Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабыс далхуп Валери Кәарҷиа

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Жәлар Реизара аиҳабыс далхуп Валери Кәарҷиа
Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабыс далхуп Валери Кәарҷиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаша, мшаԥымза 12 рзы Аҟәа имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент афбатәи ааԥхьара раԥхьатәи аилатәара.

АҞӘА, мшаԥымза 12 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ахаша, мшаԥымза 12 рзы Аҟәа имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент афбатәи ааԥхьара раԥхьатәи аилатәара. Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабыс далрхит Валери Кәарҷиа. Абри атәы ааицҳауеит аҭыԥ аҟынтәи ҳкорреспондент.

Рауль Ҳаџьымба Апарламент афбатәи ааԥхьара раԥхьатәи аилатәараҟны адныҳәаларатә ажәа иҳәеит - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба адепутатцәа адгылара шриҭало атәы иҳәеит

Валери Кәарҷиа изы рыбжьы рҭиит 20-ҩык адепутатцәа, 10-ҩык адепутатцәа иҿагыланы рыбжьы рҭиит, абиуллетенқәа 4 ԥхасҭатәын.

Апарламент адепутатцәа раԥхьатәи реизара далахәын атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба.

Апарламент аиҳабыс ҳәа ркандидатурақәа ықәыргылан хҩык: Валери Кәарҷиа, Баҭал Табаӷәуа, Илиа Гәниа. Илиа Гәниа икандидатура ықәигеит, апарламенттә усураҿы аԥышәа сымам ҳәа мзызны иҟаҵаны.

Валери Кәарҷиа диит 1946 шықәса жәабранмза 10 рзы, Тҟәарчал. 1964 шықәса рзы ашкол даналга ашьҭахь дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә институт. 1969 шықәса рзы аусура далагоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны. 1970–1971шш. рзы Асовет ар рҟны аррамаҵзура дахысуан. 1975–1980шш. рзы Аԥснытәи анаука-ҭҵааратә институт алексикологиа аҟәша аусзуҩыс дыҟан. Иара убри аамҭазы Ҟабарда-Балкариатәи ауниверситет аҟны аспирантура далгоит.

Г.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп. 2003 шықәса рзы Москва, абызшәадырра Аинститут аҟны адоктортә диссертациа ихьчоит.

Апарламент ааԥхьарақәа хԥа дырдепутатуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0