Арсаул Приморское иазыхынҳәит

© Sputnik Томас ТхайцукПроект "Абхазия глазами молодежи".
Проект Абхазия глазами молодежи. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар реизара имҩаԥнагеит аилатәара. Аилатәараҟны ақәҵара рыдкылан ақыҭа Арсаул ахьӡ Приморское ҳәа иԥсахзарц.

АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Жәлар Реизара абызшәатә политикеи адемографиеи реилак ахада Валери Кәарҷиа ҳкорреспондент аинтервиу иҭо иҳәеит Арсаул ақыҭа ахьӡ Приморское шазырхынҳәу.

Иара убри аан уи иашам ҳәа иазиԥхьаӡоит аҵарауаҩ.

ВалериКәарҷиа иажәақәа рыла Арсаул – ақыҭа аҭоурых хьӡоуп, иара раԥхьатәи аԥсышәалатәи ахсаалаҟны (1912ш.) иануп.

"Ахсаалаҟны иануп ахьӡ – Арсаул – ҳәа", — иҳәоит аҵарауаҩ.

"Ахьӡ Арсаул ашьаҭақәа акыр иҵаулоуп. Кавказ ажәа "аул" зехьынџьара рхы иадырхәоит. Арсаул уаанӡа Аацы иалан", — иҳәоит иара.

XIX ашәышықәса анҵәамҭа инаркны 1925 шықәса рҟынӡа ақыҭа Петропавловское ахьӡын, нас — Приморское.

"1948 шықәсанӡа ақыҭа Приморское ахьӡын, нас ақырҭцәа дара рыхьӡ ахьӡырҵеит» — иҳәеит иара.

Апроект рыдызгалаз адепутат Дмитри Гәынба иажәақәа рыла, иара иахь инеиит Арсаул ауааԥсыра рынхарҭа уаанӡатәи ахьӡ аздырхынҳәырц азы аҳәара ҟаҵауа.

"Арзаҳал рнапы аҵаҩуп 700-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Дара ргәаанагарала "Приморское" ахьӡ еиҳа иалашьцылоуп, иҭоурых хьӡуп ҳәа иршьоит", — иҳәеит Гәынба.

Арсаул Приморское ахьӡ иазыхынҳәырц рыбжьы рҭиит 18 депутат, 4-ҩык уи иаҿагылеит, ҩыџьа рыбжьы рымҭиӡеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0