АҞӘА, мшаԥымза 23 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аҿар бзиа ибаны аԥсуа жәлар рашәақәа нарыгӡоит, абри атәы лҳәеит Ашәаҳәаратә ансамбль "Гәында" асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны Жәлар рартистка Роза Чамагәуаԥҳа.
"Ақыҭақәа рыҟны ашколхәыҷкәа рзы аконцертқәа мҩаԥаагоит, избан акәзаз ахәыҷқәа жәлар рмузыкатә инструментқәа рымбар игәыгәҭыжьхар алшоит. Излаҳалшо ала жәлар рмузыка, жәлар ринструментқәа реиқәырхара ҳашьҭоуп. Аҿар ракәзар бзиа ибаны жәлар рашәақәа нарыгӡоит", — ҳәа лҳәеит Чамагәуаԥҳа.
Ансамбль "Гәында" агострольқәа рахь рцара уажәазы маҷк ихьысҳауп, ҳәа азгәалҭеит лара.
"Агострольтә ԥсҭазаара атәы ҳҳәозар, уи хәыҷык ихьшәашәа иҟоуп. Аха уеизгьы ҳаҟан Маиҟәаԥ, Нальчик, ааигәа ҳхынҳәит Владикавказынтә. Ахьысҳара зыхҟьо амзызқәа рацәоуп, еиҳарак афинансқәа рыҟамзаара ауп", — ҳәа ацылҵеит лара.
Мшаԥымза 17-18 рзы Владикавказ имҩаԥсыуан аҩбатәи Жәларбжьаратәи афольклортә фестиваль "Ирон Фандыр", уи иалахәын ансамбль "Гәында".
"Сааҭк иназынаԥшуа жәлар рмузыкатә инструментқәа арҳәо, ашәа ацҳәо бжьы цқьала, афонограмма ҳҳы иаҳмырхәаӡакәан аконцерт раҳҭеит Владикавказ афилармониаҟны. Ахәаԥшцәеи аиҿкааҩцәеи ибзиангьы ирыдыркылеит", — ҳәа азгәалҭеит Роза Чамагәуаԥҳа.