Жәабранмза анҵәамҭаз Елизавета лыҩныҟа дхынҳәуеит

CC0 / / Амаалықь, архивтә фото.
Амаалықь, архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа инхо Кристина Геворкиан ажьырныҳәа 1 азы Шәачатәи ахшараиурҭаҿы аԥҳа длоуит. Ахәыҷы лыкапан 870 грамм ыҟан. Ахәыҷы дидикылеит Ҟәбан агәабзиарахьчара аминистр Евгени Филиппов.

АҞӘА, ажьырныҳәа 24 — Sputnik, Владимир Бегунов. Аҟәа инхо Кристина Геворкиан ажьырныҳәа 1 азы Шәачатәи ахшараиурҭаҿы аԥҳа длоуит. Ахәыҷы лыкапан 870 грамм ыҟан. Ахәыҷы дидикылеит Ҟәбан агәабзиарахьчара аминистр Евгени Филиппов. Ани аԥҳаи макьаназы ахәышәтәырҭа иҭоуп, аха ахәыҷы лыкапан ишаацлалак аҩныҟа ихынҳәуеит, уи Жәабранмза анҵәамҭаз акәхоит ҳәа иԥшуп.

Урыс бызшәала атекст шәаԥхьар шәылшоит ара >>

Аҟәатәи ахшараиурҭаҟны Sputnik акорреспондент иарҳәеит ас зыкапан маҷу ахәыҷқәа шиуа, аха ахәыҷы икапан кьылак еиҵазар ахшара дзауа аԥҳәыс Шәачатәи ацентр ахь дрышьҭуеит, избанзар Аҟәа усеиԥш иҟоу ахәыҷқәа ахьырбо аҭыԥ ыҟам.

"Аоперациа акыр иуадаҩын, аха иахьазы ани ахәыҷи шәарҭара рымам", — иҳәеит Ҟәбан агәабзиарахьчара аминистр Евгени Филиппов.

"Ахәыҷы Елизавета лыхьӡаҳҵеит. Лара раԥхьатәи ҳахшара лоуп. Аԥхьатәи ажәамш лара ареанимациаҟны дыҟан. Лхала лыԥсыԥ лзылага-ҩагомызт. Уажәы зегьы маншәалоуп", — лҳәеит Кристина Геворкиан.

Уажәы Елизавета ареанимациа аҟынтәи апалатахь диагоуп. Маҷ-маҷ лыкапан иацлоит, кьылаки 455 грамми дҟалахьеит.

Ҩ-кьылак рҟынӡа даннеилак ахәышәтәырҭа дылырҩаауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0