Олег Дамениа: аимадара рӷәӷәатәуп, уи амҽхак аҳәаақәа ырҭбаатәуп

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны Ахада иҟны аус зуа астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр адиректор Олег Дамениа
Аԥсны Ахада иҟны аус зуа астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр адиректор Олег Дамениа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада иҟны аус зуа астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр адиректор Олег Дамениа ахәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа рзы игәаанагара ҳацеиҩишеит.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа даара ибзиаӡаны ирдыруеит хылҵшьҭрала ишаԥсацәоу, ибзиаӡаны ирдыруеит рҭоурыхтә ԥсадгьыл Аԥсны шакәу. Аиҭанаиааира ҳабжьоуп, дара Аԥсныҟа иаауеит ицоит, ҳаргьы дара ахьынхо аҭыԥқәа ҳарҭаауеит. Аха, аиҭанаиааира, ҳазҭагылоу аамҭазы иҟоу азхаӡом, имаҷуп, уи амҽхак ырҭбаатәуп, раԥхьа иргыланы аҿар рыҩныҵҟа.

Уи аперспектива змоу проблемоуп ҳәа сахәаԥшуеит, аӡбарагьы алшоит ҳәа сгәы иаанагоит, еиҳаракгьы аҿар аԥсшәа уиаҟара ишырзымдыруагьы. Урҭ еиҳа ицыхцыхуа, еиҳа игәцаракны, ргәыбылрагьы мыцхәы иҟоума уҳәо рцәажәашьа убас иҟоуп, рхымҩаԥгашьагьы убас иҟоуп. 

Ашәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа - Sputnik Аҧсны
Алықьса Гогәуа: зегьыҵәҟьа арахь ихҵәаны ишзымаауа ҳдырроуп
 

Насгьы аҿар узлареигәырӷьаша, аҵара рымоуп, адырра рымоуп, еиуеиԥшым азаанаҭқәа рымоуп, хар змам аусбарҭақәа рҟны аус руеит, ма иреиҳау аҵараиурҭа бзиақәа рҟны аҵара рҵоит, ауниверситетқәа, аколлеџьқәа рҟны. Уи даараӡа акрызҵазкуа усуп, ибзиоу усуп ҳәа сыԥхьаӡоит.

Аԥсны аганахь иаадырԥшуа азыҟазаашьа аихьӡара амоуп ҳәа сахәаԥшуеит. Раԥхьа иргыланы аҿар рҟны аконтактқәа акыр еиӷьтәтәуп, амҽхак ырҭбаатәуп. Аиҳабацәа рыԥсшәа ҳәашьа акыр уеигәырӷьап, сырзыӡырҩландаз уҳәалап. Хымԥада, аимадара рӷәӷәатәуп, уи амҽхак аҳәаақәа ырҭбаатәуп. 

Ҭырқәтәыла ауаажәларра, аполитикагьы налаҵаны, иҟоу ахдырраҟны уаҩы ибаратәеиԥш аиҭакрақәа ыҟоуп. Шықәсқәак раԥхьа, Ҭырқәтәыла Аԥсны ишазнеиуази, иахьа ишазнеиуеи даара еиԥшӡам. Ҭырқәтәыла азхиоуп Аԥсны аганахь ала ацхыраара аҟаҵара, аекономиака аҟны аума, акультура аҟны аума, агәабзиарахьчара аҟны аума, аиҭанаиааира, ахәаахәҭра, еиуеиԥшым анаплакқәа, аԥсҭазаара иамоу еиуеиԥшым аганқәа рҟны адгылара ишазыхиоу рҳәон шықәсқәак раԥхьа иара уа Ҭырқәтәыла аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа ҳанрыҿцәажәоз, ҳанырԥылоз.

Џьенгиз Гогәуа - Sputnik Аҧсны
Џьенгиз Гогәуа: ҳахьыҟазаалак ҳаԥсадгьыл ахьӡ аҭгара ҳашьҭазароуп

Дара иазгәарҭон, ҳара асуверентә ҳәынҭқарра ашьақәыргылара азин шҳамоу. Еиҳараӡакгьы аибашьра аҟны аиааира анаҳга нахыс, ҳара ҳзин дара ибзианы еилкааны ирымоуп. Уи анарха аҭатәуп. Узеигәырӷьо хҭысуп,

Ҭырқәтәыла инхо ҳдиаспора рыҩныҵҟа иахьыҟоу зыхьӡ нагоу ауаа, зажәа акрыԥхылнадо аҵарауаа, Аԥсны ахьӡ ҭызго аҿар. Ҳарҭ шьак-дак иалҵыз ҳауп, ҳаибаҭаххароуп, ҳусқәа ԥхьаҟа еицнаҳгароуп, уаҳа ԥсыхәа ҳамаӡам. Ҭырқәтәыла инхо ҳдиаспора ҳаԥсацәоуп, ҳаҭырқәцәаӡам ҳәа ҿыӷәӷәала иахьцәажәо Анцәа иџьшьоуп.

Уи азы Ҭырқәтәылатәи аҳәынҭқараа аџьшьара аҳҭоит. Аԥсны агәашәқәа еснагь иаартуп ҳашьцәа рзы, иаар рылшоит. Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхазҵахьо  атәым ҳәынҭқаррақәа ыҟоуп. Аҳәынҭқарра дуқәа рхадацәа, урҭ рхаҭарнакцәа Аԥсны иаҭаауеит, еилыркаауеит ҳтәыла имҩаԥнаго аполитика зеиԥшроу,  ахы ахьцо аҵыхәа ахьцо.

Аԥсны еиуеиԥшым ахҭысқәа мҩаԥысуеит. Иарбан зҵааразаалак дипломатиатә ҟазшьала аӡбара ҳазыхиоуп. Ҳара иҳамоу аконституциала, атәым ҳәынҭқарраҿы инхо ҳдиаспора  зегьы аԥсацәоуп. Ус анакәха, Аԥсны ишьақәгылаз аҳәынҭқарра иатәылауаҩуп ҳәа иҳамоу аконституциа иаԥхьаӡоит. Уигьы иаҵанакуа рацәоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит.

Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәа ииашаны еилыркаартә еиԥш аҟаҵара ҳара иаҳуалуп ҳәа сахәаԥшуеит. Ҳара ҳазҿлымҳазароуп Аԥсны аекономика ашьҭыхра, ажәлар рыԥсҭазаара аиӷьтәра. Избанзар, аибашьра зыхҭызгаз ажәлар рҭагылазаашьа иамоу, иацу ауадаҩрақәа рацәоуп.

Абраҟа иаҭахуп нырцәи-аарцәи аицхыраара, аимадара арӷәӷәара. Аԥсны  аԥсуаа даараӡа иаҭахуп. Ҳашьцәа рыхшыҩ ҳацзар ҳтахуп, иҳабжьырго ҳаҳар ҳҭахуп. Иҳагу-иҳабзоу еицҳарҽеироуп, ҳаидгылароуп. 

Ажәабжьқәа зегьы
0