Иорданиа Аԥсуа культуратә центр ахантәаҩы далырхуеит

© Инар ГицбаДелегация Абхазии в Иордании.
Делегация Абхазии в Иордании. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәраз аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа зхадараҿы дгыло Аԥснытәи аделегациа Иорданиаҟа ицеит. Авизит мҩаԥысуеит ԥхынҷкәын 14 - 17 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Ахәаша, ԥхынҷкәын 16 рзы имҩаԥысраны иҟоуп Иорданиа Аԥсуа культуратә центр ахантәаҩы иалхра. Уахь анаԥхьара рыман Аԥсадгьыл ахь ахынҳәраз аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа зхадараҿы дгыло Аԥснытәи аделегациа.

Абри атәы ҭелла ҳкорреспондент изааицҳаит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнак Инар Гыцба.

"Ассоциациа иалоу аԥсуаа аԥхьа иалырхуеит Ахеилак алахәылацәа быжьҩык. Нас урҭ далырхуеит ахантәаҩы", — иҳәоит иара.

Ԥхынҷкәын 15 рзы имҩаԥысит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәраз аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа зхадараҿы дгыло Аԥснытәи аделегациеи Иорданиа иҟоу Аԥсуа культуратә центр ахаҭарнакцәеи реиԥылара.

Гыцба иажәақәа рыла еиуеиԥшым азҵаарақәа ирылацәажәан.

© Инар ГицбаДелегация Абхазии в Иордании.
Делегация Абхазии в Иордании. - Sputnik Аҧсны
Делегация Абхазии в Иордании.

"Ирылацәажәан еиуеиԥшым азҵаарақәа. Урҭ ируакуп иорданиатәи адиаспореи урҭ рҭоурых ԥсадгьыли реинырра азҵаара", — иҳәеит Гыцба.

Иара убасгьы Аԥснытәи аделегациа дырԥылеит ачерқьес еилазаара ахантәаҩы Самир Кардан.

"Аԥсны Аҳәынҭқарреи Иорданиатәи акралраҟны инхо Кавказ ажәларқәа рдиаспореи русеицура ихадоу зҵаарахеит еиуеиԥшым аиԥыларақәа рҟны", ҳәа азгәеиҭеит Гыцба.

© Инар ГицбаДелегация Абхазии в Иордании.
Делегация Абхазии в Иордании. - Sputnik Аҧсны
Делегация Абхазии в Иордании.

Иахьазы Иорданиа иҟоу Аԥсуа культуратә центр напхгара аиҭоит Хасан Чычба. Аҳәынҭқарратә еилакы иамоу адыррақәа рыла Иорданиа инхоит 240 аԥсыуа ҭаацәара.

Ажәабжьқәа зегьы
0