00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Нури Кәарҷиа: жәлар рашәақәа ауаа рыларҵәара хықәкыс иҳамоуп

© SputnikНури Кварчия
Нури Кварчия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иван Кортуа ихьӡ зху Жәлар рҟазаратә центр аиҳабы Нури Кәарҷиа арадио Sputnik Аԥсны иеиҭаз аинтервиу аҟны дазааҭгылеит агәаҭаратә-фольклортә концерт аҽазыҟаҵара шцо атәы.

АҞӘА, 26 апр – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иван Кортуа ихьӡ зху Жәлар рҟазаратә центр хықәкыс иамоу жәлар рашәақәа реиқәырхара, урҭ рӡыргара, ажәлар рыларҵәара ауп, иҳәеит ацентр анапхгаҩы Нури Кәарҷиа.

"Ажәлар рашәа ари милаҭтә баҟоуп, иматериалтәым культуроуп, ари хымԥада еиқәырхатәуп, иӡыргатәуп, аҿар агәбылра дырктәуп. Аҟәа хәышықәса имҩаԥаагон, аха нас ҳаахәыцын, ҳажәлар Аҟәа мацара акәӡам иахьынхо, ауадаҩрақәа шҳамоу гәаҳҭеит арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны – ауаа жәлар рашәа иацәхьаҵуа иалагеит", — иҳәеит Кәарҷиа.

Уи зырҵабыргуа ҿырԥштәыс иааигеит аҿар жәлар рашәақәа ахьырзымдыруа, инеидгыланы чарак аҿы иахьырзымҳәо.

"Игәашәҭахьазар, аҿар неидгыланы ашәак рзымҳәо аҿынӡа ҳнеихьеит, аҭацаагарашәа аелектронтә музыка ашҟа ииаргеит. Ахра ашәа, Ахәра ашәа шамахамзар аӡәы иҳәо уаҳазӡом", — ҳәа игәы иаланы иазгәеиҭеит Кәарҷиа.

 Нури Кәарҷиа агәра ганы дыҟоуп жәлар рашәақәа ауаа рыларҵәаразы аконцертқәа Аԥсны ахы-аҵыхәа зехьынџьара имҩаԥгалатәуп.

Иван Кортуа ихьӡ зху Жәлар рҟазаратә центр аиҳабы Нури Кәарҷиа арадио Sputnik Аԥсны иеиҭаз аинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

"Ҳажәлар убас иҟоу жәлар рашәақәа ҳзынрыжьит, амилаҭ дуқәа ҳаҵашьыцырц аҟынӡа", — иҳәеит уи.

Ажәлар рашәақәа урхамҵгылар хәыҷы-хәыҷла иӡуеит, ауаа ирхашҭуеит, ус еиԥш аҭагылазаашьа аҟынӡа ҳхы наҳгар ахәҭам, азгәеиҭеит Кәарҷиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0