Актәи, аҩбатәи: ашәаӡа нас ашәха

Анапаҵаҩра
Ахш иалху ашәаӡеи ашәхеи рыҟаҵашьа Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан инхо Нанули Кәҵниа-Кәакәасқьыр лҿы еилылкаауан Sputnik акорреспондент.

Ашыжь асааҭ ааба рзы Sputnik акрреспондентцәа Дәрыԥшь ақыҭан Нанули Кәҵниа-Кәакәасқьыр дахьынхо агәараҭа агәашә инадгылеит. Акәтқәа, аҳәарақәа рыбжьы гоит, ақыҭа аԥсҭазаара аилашра иаҿуп.

Аԥшәмаԥҳәыс илҳәоит, сара сыжәқәа асааҭ быжьба рзы исхьоит, ахшлых шьыжьнаҵы исыдыскылоит ҳәа. Ҩынҩажәа шықәса иреиҳауп Нанули Кәыҵниа-Кәакәасқьыр Дәрыԥшь ақыҭан дынхоижьҭеи.

Нанули шьҭрала Очамчыра араион Аҭара ақыҭа датәуп. Гәдоуҭаҟа нхара саауеит ҳәа сгәы иҭамызт, лҳәоит лара. Аԥсуа нхара ишаԥу еиԥш аԥмаԥҳәыс лҭаацәеи лареи ирымоуп акәтқәа, акәҷышьқәа, ажәқәа, аҳәарақәа рацәаны. 

Инарҭбааны ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра

Авидеонҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра

© Sputnik / Илона ХварцкияИахьазы, Нанули хә-жәык лхьоит, ҩажәа литра инеиҳаны ахш лоуеит. Лара ишылҳәо ала, ажәқәа рбара аџьабаа шацугьы, ахшлых уара утәы аныҟоу еиӷьу акгьы ыҟам.
Ахш иалху ашәаӡеи ашәхеи рыҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
1/14
Иахьазы, Нанули хә-жәык лхьоит, ҩажәа литра инеиҳаны ахш лоуеит. Лара ишылҳәо ала, ажәқәа рбара аџьабаа шацугьы, ахшлых уара утәы аныҟоу еиӷьу акгьы ыҟам.
© Sputnik / Илона ХварцкияАԥшәмаԥҳәыс илҳәоит, сара сыжәқәа асааҭ быжьба рзы исхьоит, ахшлых шьыжьнаҵы исыдыскылоит ҳәа.
Ахш иалху ашәаӡеи ашәхеи рыҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
2/14
Аԥшәмаԥҳәыс илҳәоит, сара сыжәқәа асааҭ быжьба рзы исхьоит, ахшлых шьыжьнаҵы исыдыскылоит ҳәа.
© Sputnik / Илона ХварцкияАжәқәа рбара, унапаҿы аагара уадаҩуп, рыгәшәымшә аҳәашьа уақәымшәар ахш урҭом, лҳәоит лара. Дәрыԥшь ақыҭан ҳахьықәынхо арахә рбара уадаҩуп, ҳәа дахашшаауеит аԥшәмаԥҳәыс.
Ахш иалху ашәаӡеи ашәхеи рыҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
3/14
Ажәқәа рбара, унапаҿы аагара уадаҩуп, рыгәшәымшә аҳәашьа уақәымшәар ахш урҭом, лҳәоит лара. Дәрыԥшь ақыҭан ҳахьықәынхо арахә рбара уадаҩуп, ҳәа дахашшаауеит аԥшәмаԥҳәыс.
© Sputnik / Илона ХварцкияАжәқәа зегьы ирзыхьаӡом, рнапаҿы иааиӡом, унацәкьарақәеи умахәҿи ӷәӷәазар ауп.
Ахш иалху ашәаӡеи ашәхеи рыҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
4/14
Ажәқәа зегьы ирзыхьаӡом, рнапаҿы иааиӡом, унацәкьарақәеи умахәҿи ӷәӷәазар ауп.
© Sputnik / Илона ХварцкияАхш зегьы раӡаны аӡхьарша алҭоит, ахш ақаҭәара ҵасӡам ҳәа рҳәоит. Ашьҭахь ахш ацыр алҭоит.
Приготовление первого сыра в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны
5/14
Ахш зегьы раӡаны аӡхьарша алҭоит, ахш ақаҭәара ҵасӡам ҳәа рҳәоит. Ашьҭахь ахш ацыр алҭоит.
© Sputnik / Илона ХварцкияАжә аца сырҩҩоит, абанка ду аҟны ахыз аҵасҭәоит, аџыш цырақәа ҟасҵоит иарцаҳә-цаҳәоит ҳәа, алаҳа амахәқәа хԥа ахәыҷқәа ҭасыршәоит - иарџьбароит ҳәа иԥхьаӡаны, аџьыкхыш асҭоит, ҳәа лҳәоит Нанули.
Ахш иалху ашәаӡеи ашәхеи рыҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
6/14
Ажә аца сырҩҩоит, абанка ду аҟны ахыз аҵасҭәоит, аџыш цырақәа ҟасҵоит иарцаҳә-цаҳәоит ҳәа, алаҳа амахәқәа хԥа ахәыҷқәа ҭасыршәоит - иарџьбароит ҳәа иԥхьаӡаны, аџьыкхыш асҭоит, ҳәа лҳәоит Нанули.
© Sputnik / Илона ХварцкияАхш ацыр анаклакгьы ибаҟаӡа ахырҵәы еиԥш иҟалоит.
Ахш иалху ашәаӡеи ашәхеи рыҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
7/14
Ахш ацыр анаклакгьы ибаҟаӡа ахырҵәы еиԥш иҟалоит.
© Sputnik / Илона ХварцкияНанули Кәыҵниа-Кәакәасқьыр ацыр ахш илымоу азԥхьагәаҭаны блала иҟалҵоит, акгьы лзаӡом.
Ахш иалху ашәаӡеи ашәхеи рыҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
8/14
Нанули Кәыҵниа-Кәакәасқьыр ацыр ахш илымоу азԥхьагәаҭаны блала иҟалҵоит, акгьы лзаӡом.
© Sputnik / Илона ХварцкияҨынҩажәа шықәса иреиҳауп Нанули Кәыҵниа-Кәакәасқьыр Дәрыԥшь ақыҭан дынхоижьҭеи. Нанули шьҭрала Очамчыра араион Аҭара ақыҭа датәуп. Гәдоуҭаҟа нхара саауеит ҳәа сгәы иҭамызт, лҳәоит лара.
Ахш иалху ашәаӡеи ашәхеи рыҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
9/14
Ҩынҩажәа шықәса иреиҳауп Нанули Кәыҵниа-Кәакәасқьыр Дәрыԥшь ақыҭан дынхоижьҭеи. Нанули шьҭрала Очамчыра араион Аҭара ақыҭа датәуп. Гәдоуҭаҟа нхара саауеит ҳәа сгәы иҭамызт, лҳәоит лара.
© Sputnik / Илона ХварцкияАжә анхьалакгьы, мчыбжьык ахш лыдылкылаӡом, нас ианрымшьшьароу аԥшьашьа аҽны илныҳәоит. Ажәқәа рынцәахәы Жәабран "шәрахәымшхааит" ҳәа дрымҵаныҳәоит.
Приготовление первого сыра в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны
10/14
Ажә анхьалакгьы, мчыбжьык ахш лыдылкылаӡом, нас ианрымшьшьароу аԥшьашьа аҽны илныҳәоит. Ажәқәа рынцәахәы Жәабран "шәрахәымшхааит" ҳәа дрымҵаныҳәоит.
© Sputnik / Илона ХварцкияИцәԥсыз ашәаӡа адырҩаҽны еилалҵоит
Ахш иалху ашәаӡеи ашәхеи рыҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
11/14
Ицәԥсыз ашәаӡа адырҩаҽны еилалҵоит
© Sputnik / Илона ХварцкияАшәха аилаҵаразы ачуан аӡы рацәамкәа инҭаҭәаны амца иақәыргылатәуп.
Ахш иалху ашәаӡеи ашәхеи рыҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
12/14
Ашәха аилаҵаразы ачуан аӡы рацәамкәа инҭаҭәаны амца иақәыргылатәуп.
© Sputnik / Илона ХварцкияАӡы аиларшра рацәаны иҟалом, избан акәзар зынӡа ашә тырруа иҟалар алшоит, еиламларгьы ҟалоит.
Ахш иалху ашәаӡеи ашәхеи рыҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
13/14
Аӡы аиларшра рацәаны иҟалом, избан акәзар зынӡа ашә тырруа иҟалар алшоит, еиламларгьы ҟалоит.
© Sputnik / Илона ХварцкияНанули Кәҵниа-Кәакәасқьыр лажәақәа рыла, шаҟа шықәса ахшлых ҟалҵо ашә узымфо лнапаҿы имааиуа иҟамлацт.
Ахш иалху ашәаӡеи ашәхеи рыҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
14/14
Нанули Кәҵниа-Кәакәасқьыр лажәақәа рыла, шаҟа шықәса ахшлых ҟалҵо ашә узымфо лнапаҿы имааиуа иҟамлацт.
Ажәабжьқәа зегьы
0