Аҭагылазаашьа ҭиҵаауан Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба.
Ацитрус шәырқәа Аԥсны ирааӡо иалагеит асовет аамҭақәа рзы. Усҟан фнызқь гектар рҟынӡа цитрус баҳча ыҟан.
1992-1993 шықәсқәа рызтәи аибашьра ашьҭахь еиҳа-еиҳа еиҵахо, иахьазы 1200 гектар рыҟны иааӡаны иҟоуп.
Ҵыԥхтәи ашықәс аихшьаалақәа рыла иҭагалан 30 нызқь тонна амандарина ҽаҩра. Сынтәа ҵыԥхтәи аамҭа иаҿырԥшны иугозар 40% рыла еиҵоуп, уахыки-ҽнаки рыла аҳәаа иахыргоит 250 тонна, ҵыԥх акәзар — 500 — 700 тонна инаӡон.
2016 шықәса иреиӷьу туристтә сезонуп ҳәа азаҳҳәазар, амандаринатә сезон аганахь ала иреицәоуп ҳәа уҳәар ауеит уажәазы. Уигьы егьигьы ауаа азыԥшуп. ԥарак аазышьҭуа ракәны иҟоуп.
Ацитрусқәа рхаҭақәа миит ҳәа узҳәом, аха ипроблеманы иҟалаз аҳауатә ҭагылазаашьеи ахәԥсеи роуп.
"Аахәаҩцәа акыр имаҷуп. Уи адагьы уажәааны аҵаа шамахамзар иҟаломызт. Аҵаа акәым, асгьы ҭыԥқәак рҟны илеиит", — иҳәеит Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба.
Sputnik аинтервиу аҭо иара иҳәеит ауаа аҽаҩра рызҭагалом иҟоу ахьҭа цәгьеи аҵааи ирыхҟьаны ҳәа.
Ажәакала сынтәа аԥсуа мандаринақәа ираамҭамхеит.
2015 шықәса рзы урҭ рыхәԥса акыр еиҳан сынтәа аасҭа, избанзар усҟан ҭырқәтәылатәи амандаринақәа асанкциақәа рыдҟаҵалан.
"Ҭырқәтәыла аганахьала Урыстәылатәи асанкциақәа ҳара ҳзы ихәарҭаны иҟан. Уажәы аҭагылазаашьа аҽаԥсахит", — иҳәеит аминистр.
Абарҭқәа рыдагьы ацитрустә шәырқәа сынтәа ааха рырҭеит амаҵақәа (апытқәа). Урҭ амандарина ажьырӡы алрыцәцәаауеит, ацәа ахыҵра уадаҩхоит. 2016 шықәса рзы абарҭ апроблемақәа рыдагьы адкыларҭатә ҭыԥқәа адыркит иҳәоит Ақыҭанхамҩаз анаука-ҭҵааратә институт аусзуҩ Федор Ҭарба.
Абарҭқәа зегьы ааилаланы сынтәатәи ацитрустә сезон шьақәымгылеит ҳәа уҳәартә иҟарҵеит.