Аҟәатәи ажәабатәи ашкол арҵагатә мыругақәа ҳамҭаны иаиуит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи ажәабатәи ашкол арҵагатә мыругақәа ҳамҭаны иаиуит
Аҟәатәи ажәабатәи ашкол арҵагатә мыругақәа ҳамҭаны иаиуит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ажәабатәи ашкол арҵагатә мыругақәа ҳамҭаны иаиуит ашкол аушьҭымҭа, Урыстәыла Ахада Иусбарҭа абжьгаҩ хада Инал Арӡынба иҟынтәи.

АҞӘА, лаҵарамза 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи ашкол ахимиеи афизикеи ркабинетқәа рзы арҵагатә мыругақәа ҳамҭаны иҳауит ҳәа ҳкорреспондент изеиҭалҳәеит ашкол адиректор Аида Кәарҷелиаԥҳа. Аҳамҭа ҟаиҵеит ашкол аушьҭымҭа, Урыстәыла Ахада Иусбарҭа абжьгаҩ хада Инал Арӡынба.

"Инал Арӡынба — ҳашкол доушьҭымҭоуп. Актәи акласс инаркны ара аҵара иҵон. Ашкол ибзиаӡаны далгеит. Даара дҿырԥшыган аҵараҿгьы ашколтә ԥсҭазаараҿгьы. Иаб Баҭа Арӡынба ашкол аҭаацәа реилак напхгара аиҭон", ҳәа еиҭалҳәоит ашкол адиректор.

Лара лажәақәа рыла Инал ааигәа ашкол аиҳабыра дахьрыҿцәажәоз дазҵааит уадаҩрақәаны ирымоу атәы.

"Иара сызлашәыцхраари ҳәа данҳазҵаа ҳара иаҳҳәеит физикеи химиеи акабинетқәа рзы аиқәыршәагақәа ҳҭахуп ҳәа. Арҵаҩцәа ааҳаԥхьеит, ҷыдала иаҭахны иҟоу амаҭәахәқәа алыркаарц. Асиа еиҿаҳкааит. Иахьа аколлектив зегьы ҭабуп ззаҳҳәаша аҳамҭа ҳауит", — лҳәоит Кәарҷелиаԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0