Атеплицақәеи аҵааҭреи: Аԥсны ашыц аиқәырхара апрограмма

© flickr.com / Felix AbrahamАшыц. Архивтә фото.
Ашыц. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститути ауаажәларратә-екологиатә еиҿкаара "Аԥсабареи" аус адырулоит Аԥсны ашыц аиқәырхара апрограммақәа ҩба: атеплицақәа рҟны ааӡареи агәаӷь акыршықәса аҵааркреи.

Арҭ ауснагӡатәқәа шымҩаԥысуа атәы арадио Sputnik аҟны иаҳзеиҭарҳәеит Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбари апроект аменеджер Роман Леибеи.

Sputnik, Владимир Бегунов

Аԥсны ашыц 2012 шықәса рзы ареспублика иаланагалаз амцаԥшь хәаҷа иахҟьаны ақәӡаара ихықәгыланы иҟоуп. Аԥсны 5 000 гектар иахьаҵанакуаз иҟаз ашыц аҟынтәи ахԥатәи ахәҭа ԥхасҭоуп.

Аԥсны аԥсабара ахьчаразы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Савели Ҷыҭанаа: ашыц зфо ахәаҷа Аԥсны "аӷа" амаӡам

Ииасыз ашықәс азы ԥхынгәымзеи цәыббрамзеи рзы ахимиатә хәшәқәа рыла имҩаԥган ашыц аиқәырхаразы ауснагӡатәқәа ҩ-етапкны. Аха аҟазауаа ишырҳәаз ала аҭагылазаашьа дара шақәгәыӷуаз еиԥш аҽеиҭанамкит.

"Ашыцбнарақәа ахәаҷа ишықәнахыц иқәнахуеит. Иара еиқәханы иахьыҟоу аҭыԥқәа рахь уахьзымнеиуа иахҟьаны аус адуларагьы ҳалшаӡом. Уажәы ишыҟоу аусқәа цар абнарақәа рыбжеиҳарак ықәҵуеит", — иҳәеит Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар.

Аҵарауаҩ ишиҳәаз ала амцаԥшьхәаҷа иафо ашыц заҵәык ауп. Иара ахьатәу атәылақәа рҿы иара егьырҭ аҵиаақәеи ашәаԥыџьаԥи афоит. Иара ахаҭа акәзар Аԥсны изфо, иқәызго ҳәа аҽа маҵак ма хәаҷак ыҟам.

Роман Дбар ишиҳәаз ала, уажәы аинститут аҟны иаԥҵоуп алабораториа, уа иашьклаԥшуеит амцаԥшьхәаҷа Аԥсны аекосистема аҽшаланагало. Иара убри аан ашыц агәаӷь аҵааркра мҩаԥыргоит. Иҵаарку агәаӷь 15 шықәса рҟынӡа ԥырхага амамкәа иаанхар алшоит. Аҵарауаа ирыгәҭакуп амцаԥшьхәаҷа ахыԥхьаӡара ашыц иаԥырхагамкәа ианыҟалалак ашыц аиҭаҳара.

Адиректор ҿырԥштәны иааигоит америкатә ахьычԥаԥыр ашьклаԥшра аԥышәа. Уигьы аамҭак азы аԥхасҭа ҟазҵо акәны ишьан. Иахьазы иара шамахамзар иуԥылом. Ахьычԥаԥыр атәыла аекосистема иалалеит, иара иашьҭашәарыцозгьы ҟалеит.

Азиа Риҵа - Sputnik Аҧсны
Ҷыҭанаа: Аԥсны аҳәырԥсаррақәа еиҳа ирацәахоит

"Амцаԥшьхәаҷагьы ус ахьуеит, аха аамҭа аҭахуп. Ҳара ашыц агенетикатә материал аиқәырхара ҳалҳаршароуп", — иҳәеит Дбар.

Ауаажәларра-екологиатә еиҿкаара "Аԥсабара" акәзар абри аамҭазы атеплицақәа рҟны ашыц еиҭаҳаны иахылаԥшлоит.

"Ҳара иҳаӡбеит аиҭаҳатә азҳархиарц. Ашыц аиқәырхара ҳалымшаргьы ма ацхыраара аауп", — иҳәоит апроект аменеджер Роман Леиба.

Иара иажәақәа рыла ари апроект аус аднаулеит аекологиа Аинститут. Аусура иацхраауеит аволонтиорцәа. Аԥаразоужьра мҩаԥнагоит ООН.

Sputnik аинтервиу азҭоз Гәдоуҭа араион абнанхамҩа аиҳабы Геннади Сыҷынаа иҳәеит, ашыц ахәҭак ԥхасҭамхеит, избанзар дара ирықәыз ашыцламшә аҵаҟа аҵла агәыцә еиқәханы иҟоуп ҳәа. Ҩба-хԥа шықәса рышьҭахь ашыц еиҭашьақәгылар ҟалоит ҳәа ишьоит иара.

Роман Дбар уи дзақәшаҳаҭхом. Иара игәаанагарала ашыц аиқәырхара уажә нап алакымзар, аамҭа цоит.

Роман Леиба астудентцәеи ашколхәыҷқәеи ааԥхьара риҭеит аиҿкаара аштаб ахь инеины волонтиорцәас рхы ҭарҩырц (Аҟәа, Сахаров имҩ 71/11).

Ажәабжьқәа зегьы
0