Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik
– Борис Шаликәа-иԥа 36-шықәса раԥхьа, Аԥснытәи амилаҭтә библиотека ихьӡ ахҵан, ашәҟәыҩҩы, раԥхьатәи аԥсуа роман автор Иван Папасқьыр. Ҳара иаҳҭахын еилаҳкаарц иахьа уи ихьӡ зху абиблиотека аусура атәы. Аха уахь ҳаиасаанӡа, маҷк иара ихаҭара шәазааҭгылар ҳҭахын, арадио Sputnik иазыӡырҩуа даҿазныкгьы дыргәаладыршәар ҳҭахын Иван Папасқьыр.
– Жәабран 17 Амилаҭтә библиотека азы ныҳәа дууп. 1981 шықәса рзы, Аԥсны АССР ҳминистрцәа реилазаара ирыдыркылаз ақәҵарала, раԥхьатәи аепикатә роман зҩыз Иван Папасқьыр ихьӡ абиблиотека иахырҵеит. Амилаҭтә библиотекеи Аԥсуаҭҵааратә институти хыбрак аҿы еицыҟан. Ахыбра ҿыц ҟалеит 1980 шықәса рзы, уахь ҳаниас, ахыбра бзиа аныҟала, адгылара анаиу, аколлектив ааԥхьара ҟарҵеит раԥхьаӡа Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа зырҭаз Папасқьыр ихьӡ абиблиотека иахызарц. Усҟан Баграт Шьынқәба Аԥснытәи АССР иреиҳаӡоу апрезидум деиҳабын, ианидыргала, дацхрааны Иван Папасқьыр ихьӡ ахырҵеит абиблиотека. Ҳара гәҭакыс иҳамоуп, хыбрала, техникала еиқәыршәаны иҟаҵоу Амилаҭтә библиотека аҟны Иван Папасқьыр имаҭәарқәа, икьыԥхьтә машьына, истол, иҭасԥыҳә, ифотосахьақә уҳәа ахьыҟало амузеи аартра. Иара убраҟа иааҳарԥшыр ҳҭахуп аԥсуа шәҟәы аҭоурыхгьы. Уи ус унадххыланы иузыҟаҵаӡом, уа иаҭахуп ахатәы специфика.
– Иван Папасқьыр идҳәалоу, ихьӡ зҳәо амаҭәарқәа шәызҭада, ишәыцхраада ари аус аҿы?
– Амаҭәарқәа иара иҷкәын иҳаиҭеит. Ашәҟәыҩҩы иҭаацәа рыҩны инрыжьырц рҭахызгьы амаҭәарқәа, амузеи анеиҿкааха иҳарҭоит, избанзар урҭ реиқәырхаразы аҭагылазаашьақәа аԥҵахоит. Урҭ амузеи шыҟало анраҳа, аҩны аҵкыс уа иҟазар ауп ҳәа агәаанагара роуит, амаҭәарқәа рхыԥхьаӡара хаҭәаауеит. Ҳара Иван Папасқьыр ихьӡ камыршәкәа, ихьӡ зҳәо аматериалқәа еизаҳгалоит. Иара убас, ҳгәы иҭоуп ари амузеи ашҟа аекскурсиақәа реиҿкаара.
– Иван Папасқьыр иҩымҭақәа реиҭаҭыжьрақәа ыҟоума иахьа?
– Хымԥада, ашәҟәыҩҩы ироман "Аԥҳәыс лыпату" еиҭа иҭыжьтәуп. Аԥсны иааҭыҵхьоу ашәҟәқәа зегьы рҟынтәи жәынтә еиҭаҭрыжьхьеит ари ароман урысшәала. Тиражла иугозар, 278 нызқь екземплиар ҭыҵхьеит. Ароман акыр бызшәақәа рахь еиҭагоуп. Аҩымҭа "Ҭемыр" ала ахы акит ароман ажанр аԥсуа литератураҿы. Убри аҟынтәи, аԥсуа литератураҿы иара илагала акыр ирацәоуп. Сынтәа 105 шықәса ҵуеит Иван Папасқьыр диижьҭеи. Ари аиубилеи азгәаҳҭоит, уаҟа иқәҳаргылоит ашәҟәыҩҩы инапы иҵыҵыз арҿиамҭақәа, иахьа иуԥымло.
– Ашәҟәыҩҩы ииубилеи азгәаҭареи уи ихьӡ зху амузеи аартреи еиқәшәыршәома?
– Амузеи аартра еиҳа изаахоит, аиубилеи ҳазыԥшӡом, сгәы иаанагоит рашәарамза ма ԥхынгәы амзақәа руак азы амузеи ааҳартып ҳәа. Уаҟа еиҿкаахо акәакь аԥсуа шәҟәы аҭоурых иазку аҟны иааҳарԥшуеит раԥхьатәи аԥсуа нбан анҭыҵ инаркны анаҩсан иҭыҵқәаз ашәҟәқәа маҷымкәа.