АҞӘА, жәабран 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥшьаша, жәабран 16 рзы Аԥснытәи аҵаратә усҳәарҭақәа рҟны аҵаратә процесс аанкылахоит ҳәа ҳкорреспондент иалҳәеит Аԥсны Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Медеиа Ченгьелиаԥҳа.
"Иахьа шьыжьы инаркны аҵаратә процесс мҩаԥысуан, аха афымцалашара андырцәа ахәыҷқәа рыҩныҟақәа рахь иоуҳажьит. Иҳаӡбеит уаҵәгьы ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи аркызарц", — лҳәеит Ченгьелиаԥҳа.
Асоура иаҟәымҵыр, ашәахьанӡа аҵаратә процесс аанаҳкылоит, лҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.
Жәабран 14-15 раахыс Аԥсны ахы-аҵыхәа асоура ԥымккәа иаҿуп
Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба идҵала иаԥҵоуп Аԥыза-министр Беслан Барцыц зхадараҿы дыҟоу аоперативтә штаб, иҟалар зылшо аҭагылазаашьа ҷыдақәа ишалшо ала аҭыԥ рықәҵаразы.