Ашәҟәы "Сухумская крепость" аӡыргара мҩаԥысит

© Sputnik Авидзба БадракАшәҟәы "Сухумская крепость" аӡыргара
Ашәҟәы Сухумская крепость аӡыргара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажәеинраалақәа реизга еиднакылоит 19-ҩык аԥсуа поетцәа аурыс бызшәахь еиҭагоу рҩымҭақәа.

АҞӘА, хәажәкыра 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ааигәа Москва ақалақь аҟны иҭыҵыз аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа еизызго ашәҟәы "Сухумская крепость" аӡыргара мҩаԥысит иахьа Аԥсны амилаҭтә библиотека аҟны.

Ашәҟәы еиднакылоит 19-ҩык аԥсуа поетцәа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҭрыжьыз ражәеинраалақәа, аурыс бызшәахь еиҭагоу рҩымҭақәа.

Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу ишазгәеиҭаз ала, аԥсуа литература адунеиаҟны Асовет Еидгыла аамҭазы излардыруаз аиҭагақәа рыла акәын. Уи иахьагьы акрызҵазкуа ак акәны ахәаԥшра шаҭаху.

"Иахьатәи амш аԥсуа милаҭтә культура аизҳара, аӡыргара, аҿиара аҟны шьаҿа бзианы иҟоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ашәҟәыҩҩцәа реидгылақәа жәларбжьаратәи реилазаара, ҳәа Москва иҟоуп. Убри жәаф ҳәынҭқарра рхаҭарнакцәа аҵанакуеит. Уаанӡа Асовет Еидгыла иаҵанакуаз аҳәынҭқаррақәа раԥхьа инаргыланы, иара убас Европа атәылақәа рахьынтә аиҿкаара иалоуп", — азгәеиҭеит уи.

Ари аизга аҭыҵрагьы зыбзоуроу Ашәҟәыҩҩцәа реидгылақәа жәларбжьаратәи реилазаара ауп, иҳәеит Аԥҳазоу.

Апоет, Аԥсны Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа иажәақәа рыла, иҭыҵыз ашәҟәы аҩаӡара акыр иҳаракуп.

"Ишыжәбо еиԥш, гьамала, пату ақәҵаны ашәҟәы ҭыжьны ҳнапы иадыркит абысҟатәи аԥсуа поетцәа рҩымҭақәа аурысшәахь еиҭаганы. Аамҭа злауадаҩу ала, ҳаимадарақәа даараӡа излахьанҭоу ала ас еиԥш ашәҟәы аҭыжьра мариаӡам, ахаҵгылара ӷәӷәа аҭахын, аиҭагақәа еидкылатәын", — иҳәеит Занҭариа. 

Авидеонҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра

Ашәҟәыҩҩы Теренти Ҷаниа ашәҟәы аҭыҵра даара дшеигәырӷьаз иҳәеит.

"Сара идуӡӡаны иҭабуп ҳәа расҳәоит абри ашәҟәҭыжьра аус еиҿызкааз, раԥхьа иргыланы Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы, нас Москва ацхыраара ҳазҭоз зегь", — иҳәеит уи.

Ажәеинраалақәа реизга ианылеит: Гьаргь Гәыблиа, Платон Бебиа, Мушьни Миқаиа, Теренти Ҷаниа, Мушьни Лашәриа, Витали Амаршьан, Валери Касланӡиа, Геннади Аламиа, Рушьбеи Смыр, Владимир Занҭариа, Сергеи Агындиа, Игор Хәарцкиа, Вахтанг Аԥҳазоу, Енвер Ажьиба, Анатоли Лагәлаа, Гәында Кәыҵниаԥҳа, Гәында Сақаниаԥҳа, Заира Ҭҳаиҵыҟәԥҳа, Дмитри Габелиа рҩымҭақәа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0