"Есть только миг" захьӡыз афотоцәыргақәҵа Аҟәа иаатит

© Sputnik / Томас Тхайцук"Есть только миг" захьӡыз афотоцәыргақәҵа Аҟәа иаатит
Есть только миг захьӡыз афотоцәыргақәҵа Аҟәа иаатит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ДжәР (ДНР) аҟынтәи апрофессионалтә фотоҭыхыҩцәа рфотоцәыргақәҵа мҩаԥысит Аҟәа ауаажәларратә еиҿкаара "Донецкая Республика" аԥшьгарала, Аԥсны аҿартә политиказы Аҳәынҭеилакы адгыларала.

АҞӘА, жәабран 1 — Sputnik, Бадри Есиава. ДжәР (ДНР) аҟынтәи апрофессионалтә фотоҭыхыҩцәа рфотоцәыргақәҵа "Есть только миг" мҩаԥысит Аҟәа ауаажәларратә еиҿкаара "Донецкая Республика" аԥшьгарала, Аԥсны аҿартә политиказы Аҳәынҭеилакы адгыларала. Ацәыргақәҵа анапхгаҩы Мариа Андрианова ишылҳәаз ала Аԥсны ацәыргақәҵа амҩаԥгара аидеиа цәырҵит ДЖәР (ДНР) адагьы егьырҭ атәылақәа рҟынтәгьы ироуа ианалага ашьҭахь.

Мариа Андрианова инаҵшьны иазгәалҭеит афотосахьақәа аибашьра аамҭаз ишыҟаҵоугьы урҭ ишырныԥшуа аҭынчра, анасыԥ, аҳалалра. Аиҿкааҩцәа рҿаԥхьа хықәкны иқәгыламызт Донецк ауааԥсыра ргәаҟрақәа раарԥшра.

© Sputnik / Томас ТхайцукФотография на выставке "Есть только миг" в доме детского творчества "Айнар"
Фотография на выставке Есть только миг в доме детского творчества Айнар - Sputnik Аҧсны
Фотография на выставке "Есть только миг" в доме детского творчества "Айнар"

"Арҭ аусумҭақәа аибашьра иалиааит, аха ҳара иаҳҭаху агәыӷреи аҭынчреи, аччаԥшьи анасыԥи раарԥшроуп ҳара зынӡагьы иаҳҭахӡам алаӷырӡи ахьааи раарԥшра", — лҳәеит Мариа.

Афоторепартиор Викториа Иванченко еиҭалҳәеит афотосахьақәа аконкурс шьаҭа рыманы ишалыркаауаз. 250 усумҭа рҟынтәи иалхын 30.

"Сара сгәаанагарала афотосахьақәа даара ибзиоуп. Ишыжәбо еиԥш фотосахьакгьы аибашьра атәы аҳәом, аибашьра атема иазкым", — лҳәоит Викториа.

Лара иара убасгьы иазгәалҭеит Донецк ауааԥсыра аҭынч ԥсҭазаара ишазыԥшу, аибашьрагьы иаарласны еилгап ҳәа ишгәыӷуа.

© Sputnik / Томас ТхайцукФотография на выставке "Есть только миг" в доме детского творчества "Айнар"
Фотография на выставке Есть только миг в доме детского творчества Айнар - Sputnik Аҧсны
Фотография на выставке "Есть только миг" в доме детского творчества "Айнар"

Афотоцәыргақәҵа аартра далахәын Аԥсны аҿартә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Алиас Аҩӡба. Иара иазгәеиҭеит ари апроект шраԥхьатәим.

"Аҵыхәтәантәи аамҭазы ДЖәР (ДНР) ҳареи активла аус еицаауеит. Ирацәаны иазырхианы иҳамоуп апроектқәа. Асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа еснагь аинтерес рыҵоуп, иактуалуп. Ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп ацәыргақәҵа аиҿкаара иалахәу зегьы", — иҳәеит Аҩӡба.

Жәлар рырҿиара Ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиа иҳәеит ацәыргақәҵа "Есть только миг" агәахәара ду шинаҭаз, иагьшџьеишьаз, избанзар иара дазыԥшын аибашьра атематика.

© Sputnik / Томас ТхайцукФотография на выставке "Есть только миг" в доме детского творчества "Айнар"
Фотография на выставке Есть только миг в доме детского творчества Айнар - Sputnik Аҧсны
Фотография на выставке "Есть только миг" в доме детского творчества "Айнар"

"Оумашәа избеит, сагьеигәырӷьеит, избанзар афотосахьақәа ирыҵызбаауа аҭынч ԥсҭазаароуп", — иҳәеит иара.

Ацәыргақәҵа аартра аофициалтә хәҭа хыркәшахеит Донецктәи ашәаҳәаҩ Екатерина Тиупова лықәгыларала. Лара иналыгӡеит ашәа "Есть только миг". Нури Кәарҷиа Донецктәи ашәаҳәаҩцәа ааԥхьара риҭеит есышықәса Аԥсны имҩаԥысуа аконцерт "Дружба без границ" ахь. Ааԥхьара гәахәарыла ирыдыркылеит асасцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0