Арда Ашәба: ҳара динк ҳаҿагылаӡом, аиҭанаиааира бзиа ҳамоуп

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАмшаԥ ныҳәа
Амшаԥ ныҳәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амшаԥ ныҳәа аҵакы, аԥсуаа рытрадициақәа уи ишаныԥшуа дырзааҭгылоит аҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Арда Ашәба.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

- Амшаԥ ныҳәа мҩаԥызго ақьырсианцәа рацәаҩуп ҳәарада. Нас, иҟоума ҳмилаҭтә традициақәа ахьаныԥшуа азгәаҭақәа?

— Аԥсны ақьырсианра адин аднакылеижьҭеи акыр шықәса ҵуеит, 6-тәи ашәышықәса раахижьҭеи. Гәыла-ԥсыла дара иртәушәа ирыдыркылаз хымԥада иамоуп ажәлар иртәу атрадициақәа. Ақьырсианра ныҟәызго, ааигәа изауз, мамзаргьы ашәышықәсақәа раԥхьа изаузгьы, изықәныҟәо аԥҟарақәа ыҟоуп.

Изготовление сыра - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чыс агьама: ачаҩыри аҭубари рыҟаҵашьа

Аԥҟарақәа рнаҩсгьы иҟоуп ажәлар рҳәамҭа, азнеишьа, Анцәа ахаҵара зныԥшуа азыҟазаашьа. Аԥсуаа ирымҳәои "сузӡатәуп" ҳәа.  Аӡатә ажәа ахаҭа иаҳәеит, мамзаргьы аӡәы уиқәымчны иуҳәозар, "укыдҵан усшьып" ҳәа. Иаҳҳәап: арафы, ацәашьы, абџьар — аб иџьар. Ус еиԥш ҳаԥсуа бызшәа иалоу акырӡа ирацәоуп. Ҳара ҳхатәы анаҳамхӡеит, ҳхатәгьы еиқәҳархеит. 

Аԥсуаа иныҟәаҳго аныҳәақәа рацәоуп аха, ақьырсиан ныҳәа — Мшаԥы Аԥсны инхо дарбанзаалак, даԥсыуаз, даԥсыуамыз, дқьырсианыз, дқьырсианымыз зегьы иазгәарҭоит. Ҳара динк ҳаҿагылаӡом, аиҭанаиааира бзиа ҳамоуп, аихаҵгылара ҳамоуп. Убри аҟынтә, уи ахаангьы еимакык аманы иҟамлаӡац. 

- Ажәлар рҳәамҭа шәаҿыԥшны ишәҳәозар, ақьырсианра закузеи?

— Ажәлар рҳәамҭа ҳаҿыԥшыр акәхоит, усҟан наҟ ҳагәыланахалоит. Аԥсуаа ирҳәоит, "Ауаҩ бзи иакәым, алаҵәҟьа хашхәашуеит", ҳәа.  Ахашеи ахәашеи ала акрафаӡом. Избан, иаанагои? Ахаша — Анцәа иԥа Иаса Қьырса данырҭииз ауп, ахәаша-данкыдырҵаз ауп. Амҽыша — агылара амш ауп. Ирымҳәои, аԥсрахьы уцоума? ҳәа. Сымцакәа дсыргылара сыҟоуп ҳәа. Уи иаҳәо уи ауп, сара Иаса Қьырса сакәӡам, сахьнеиуа дысзыргылаӡом. Сара сцара хадаӡам, ихадоу ауаҩы инеироуп, аргылара зылшоу ҳәа. Уи иаҳәоу сара сынцәам ауп.  

- Амшаԥ ныҳәа шԥазгәарҭо, рышԥаҽазыҟарҵо? Ақьырсианцәа ҳазлареиԥшуи, ҳазлареиԥшми?

— Ҳазлареиԥшу — Аныҳәара, аӡы аӡаахра ала. Амшаԥ иатәу амзар аҽаԥсахӡом, аԥсуаа ҳҟны ус иҟоуп. Ақьырсиан иаша хаҵара иқәныҟәо, ҳаргьы ҳақәныҟәоит. Убри аҟны ҳаиԥшуп. Ҳзымҵаныҳәо Анцәа иоуп. Ҳашиҳәо ԥсышәазар, аԥҟарақәа иаԥҵоу аханатә еиламхәакәа иҟоуп. 325 шықәса рзы Пицундатәи аепископ дызлахәны имҩаԥгаз, ирыдыркылаз аԥҟарақәа роуп. Уа Анцәа хаҵара, асимволқәа ыҟоуп. Уаанӡа аԥсы дыҟазтгьы, анаҩс аџьар ҟалеит. Ҳуахәамақәа рыргылара, рҿы архашьа, мамзаргьы еиқәханы иахьа уажәраанӡа иҳамоу закәытә доуҳатә мчу, апсуа хьӡқәа, ақьырсиан хьӡқәа шыҟоу. Аԥсны аҟара аԥшьаҭыԥ ахьыҟоу даҽа тәылак ыҟамзар ҟалап. Убриаҟара ақьырсиантә традициақәа аныԥшуеит. Адингьы иаҿагылаӡом, аха рхатәгьы пату ақәырҵоит. 

Аныҳәара - Хәажәкыра - Sputnik Аҧсны
Инга Шамԥҳа: хәажәкыра гәырӷьарала, хәмаррала, ччарала инҵәон

Ҳазлареиԥшым хымԥада иҟоуп. Иаҳҳәап, аурысқәа ирымазар "блины" ҳәа, ҳара иҳамоуп аҽакала — ацқьашә. Ачгара иҵалаанӡа ауаҩы ихы дақәиҭтәны дшыҵалаша атәы аҳәоит, ус ахьӡ нхеит. Ацқьашә аанҵәан, хәажәкыра ыҟоуп. Хәажәкыра — амшаԥ ныҳәа аналаго, ачгара ианыҵало амш азоуп. Аԥсуаа убриаҟара пату рзақәуп, ржәытә дингьы рҿатәгьы еиқәдырхеит. Ачгара ианыҵо аамҭазы аӡатә ҟарҵаӡом, акәырбан рықәырҵаӡом, ашьа карҭәаӡом. Уи иаҳәо адин ҳаҭыр ақәҵароуп. 

Хәажәкыра — ахәажә ҵәы аҳампал иагәылаҵаны, ашә агәылам, акәац алам, ахәша амам. Уи иаҳәоу уи ауп, уажәшьҭа ачгара ҳаҵалт ҳәа. Избан, ахәажә аҵәы загәыларҵои? Аԥсуаа ҳфольклор аҟны еиқәхаз легендак атәы ҳҳәозар, хаҵак машәырла ргәы аанибархан дыршьит, хҩык ахәыҷқәа иман, аԥҳәыс деибаны дынхеит. Ахәыҷқәа рызҳаит, аҽԥныҳәа рырҭо иалагеит "шәаб ишьа шәымуази, уиаҟара шәхацәазар" ҳәа. Абри хьымӡӷыршьан ран илазҵааит, ҳаб дызшьыз ҳабҳәароуп ҳәа. "Нан, сшәыкәыхшоуп, шәаҟәыҵ, уи аамҭа цахьеит", лҳәеит.  

Лара ԥҳәыс ҟәышк лакәын, лхатә ҩыза длыԥхеит, аха лыхшарагь машәырк рыхьыр ҳәа дшәан, убас еиԥш лыӡбеит: "Шәааи, нан, сшәыкәыхшоуп, ахәажә аҵәы агәылаҵаны иҟаҳҵап, абри зықәшәо иакәзааит ашьоура зду", ҳәа. Дҟәышымзи лара, лыхшара аӡәы иқәшәар ҳәа дшәаны, лара илықәшәартә иҟалҵеит. Зегь ԥыҽҽуа ишнеиуаз, "нан, изықәшәаз са соуп", лҳәеит. "Аиқәшаҳаҭра ҳабжьан, ҳажәа жәазар, ашьоура зду са сакәзааит", лҳәеит. Лыхшарагьы ран лажәа ҩбарымтәит. "Сара сбыргуп, ашьа зурым, шәара шәсышьҭыр ҳаԥҟара еилагахоит, ианаҳажьып", лҳәеит. Уи ақьырсианраҟны — Прощенное воскресенье ахьӡуп. Анажьра, шәахәаԥш аԥсуаа ҳҟны закә ҵаку иамоу. 

- Иарбан ныҳәарақәоу уаҳа иуԥылоу?

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, афилологиатә факультет адекан Арда Ашәба - Sputnik Аҧсны
Арда Ашәба: аҭацеи абхәеи реизыҟазаашьа акыр ухнахыртә иҟоуп

— Амшаԥ иаҵанакуа ачгара аҟынтә иҟоуп иҵегьы иуԥылоу аныҳәақәа. Иаҳҳәап, аииа-баииа. Аииа — маҷк аҵакы ыӡуа иалагеит. Абаииа — амшаԥ мчыбжьык шагу иҟоу амҽышазы, ашәҭқәа ҟәшәаны иааргоит, уи ашәҭ ахьӡ ауп. Ашәҭ аҩны иҩнарыԥсоит, мчыбжьык иалакьысӡом. Ахәышҭаараҟны акәтаӷь дыркәымпылуеит, хынтә иакәдыршоит, нас ирҷышәуеит. Акәтаӷь есқьынагьы иҭәуп, уи иаанагоу уи ауп, акәтаӷь шҭәу еиԥш, ҳтәы-ҳаԥха ҳҟалааит ҳәа. Акәтаӷь акәҷышь ахылҵуеит, абзара ахылҵуеит. Адамра иҭоу Иаса Қьырса дыбзахараны дыҟоуп азы, акәтаӷь иагәылоу аԥсы ҭаӡам, аҿиара ҳаман, еилшәара ҳамамкәа, ҳҭәы-ҳаԥха Анцәа ҳҟаиҵааит ҳәа рыӡбоит. Акәтаӷь зегь реиҳа иӷәӷәахоит, зегь реиҳа имшуп, зегь реиҳа анарха амоуп. Ахәыҷқәа нас акәтаӷьқәа еинырҟьоит. Амшаԥ аҽазыҟаҵара ауп иаҳәо.

- Ажәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа амшаԥ ныҳәа ишԥаныԥшуеи? 

— Ақьырсианра иаҵанакуа амшаԥы иалахәхоит ажәлақәа, шьоукы абиԥарала, шьоукы жәлала мацара. Амшаԥ аҽны акәтаӷьқәа ршәуеит, еидныҳәалоит. Аха, иаанагои? Ҳажәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа иаԥнаҵаз ахь ухьаԥшыр акәхоит абри закәи, ҳәа.

Иҟан ҩыџьа аишьцәа. Аиҳабы хәыҷык дымҽыӷын, аҭаацәара дахьалалаз, иԥҳәыс лакәу изыхҟьаз, ҳаиҿыҵроуп ҳәа иашьеиҵбы дыхҭеикит. Иашьеиҵбы ҳаб ихәҭа ҳшап иҳәеит. Абора ҽыцк дыргылт, арахә ршоит. Ҽыц идыргылаз иҭало арахә уара иутәызааит, егьи иҭало сара истәызааит иҳәеит аиҳабы. Аиҵбы гәшаҭаҩык иакәын, дазыразхеит. Рацәак ахш змымҵуаз жәы хәыҷык абора ҿыц иҭалт. Рмал ршеит, еилгеит. Аиашьеиҵбы иԥҳәыси иареи еизынхеит, ахшара дроут.

Аԥсуа ҭаацәара. - Sputnik Аҧсны
Аиҳабацәа рыгха ахшара ирхаратәтәым

Анцәа ауаа ԥишәон. Рынхашьа-рынҵышьа гәаҭо дшааиуаз, аиҳабы иҟны днеит. Ус, зеиԥшла даарыдыркылеит, аԥсуа ишиҵасу еиԥш акәымкәа. Аиҵбы иҟны даннеи, ирымаз акәтызаҵәгьы шьны иаԥхьа инықәырҵеит, ҳаҭырла дныҟәыргеит, иҭәы-иԥха иҟазшәа. Данцоз днарықәныҳәан дцеит. Ус аамҭа акыр цеит. Анцәа деиҭааиуеит, абарҭ зеиԥшроу збап ҳәа. Аиҳабы, ҳаилахоуп иҳәан, рацәак диҭахымхеит. Аиҵбы иҟны данааи, ари машаԥаҽноуп, рысаби заҵә дыԥсны дгароуп.

Ҳҵәыуарым, амшаԥ ааилгар иаҳҳәап рҳәеит ргәылацәа раҳаҭыр азы. Ргәырҩа рхәаҽырц рыӡбеит. Иԥшызар, ашҭа дҭалан аӡә дааиуеит. "Бзиала уаабеит", рҳәан инеиԥылт, ихәы-иԥхь ҟарҵеит, гәырҩа змамыз еиԥш инеиԥылеит. Ахәыҷы дгарысхырц, силахәмарырц сҭахуп иҳәеит. Уажәоуп даныцәаз, уиламкьысын, рҳәеит, усҟан дыԥсны дгароуп асаби. Астол иқәгылаз ишәны иҟаз акәтаӷь аақәихын, ахәыҷ иахь инапы анынаирха, ахәыҷы дыбзахан инапы ааирххан иааимихит. Аҭаацәа ирзеилымкааит иҟалаз. Амшаԥ аҵакы, аԥсцәа аныбзахо ҳәа ажәлар рҟны ишьақәдыргылеит. Аԥсуаа ҳҟны амшаԥ иамоу аҵакы, ажәлар рыхдырраҿы ҿырҳәалатәи аҭоурых еимырдоз аҟны еиқәхеит. 

- Арда, иҭабуп ҳаиҽцәажәаразы. Аныҳәа алԥха-агәыԥха ҳамаз!

Ажәабжьқәа зегьы
0