Лаҭатәи арыцҳара еиҭаргәаладыршәараны иҟоуп

© Sputnik Томас ТхайцукЛаҭатәи арыцҳара еиҭаргәаладыршәараны иҟоуп
Лаҭатәи арыцҳара еиҭаргәаладыршәараны иҟоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион, Лаҭа ақыҭан, 1992 шықәса ԥхынҷкәын 14 рзы, агуманитартә реис мҩаԥызгоз Урыстәылатәи аверталиот Ми-8 ақырҭуа гвардееццәа икарыжьит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гәылрыԥшь араион, Лаҭа ақыҭан, 1992 шықәса ԥхынҷкәын 14 рзы, агуманитартә реис мҩаԥызгоз Урыстәылатәи аверталиот Ми-8 ақырҭуа гвардееццәа икарыжьит. Ари арыцҳара иаланҵәаз ргәаладыршәараны иҟоуп Аԥсны, лҳәеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху амузеи азиндырыҩ Ирина Адлеиаԥҳа.

"Еснагь еиԥш сынтәагьы ҳрылацәажәеит абри амш иазаҳкша ауснагӡатәқәа. Ҳколлектив аҟны иҳаӡбеит агәалашәаратә акциа мҩаԥаагарц. Абри ҳаԥшьгара хәыҷы иаиуит ареспубликатә ҟазшьа", — лҳәеит Адлеиаԥҳа.

Акциа амҩаԥгара иадгылеит аветерантәи аҿартәи еиҿкаарақәа. Асааҭ 17.30 рзы — аверталиот анкаҳаз аамҭазҵәҟьа, ареспублика ахьынӡа-наӡааӡоу аҿымҭратә акциа мҩаԥгахоит. Амашьынарныҟәцаҩцәа ирылшоит асигналҟаҵара.

"Дарбанызаалак дахьгылоу дааҭгылан игәалаиршәар алшоит абри амш. Акциа хатәгәаԥхаратә акциоуп", — лҳәеит лара.

Аҿартә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы ажәалагала ҟанаҵеит акциа алахәылацәа Владислав Арӡынба ихьӡ зху амузеи аҟны еизарц.

"Аҳәынҭеилакы аҟны ирыӡбеит амузеи аҿаԥхьа иҭахаз рыцԥхьаӡа ацәашьқәа рыблырц", — лҳәеит Адлеиаԥҳа.

Гәылрыԥшь араион, Лаҭа ақыҭан, 1992 шықәса ԥхынҷкәын 14 рзы, агуманитартә реис мҩаԥызгоз Урыстәылатәи аверталиот Ми-8 ақырҭуа гвардееццәа аехсны икарыжьит.

Иҭахеит 87-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рыгәҭа иҟан 35-ҩык ахәыҷқәа, 8-ҩык зцәа зтәымыз аҳәса. Иҭахаз рыԥсыбаҩқәа Гәдоуҭатәи апарк аҟны анышә иамадоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0