00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
13 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Ахшара рацәа милаҭтә идеианы: ани адемографи рыҿцәажәара
13:19
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
13 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Ақыҭақәа рзы апаспорт: хәарҭарас иалоу еилаҳкаауеит
13:45
3 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аҿар жәларбжьаратәи рфестиваль иацҵоуп Урыстәыла арегионқәа рҿы: алахәыла лыҿцәажәара
13:49
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
On air
14:17
2 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Актуальный комментарий
В Россотрудничестве объяснили значимость голосования на выборах в Госдуму РФ для Абхазии
14:44
12 мин
Дополнительное время
Сухумский заплыв SwimSukhum - 2026. Разговор с победителем и одним из организаторов соревнования
14:56
13 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Кәасҭа Ченгьелиа: Ражьден Гәымба амелодиа аԥҵара дазҟазан

© Фото : muzkarta.infoАкомпозитор, ашәаҳәаҩ Кәасҭа Ченгьелиа
Акомпозитор, ашәаҳәаҩ Кәасҭа Ченгьелиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акомпозитор, ашәаҳәаҩ Кәасҭа Ченгьелиа, акомпозитор Ражьден Гәымба дигәалаиршәеит.

АҞӘА, мшаԥымза 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ражьден Гәымба ашәақәа рзы амелодиақа раԥҵара даара дазҟазан, бзиа ибон, ибжьгьы ԥшӡан, иҳәеит акопозитор, ашәаҳәаҩ Кәасҭа Ченгьелиа.   

"1960 шықәсазы, сҭалеит Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа, уаҟа иаргьы аҳәынҭқарратә ансамбль аҟны аус иуан, ҳаиқәшәон, аха ҳаидгыланы аусура анҳақәшәа акомпозиторцәа реидгыла аҟны ҳанеиқәшәа ауп. Уаҟа есымша ҳаиқәшәон, иара ак ааигон ҳахәаԥшуан, сара ак назгон иахәаԥшуан, абас ҳаицын", — азгәеиҭеит уи.

Ражьден Гәымба иаԥиҵоз амелодиақәа даара иԥшӡан, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ченгьелиа.

"Усҟан Баграт Шьынқәба иаркы-ирцә ҳәа даныҟа аамҭа акәын, уи иажәақәа рыла Ражьден Гәымба имаҷымкәа ашәақәа аԥиҵеит, иаҳҳәап "Иааирума", "О, сыԥшалас", "Аԥсны лаша сымра тәыла", "Қәачала", — иҳәеит уи.

Ражьден Гәымба дхәыҷаахыс амузыка бзиа ибон, иԥсҭазаара зегьы зыдҳәалазгьы иара акәын, иҳәеит Кәасҭа Ченгьелиа.

"Ражьден Гәымба Дәрыԥшь агәы-ашашара аҟны диит, уи азы афольклор шьҭимхыр, ихы иаимырхәар ҟалаӡом, уани нахыс улымҳа иҭасуа аԥсуа ашәақәа роуми. Насгьы иара акалашәа ашәа иҳәон, ибжьы уамак ала ибзиан. Алаф бзиа ибон, дыхәмаруан ирацәаны", — азгәеиҭеит уи.

Акомпозитор, ашәаҳәаҩ Кәасҭа Ченгьелиа Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Акомпозитор зегьы бзиа дырбон, уаҩышьалагьы, ҟазаралагьы, ҭеиҭԥшлагьы иаарылукаауаз дыруаӡәкын, иҳәеит Ченгьелиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0