Хәажәкыра ҟарҵоит жәабран ашьҭахь раԥхьатәи ашәахьаҽны. Алаҳәыра хәажәкыра асимволқәа ируакуп. Аԥсуаа рыԥсҭазаараҿы аҵиаа — ахәажәа аҵак ду аман, избанзар рынхара рынҵыра иара иадҳәалан. Раԥхьатәи аамҭақәа рзы ишышны иҟарҵоз ақәацәқәа, аԥацхақәа, аҩнқәа зегьы еиҳараӡак излырхуаз ахәажә быца акәын.
Ахәажәа иара убас аҽаҩра бзиа аиура, анасыԥ, аманшәалара иадырҳәалон. Иаҳҳәап аныҳәа хәажәкыра аныҟарҵоз ахәажәа иалхны анасыԥ-ҵәы ҳәа изышьҭаз аҵә хәыҷы ҟарҵон. Егьырҭ аныҳәақәа рҿгьы ахәажәа даара аҵак ду амоуп, ҳәа азгәалҭеит Шамԥҳа.
"Иаҳҳәап жәабран аан ахәажәа бӷьы ижәны ахәышҭаараҿы ирӡуа амгьал иаҵарҵоит, хыхьгьы иақәырҵоит. Хәажә ныҳәа ҳәа изышьҭоу аныҳәаҿы иҟарҵоз ачыс хадагьы ахәажәа ҳәа азырҳәоит. Ахәажә ныҳәарақәа еидкыланы хәажәкыра ҳәа иашьҭоуп", — лҳәеит Шамԥҳа.
Аетнолог лажәақәа рыла, хәажәкыра аныҳәа ақьырсиан ҿбаара ианыҵало иақәшәоит. Уи изкуп аарыхра анцәахәы Аиҭар. Аԥсуаа есымша рыфатә иацклаԥшуан, ирдыруан, аӡыни ааԥыни ирфашаз, аԥхыни ҭагални ифатәыз зегьы. Убарҭқәа традициала ишьақәыргыланы ирыман. Убри аҟынтә агәабзиарагьы аизҳарагьы рыман, агәамчгьы рызҭан. Аныҳәа – хәажәкыра иаалырҟьаны иҟалаз акы акәӡам. Уи аамҭа аҽанашәаны ишьақәгылеит. Хәажәкыра жәабран иашьҭанеиуеит. Иара ҟалоит аӡынра анҵәамҭазы.
"Жәабрангьы иамоуп иара ахатәы аамҭа. Жәабран аныҟарҵалак ашьҭахь хәажәкыра ҟарҵоит ааԥыни аӡыни анеилыҵуа аамҭазы. Ари ижәытәӡатәиу ныҳәароуп, ҳқьабзқәа иртәуп. Ақьырсианра иатәу аҿбаара ианадырҳәало ыҟоуп, аха иара ижәытәӡатәиу ритуалуп. Ақьырсианреи аԥсылманреи Аԥсны иаанӡагьы акыр шықәсқәа раԥхьа имҩаԥыргон ари аныҳәа", — лҳәеит Шамԥҳа.
Хәажәкыра захьӡу иҟарҵоз ахәажәа — ахәажәҵәы алаҵаны иахьыҟарҵоз азоуп. Иҟалон ахәажәҵәы зықәшәаз ихәажәҵәы аҩы ианаладыршәуаз, ма аҟәыд ианаларҵоз. Хәажәкыра асимволқәа ацуп: амза, амра, акалакәыт, алаҳәыра (ступка), ахәажәа (конусообразная липешка). Хәажәкыра ҟарҵоит Жәабран ашьҭахь раԥхьатәи ашәахьаҽны амзаҿа ангыло. Аԥсуаа иныҟәырго абарҭ аныҳәақәа ажәытәтәи амзар иадҳәалоуп, ҳәа азгәалҭеит Шамԥҳа.
"Амза асимвол — амза аназҳауа, аиаҵәара аара ианалаго иазкуп. Амра — амч аиуа иалагоит, аԥсабара ҿиоит, адгьыл арԥхоит. Акалакәыти алаҳәыреи еицуп. Урҭ арыц агәылхреи, аҿырпреи, аҟәаҟәареи ирыдҳәалоуп.
Ахәажәа – ажәытә ахәыӡ шыла, ачашыла, аш, ашыла еилаԥсаны иҟарҵон. Арҭ зегьы еиларыԥсон ашықәсан аҽаҩра бзианы аҟаларц азын. Уаанӡа аҳәсақәа амхахьы иргаӡомызт. Аши ахәыӡи анаадрыхуаз ахацәа ракәын аус адызулоз. Ианыҟалалак ирхны, еидҳәаланы иааргон. Аҩны ианааргалак нахыс аԥҳәыс лакәын аус адызулоз, изрыцқьоз, ашылагьы злагоз лара лакәын", — лҳәеит Шамԥҳа.
Аетнолог лажәақәа рыла, алаҳәыра – арыц аныдрыцқьоз изҭарыԥсоз ауп. Акалакәыт алаҳәыра арыц ҭаԥсаны изласуаз, излагәылырхуаз ауп. Анаҩстәи аамҭақәа рзы аџьықәреи анцәырҵ излаҿдырпуаз ауп. Аԥш алаҳәыра иҭарыԥсон, акалакәыт ала иасны иҿдырпуан. Абарҭ асимволқәа зегьы адгьыл ақәаарыхра, алаҵара аамҭа иадҳәалан.
Аныҳәа хәажәкыра анымҩаԥырго аҽны арҭ асимволқәа зегьы рсахьа амажәа иалхны иҟарҵоит: амра, амза, акалакәыт, алаҳәыра. Ахәажәақәа аҭаацәа рыцыԥхьаӡа хԥа-хԥа цыра ҟарҵоит, руак ахәажәҵәы агәыларҵоит. Алаҳәыра аныҟарҵо амажәа аарҟьаҟьаны арыц хыхь иақәыԥсаны иҟарҵоит, ус ишыҟоу иржәуеит. Алаҳәыра асахьа змаз акы акәын иҟарҵоз. Акалакәыт асахьа зырҭоз аҩнаҭаҿы аҳәса заҟаҩык ыҟаз аҟара ҟарҵон, даҽа цыракгьы ацырҵон.
"Амреи амзеи рсахьа змоугьы акака роуп иҟарҵоз. Абарҭ зегьы ирмазеины ианалгалак аишәа ашә азааигәара џьара идыргылон уахь иқәырҵон. Ахырҵәы, ахырҵәыӡҩа, ацха, ацхаӡҩа, аҩеиқәаҵәа ықәдыргылон. Ахәылбыҽхарахь инеиуа ианалагалак аамҭазы аҩнаҭа аиҳабы аишәаҿы днеины ацәашьы аркны раԥхьа Анцәа ду диҳәоит, нас Аиҭар диҳәоит, анаҩс Алышькьынтыр, Амра, Амза, Анаԥа-нага, Аҽышьашьана зегьы хаз-хазы дрымҵаныҳәоит. Ныҳәарак далган егьирахь даниасуа иику ахәажәақәа хԥа аганахь иқәиҵоит, даҽа хԥа шьҭихуеит.
Амреи амзеи рахь ихы анирхо ишьҭихуа дара рсахьақәа заҵәык роуп. Иара дныҳәаны даналгалак игылоу аҭаацәа зегьы "Амин" рҳәоит. Анаҩыс, дасу рхәы рзыршоит. Ахәы аныршоз алаҳәыреи акалакәыти аҳәсақәеи аҭацацәеи ирырҭон. Амзеи амреи иԥыҟҟаны ахәыҷқәа ирырҭон", — лҳәеит Шамԥҳа.
Инга Шамԥҳа излазгәалҭаз ала, зегьы ирыцуп хԥа-хԥа хәажәа. Убасҟан аӡәы ахәажәҵәы иқәшәоит, уи агәырӷьара, ашәаҳәара, акәашара ацын. Асас иқәшәар иара адырҩашықәсан ҳамҭак иман даар акәын. Уаҟа иҳәон ҽааны аџьма, ашәишәи, ма даҽакы иааиго закәу. Аныҳәара анымҩаԥыргоз ашьтәа ршьуазар ахаҵа иакәын иныҳәоз, акгьы рымшьуазар, ма рбаӷьк ршьуазар аҩнаҭа иреиҳабу аԥҳәыс лоуп иныҳәо.
Хәажәкыра гәырӷьарала, хәмаррала, ччарала инҵәон. Иҟан уи ауха иаԥшуазгьы.
Аԥсуаа еснагь аԥсабареи дареи еидҳәалан, шаҟа амырхуаз аҟара арҭар рҭахын. Убри азын анаҳәарақәа рацәаны иҟарҵон. Арахә-ашәахә рныҳәа жәабран лыԥхала ҳӷыҵысит, ари нахыс ҳмарымажаны ҳҟалааит ҳәа ианныҳәалак ашьҭахь ҿыц аизҳара иалагоз аиаҵәара, адгьыл ақәаарыхра, алаҵара аамҭа ааиуан. Убри иазкын хәажәкыра аныҳәа. Хәажәкыра аныҳәа ала еилыҵуан аӡыни ааԥыни, ажәларгьы анхара напы адыркуан.
Хәажәкыра еиҳарак ақьырсианра анышьақәгыла аҿбаара аҵалара иақәшәо иалагеит. Аԥсуаа мшаԥынӡа акәац рфаӡомызт, арахә ирыгын, насгьы ауаҩытәиса ицәеи ижьи аҽарыцқьоит ҳәа иԥхьаӡан. Уи аамҭазы ирфоз изызҳауаз аиаҵәара акәын.
Амшаԥы ҟалаанӡа иҟарҵоз аныҳәарақәагьы ыҟан, урҭ зегьы раасҭа иалкаау иацклаԥшны иҟарҵоз чачхадыл акәын. Чачхадыл аныҟарҵо аиаҵәара мацара иалхны аишәа дыргылоит. Уи иахьа уажәраанӡагьы еиқәханы иҟоуп, иҟазҵогьы рацәоуп. Абасала амшаԥы рҽазыҟарҵон, аҿбаарагьы ныҟәыргон, нас еиҵыхны амшаԥы азын аишәа рхианы иаԥылон.
Аԥсуаа еиламырсӡакәа иҟарҵоз рқьабзқәа, рҵасқәа еиқәдырхоит аԥсуа идоуҳа, икультура, ихаҿра, ихаҭара зегьы. Уи аилагарагьы атәым культура алаӡҩароуп хырхарҭас ишьҭнахуа, убри аҟнытә ирызхьаԥшлатәуп, иныҟәгалатәуп аԥсуа ҵасқәеи ақьабзқәеи.