Аԥсуаа ажәытә аахыс иазгәарҭоит аԥсуаа рытрадициатә милаҭтә культура иаҵанакуа аныҳәа – хәажәкыра. Аҵарауаҩ, аетнолог Валери Бигәаа иҳәеит, аԥсуаа ажәытә аахыс иазгәарҭоит аԥсуаа рытрадициатә милаҭтә культура иаҵанакуа аныҳәа – хәажәкыра.
"Аԥсуаа ретнографиаҟны цқьа иҭҵаам аныҳәақәа иреиуоуп – хәажәкыра. Жәабранмза анынҵәо ихырқәшахоит аиҭарныҳәақәа — Жәабран ныҳәа ала. Хәажәкыра март мза аныҩагыло иақәшәоит, иазгәарҭоит шәахьыла. Уигьы аҵакы ду амоуп", — иҳәеит иара.
Хәажәкыра ааԥынра агәашә азааныртуеит, ҳәа иԥхьаӡоит аҵарауаҩ.