Sputnik, Сырма Ашәԥҳа
Сара Аԥсныҟа сааит аибашьра ианалага мчыбжьык ааҵуаны. Сҩызцәеи сареи арахь ҳазлаара амҩа ҳашьҭалеит, егьаҳаӡбеит ҳхықәкы наҳагӡарц. 40-ҩык инареиҳаны агәыԥ еидкыланы, Аԥсныҟа иаақәаз сыруаӡәкуп. Ишыжәдыруа еиԥш, аибашьраҿы доусы иҳалшоз ала ҳуалԥшьа наҳагӡеит. Раԥхьа Гәдоуҭа ҳааит. Гагра усҟан аибашьра цон. Ҩымчыбжьа инарзынаԥшуа Гәдоуҭа ҳаҟан.
Анаҩс, абџьарқәа ҳарҭеит, ҳҩызцәа ҳашьцәа излаҳалшоз ала ҳрыдгылеит. Аибашьра еибашьроуп, уи иацуп хырԥашьа змам аԥсҭбарақәа. Сара исгәалашәо аибашьра иадҳәалоу ахҭысқәа рацәоуп. Гәдоуҭа аешьаратә нышәынҭраҿы анышә иамадоуп Ҭырқәтәылантәи еибашьра Аԥсныҟа еицаақәаз ҳахьтә ҳҩызцәагьы. Урҭ рхы-рҿы лашақәа сара ҩынҩықәра нысҵыргьы исхашҭуам. Шрома раԥхьатәи ажәыларахь ҳанца, Ефқан Цыба даҳцәыршьит.
Уи раԥхьатәи ԥсҭабаран Ҭырқәтәылантәи иааз арԥарцәа рахьтә. Гәдоуҭа, Ведаҭ Кәаӡба инапала ижит Ефқан инышәынҭра. Аха, Ефқан иҭаацәа иҟарҵаз аҳәарала, иԥсыбаҩ Ҭырқәтәылаҟа иргеит. Убас еиԥш иалҵит аҵыхәтәаны, Ведаҭ инапала иижыз анышәынҭра иара изқәаҭыԥны иҟалеит. Усҟан Ведаҭ ибжьы ҭыганы абас еиԥш иҟаз ажәақәа иҳәеит: "Аибашьраҿы сҩызцәа рахьтә аӡәыр акыр ихьуазар, сара сакәхааит. Сара сакәхааит абраҟа изҭыԥхаша…" Кәачара ахақәиҭтәраан Аԥсны Афырхаҵа Баҳадыр Абаӷба ӷәӷәала дырхәит, Ведаҭ Кәаӡба иоуз ахәра иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит.
Снапаҿы дыԥсит. Даараӡа ихьаауп аибашьра адәаҿы уҩыза данувыршьаауа. Ведаҭ иԥсыбаҩ ҳаманы Гәдоуҭаҟа ҳааит. Акультура ахан аҿы мышкы дыкҿан. Исцәыуадаҩуп урҭқәа зегьы реиҭаҳәара…
Тамшь, ԥхынгәымзазы адесант ҳацны ҳаӡхыҵит. Аҷкәынцәа даараӡа ирацәаҩны иаҳцәырхәит, иҳацәҭахеит усҟангьы. Аԥсҭазаараҿы зегь лахьынҵак-лахьынҵак рымоуп. Ахаҵа зыԥсадгьыл зыхьчаз, ишырҳәо еиԥш ԥсра иқәӡам. Мчыбжьык Цагера ҳаанхеит.
Абжаҩык мрагыларатәи афронт аҿы инхеит, егьырҭ мраҭашәараҟа ҳхынҳәит аверталиот ала. Иуадаҩуп аибашьра иадҳәалоу ахҭысқәа ргәаларшәара, аха хымԥада иаҳхашҭыргьы ҟалаӡом. Уи зегьы иахьатәи аҭынч ԥсҭазаара, уаҵәтәи аԥеиԥш лаша акәын изызкыз. Адунеихаан уаҳа аибашьра ҟамлааит, еснагь аҭынчра ыҟазааит. Аԥсуа жәлар ирхыргахьоу агәаҟра азхазааит. Ҳазнысыз аҭоурыхтә мҩа ҳхамшҭуа, ҳԥеиԥш лаша ҳазықәԥо, ҳақәгәырӷьо ҳазшаз иҳаҭәеишьааит.
Ҭырқәтәыла ҳаныҟаз Аԥсны аӡбахә хымԥада иҳаҳауан. Ицоз-иаауаз рацәаҩын. Урҭ рыла ажәабжьқәа ҳдыруан, ҳалаԥш еснагь ҳҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихан. Иаҳдыруан ҳабдуцәа, ҳабацәа арантә иқәҵны ишцаз. Ҳаиҳабацәа уи еснагь иаҳзеиҭарҳәон, аҭоурых ҵабыргны ишырзымдыруазгьы.
Сара сабду иаб иоуп Аԥснынтә ахҵәара иақәшәаз. Ҵабалынтә ихырҵәаз дрылан. Ҭырқәтәыла иахьнанагаз ақыҭагьы Ҵабалаа иреиуаз роуп инхаз. Бурса азааигәара иҟоуп ҳара ҳқыҭа Мезиҭ. Сара схәыҷы аахыс аҩны аԥсуа бызшәа саҳауан. Сҭаацәа аԥсышәала акәын ишеицәажәоз.
Саргьы ибзианы издыруеит схатәы бызшәа ҳәа исыԥхьаӡоит. Сара сыжәлантәқәеи сареи аибабара ҳабжьоуп, ацәгьеи абзиеи рҿы ҳаидгылоуп. Агәахәа алысхуан аҿар рхатәы бызшәала ицәажәалар, аԥсуара ныҟәыргалар. Уи ҳара акырӡа ҳарԥшӡоит.
Аибашьра ашьҭахь сара исыӡбеит Аԥсны сынхарц, ара аҭаацәара аԥысҵарц. Анцәа иџьшьаны сразҟы смеижьеит. Аибашьра ашьҭахь аҭагылазаашьа егьа иуадаҩзаргьы, уи ҳаиааир акәын, избанзар уи ԥсҭазааран. Мызки ҩымзи ицоз аибашьраҟны, рыԥсҭазаара ахҭынҵаны ҳашьцәа ҳаԥсадгьыл ахақәиҭра аназаарга, ҳара даҽакала ҳхы мҩаԥаҳгар залшомызт. Иахьа саӡәыкны сазгәыдууп сабдуцәа рыдгьыл аҟны сахьынхо, сыхшара абра иахьрызҳауа, сыуаажәлар сахьрылагыло, сыԥсыргьы снышәнап сыԥсадгьыл аҟны иахьыҟало.
Уи ишазгәышьуаз рдунеи рыԥсахит ҳаиҳабацәа. Знык рыԥсадгьыл алакҭа инҭаԥшындаз, нас иԥсындаз, џьанаҭ имцагәышьоз…
Аԥсуа дахьыҟазаалакгьы ԥсадгьылк ауп имоу, уи иахьӡуп Аԥсны!