Уасил Аҩӡба: Заур Аҩӡба ибзоураны аԥсуаа аспирантура аҭалара рылшеит

© SputnikАԥсуа нбан
Аԥсуа нбан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абызшәаҭҵааҩы, аԥсуа бызшәа аспециалист, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорс иҟаз Заур Ҳақы-иԥа Аҩӡба мшаԥымза 3 аҽны иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 80 шықәса.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

"1980–тәи ашықәсқәа рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет иалгоз аԥсуаа аӡәы-ҩыџьа аспирантура иҭарҵозгьы, Заур Ҳақы-иԥа Аҩӡба ихаан жәаҩыла аспирантура алгаразы алшара рыиҭеит. Иахьа, ҳабиԥара иаҵанакуа аҵарауаа реиҳараҩык аспирантурахь изышьҭыз Заур Ҳақы-иԥа иоуп", — абасала дигәалаиршәоит абызшәаҭҵааҩы Заур Аҩӡба, уаанӡатәи Аҧсуаҭҵааратә институт аиҳабы Уасил Аҩӡба.

Уасил Аҩӡба иажәақәа рыла, Заур Аҩӡбеи иареи еибадырит 1984 шықәсазы.

"Ауниверситет раԥхьатәи аректор Зураб Анчабадзе иԥсҭазаара далҵит, уи инаҩсан, хымԥада ауниверситет аректор даҭахын. Усҟан ишыҟаз ала аиҳабыра даарышьҭит имаҵура амҩаԥгаразы. Ус Заур Ҳақы–иԥа дааит, аусура далагеит лекторк иаҳасабала", — ҳәа иҳәеит аҵарауаҩ.

Уи аамҭазы ирацәаны уҳәан сҳәан рҳәон Заур Ҳақы–иԥа изы, ҳәа игәалаиршәоит Уасил Аҩӡба, уи усҟак дҵарауаҩым, амаҵура изныҟәгоума ҳәа ацәажәарақәа ыҟан. 

"Ауниверситет саналга ашьҭахь уи ашықәсан ауниверситет аҟны аусура салагеит. Усҟантәи аамҭазы ишыҟаз ус акәын аспирантура аҭаларазы акырӡа аџьабаа рбон. Ҽнак зны даасыԥхьан, ус иҳәеит "Ауниверситет иалгаз аԥсуаа, ачкәынцәа аӡӷбцәа иудыруа аспирантура иҭаларц зҭаху ацхыраара рысҭоит. Уара еиҳа урзааигәоуп, аӡәыр рыӡбахә узыҳәоума, ҳәа. Ари аҩыза сызыԥшӡамызт, усҟан аспирантура аҭаларазы аԥсуаа рзы иуадаҩын", — ҳәа ациҵеит иара.

Заур Ҳақы-иԥа Аҩӡба адиссертациа анихьча ашьҭахь еиуеиԥшым амаҵурақәа рыҟны аус иуан. Аха анаука уи аҟара инапы алакымызт. Ара даҽа мзызкгьы ыҟан, уи иара ибзианы дыздыруаз зегьы ирдыруеит ила цқьа иабаӡомызт, уи аҟынтә анаукаҿы аус иуратәы инарҵауланы аҭагылазаашьа имамызт.

"Шықәсқәак раԥхьа, аинститу аҟны напхгаҩыс саныҟаз, Лидиа Чкадуаԥҳа илҳәеит "абри идиссертациа бзианы иҩуп, иҭыжьтәуп" ҳәа. Уи аҭыжьразы апроблема ыҟан, избан акәзар атранскрипциақәа ыҟоуп, алатиницала иҩу ыҟоуп, урҭ зегьы акьыԥхьраҿы ауадаҩра ыҟан, ажәакала ҳадхалеит. Сара уи аусумҭа иснарбаз уи ауп, абызшәадырыҩцәагьы ирҳәоит уаҳа зҭахым ҵарауаҩын ҳәа, рыцҳарас иҟалаз иизацымҵеит умҳәозар", ҳәа азгәеиҭеит уасил Аҩӡба.

Заур Аҩӡба –абызшәаҭҵааҩы, аԥсуа бызшәа аспециалист, далгеит ҚАУ Кавказтәи абызшәақәа рыҟәша. Аус иуан Горки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҿы рҵаҩыс, ҚССР АР абызшәа аинститут аспирантура далгоит, дыҟан апартиа Аҟәатәи ақалақьтә комитет амаӡаныҟәгаҩыс, апартиа Гәдоуҭатәи араионтә комитет актәи маӡаныҟәгаҩыс, Аԥснытәи аобком апропагандеи агитацеи рыҟәша аиҳабыс, апартиа Аҟәатәи ақалақьтә комитет 2-тәи маӡаныҟәгаҩыс, 1984-1988 ашықәсқәа рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорс.

Ажәабжьқәа зегьы
0