы удырыртә иҟам. Иара ианыԥшуа амшын иачхынгылоу ашьхақәеи аԥшаҳәа зҽавак инеиуа аӷбақәа реишьҭагылеи роуп.

© Фото : public domaineНиканор Чернецов "Гәдоуҭатәи абаа аилабгарақәа" 1936 шықәса
Никанор Чернецов Гәдоуҭатәи абаа аилабгарақәа 1936 шықәса - Sputnik Аҧсны
1/3
Никанор Чернецов "Гәдоуҭатәи абаа аилабгарақәа" 1936 шықәса
© Фото : public domaineНиканор Чернецов "Гагратәи абааш" 1836 шықәса
Никанор Чернецов  Гагратәи абааш 1836 шықәса - Sputnik Аҧсны
2/3
Никанор Чернецов "Гагратәи абааш" 1836 шықәса
© public domaineИван Айвазовский "Аурыс ескадра Аԥсны аҟәара аҟны" 1840 шықәса
Иван Айвазовский Аурыс ескадра Аԥсны аҟәара аҟны 1840 шықәса - Sputnik Аҧсны
3/3
Иван Айвазовский "Аурыс ескадра Аԥсны аҟәара аҟны" 1840 шықәса
1/3
Никанор Чернецов "Гәдоуҭатәи абаа аилабгарақәа" 1936 шықәса
2/3
Никанор Чернецов "Гагратәи абааш" 1836 шықәса
3/3
Иван Айвазовский "Аурыс ескадра Аԥсны аҟәара аҟны" 1840 шықәса

XIX ашәышықәса иаҵанакуа Аҟәа асахьақәа ҩба ҳзынрыжьит Петр Верешьчагини Лев Лагориои. Рыҩбагь рҟны иубарҭоуп зрадқәа кахәхәо акипарисқәа. Лагорио иҭыхымҭа 1873 шықәса ҳәа арыцхә аҵагылоуп, Верешьчагин иҭыхымҭа 1870 шықәса ҳәа аҵаҩуп.

ХХ ашәышықәса алагамҭазы Аԥсны ицәырҵит афотоҭыхымҭақәа. Урҭ рылшарала иахьа иаабартә иҟоуп урҭ ашықәсқәа ирыҵаркуа Аԥсны. XIX ашәышықәса иаҵанакуа апеизажқәа ракәзар иахьаҳзаанхаз рацәак  хыԥхьаӡарала ирацәам асахьақәа рҟноуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0