Sputnik, Сырма Ашәԥҳа
Езель иабшьҭра Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҭоурых аҿы еицырдыруа уаауп. Иара диит 1961 шықәсазы Ҭырқәтәыла, Енегиоль ақалақь аҿы. Иаб Џьиҳаҭ Ҭырқәтәыла раԥхьа иаадыртыз абанк еиҳабыс даман.
"Сара сабду Қьаазым Аԥснынтә ахҵәара иақәшәақәаз дреиуоуп. Ҭырқәтәыла Ҵабалаа ирхылҵшьҭроу ахьынхо Енегиоль еиқәханы иҟоуп ҳажәлантәқәа еидызкыло Қаҩаа рқыҭа. Саб аԥсшәа бзиа ибаны далацәажәон, саныхәыҷыз исзеилкаауамызт уи закә бызшәаз", — ҳәа иҳәеит Езель.
Сҭампыл, Босфортәи анџьныртә университет далгеит, анаҩс атеатралтә ҵараиурҭа дҭалоит Америка. Уи нахыс арекламатә фильмқәа аус рыдыиулон, иҩуан, иҭыихуан. Аамҭаказы, Ҭырқәтәыла атеатр аҿы дыхәмаруан, режиссиорсгьы дыҟан. Жанрла еиуеиԥшым афильмқәа аԥыиҵоит.
1996 шықәса рзы раԥхьаӡа иҭыихыз акомедиатә фильм Tabutta Rövaşata, Ҭырқәтәыла анҭыҵ аԥхьахә иаԥсахеит. Уи Ҭырқәтәылазы игәадуран, избанзар амилаҭтәи жәларбжьаратәи афестивальқәа рҟыны ахатә ҭыԥ ааннакылеит, амилаҭтә титул иаԥсахеит.
"Егьырҭ иҭысххьоу афильмқәа ракәзар, ақәҿиарақәа рымоуп, бзиа ибаны иахәаԥшуеит. Уи сара сзы насыԥ дууп. Урҭ еиҭаргахьеит англыз, афранцыз, анемец уҳәа атәым бызшәақәа рахь. Ҭырқәтәыла иҟоу ателехәаԥшратә каналқәа рҟны, саԥҵамҭақәа ахархәара рымоуп", — ҳәа азгәеиҭеи тЕзель Ақаҩба.
Иԥсадгьыл Аԥсны иазку афильм аҭыхра, аԥхьаҟатәи игәҭакқәа ируакуп. Акырӡа гәаҳәарас имуп ҳабдуцәа зныҵыз Аԥсныдгьыл абара.
"Нас иҟасҵаша еиҳа сарманшәалоит. Схатәы бызшәала сгәы ишаҭаху сахьзымцәажәо, даара игәнызгоит, сацәыԥхашьоит. Сара саб убриаҟара аԥсшәа бзианы идыруан, Аԥснынтә аԥсыуак дбаны аԥсышәала сышзимацәажәаз идырыр, цәгьа игәы инархьрын. Аха, ус сақәнаршәеит аҭагылазаашьа. Аԥснынтә аԥсыуак уарлашәарла акәзаргьы данызбо, сымш хаҭәаауп ҳәа исыԥхьаӡоит, аҭоурых амч ӷәӷәоуп, шьҭахьҟа уазхьанарԥшуеит", — ҳәа иҳәеит Езель.
Хымԥада, Аԥсныҟа анеира игәы иҭоуп. Иашьцәа-аԥсуаа ҳамҭас ирызнеигарц иҭахуп аԥхьахәқәа згахьоу ифильмқәа. Мышкызны урҭ рахьтә акык-ҩбак аԥсуа бызшәахь еиҭагахап ҳәа агәаанагара имоуп. Аԥсуа чысқәа даара бзиа ибоит.
"Лассы-лассы абысҭа сеилаҳауеит. Аԥсуа хәқәа даара пату рықәуп ара. Ҳазланхо амилаҭ пату ҳақәырҵоит. Ҳарҭ ибзианы иаҳдыруеит ҳахьыҟазаалакгьы ҳара ҳшаԥсацәоу. Сыԥсадгьыл гәыблыла саднакылап, сыԥсҭазаараҿы исхамшҭуа ахҭысқәа срықәшәап. Сгәыӷрақәагь еицакрым. Хәыцрашәкы сеимаркуеит абыржәы", — иҳәеит Езель.
Уԥсадгьыл гәакька умбакәа, уи афҩы хаа умаҳакуа, ухьаагара амцабз зыхҽӡом.