Аԥсуа студентцәа зыжәҩахыр иҵакыз

© Sputnik / Evgenya NovozheninaАстудентцәа, архивтә фото
Астудентцәа, архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа школқәа рҟны аурыс бызшәа арҵара атехнологиа автор Татиана Рогачева ажьырныҳәа 25 рзы илхыҵит 85 шықәса. Татиана Андреи-иԥҳаи иареи реиҩызара ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит ААУ апедагогика акафедра аиҳабы Алексеи Касланӡиа.

Sputnik, Владимир Бегунов.

Астудентцәа рымшныҳәа, Татиана лымш аҽны Татиана Рогачевагьы иазгәалҭоит лиубилеи. Ари машәырны иҟалаз акакәымзар ҟалап. Татиана Андреи-иԥҳа лыԥсҭазаарагьы астудентцәа ирыдҳәалоуп. Аԥсуа школқәа рҟны аурыс бызшәа арҵараз лара еиқәлыршәаз атехнологиа алоуп иахьагьы ашколқәа рҟны аҵара шырҵо.

Ҩышықәса раԥхьа ААУ аҟны лусура аанлыжьит. Лара уа апедагогикеи аԥсихологиеи ркафедра адоцентс дыҟан. Лусура шаанлыжьызгьы Алексеи Касланӡиа иажәақәа рыла, иахьагьы астудентцәа лылаԥш рхуп.

"Татианеи сареи ҳаибадырит ииасыз ашәышықәса хынҩажәижәабатәи ашықәсқәа рзы. Лара усҟан Аԥсны Аҵара аминистр лхаҭыԥуаҩыс дыҟан. Татиана еснагь илыдлыԥхьалон лара лҟазшьақәа змаз, зҵара-дырра ҭбааз ауаа", — иҳәоит иара.

Татиана Рогачева иахьагьы аԥсуа школқәа рҟны аурыс бызшәа рызнагашьа азҵаара гәыгәҭажьны илымам. Лнапы иҵылгахьеит ҩынҩажәа рҟынӡа методикатә усумҭа. Иахьатәи ҳарҵаҩцәа есыҽны рхы иадырхәоит урҭ аусумҭақәа, лабжьагарақәа.

Касланӡиа иажәақәа рыла Татиана ллекциақәа еснагь астудентцәа гәахәара дула ирыдыркылон.

"Татиана лнапхгарала акыр рҵага шәҟәы ҭыҵхьеит. Лара лхаҭагьы зеиӷьыҟам рҵаҩуп. Астудентцәа рҵаҩык иҳасабалагьы даара ҳаҭыр лықәырҵон. Ларгьы дара лымҵәыжәҩа иҵакны илыман. Игәыгәҭалыжьуамызт", — иҳәоит Касланӡиа.

Татиана Рогачева иахьа уажәраанӡагьы ареспубликаҟны иналукааша ҟазаны дшьоуп, дырҵаҩ дууп.

Ажәабжьқәа зегьы
0