АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 — Sputnik. 2017 шықәса рзы Аԥсны 270 миллион мааҭ рҟынӡа аекономиа аиуеит Урыстәылатәи Афедерациаҟынтәи анефҭаалыҵқәа ралагалараҟынтәи ҳәа азгәарҭеит Аԥсны акономика аминистрраҟны.
Аԥсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынбеи Урыстәыла аенергетика аминистр ихаҭыԥуаҩ Кирилл Молодцови рнапы аҵарҩит 2017 шықәса рзы урыстәылатәи аекспорттә баџьқәа рҟынтәи зхы иақәиҭтәу анефҭаалыҵқәа рхышәа-ҵышәазы Аԥкаанҵа.
"Сынтәа ҳара еиҳаҳтәит аалыҵқәа рхышәа-ҵышәа, избанзар аҩныҵҟатәи ахархәарақәа еиҳа-еиҳа ирызҳауеит. Абаџьқәа зхыху рсиа иалагалахеит анефҭтә битум. Уи уажәы амҩақәа рыҟаҵаразы Аԥсныҟа ирацәаны иааргоит", — иҳәеит Адгәыр Арӡынба.
Аминистр иазгәеиҭеит ари Урыстәылатәи аган аҟынтәи ицхыраара дуны ишыҟалаз. Уи инақәыршәаны анефҭаалыҵқәа Аԥсны рыхәԥса еиҳа еиҵоуп Урыстәылатәи Афедерациаҟны аасҭа. Есышықәсатәи анефҭаалыҵқәа рхышәа-ҵышәазы аиқәшаҳаҭрақәа мҩаԥысуеит 2012 шықәса лаҵарамза 28 рзы анапы зҵаҩыз атауарқәа рзы ахәаахәҭара Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷ 7 инақәыршәаны.