Шамба: Урыстәылеи Америкеи уажәтәи реизыҟазаашьа уадаҩ аамҭалатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАдәныҟатәи аусқәа уаанӡатәи аминистр Сергеи Шамба
Адәныҟатәи аусқәа уаанӡатәи аминистр Сергеи Шамба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Урыстәыла иагәҭакума Польшеи Прибалтикеи ралалара?" ҳәа Европеи Америкатәи аштатқәеи руааԥсыра иразҵааит 2017 шықәса мшаԥымзазы ауаажәларратә гәаанагарақәа реилкаара мҩаԥызго франциатәи аилахәыра Ifop.

АҞӘА, лаҵарамза 25 — Sputnik. Асеиԥш ауаажәларратә гәаанагара алҵшәақәа Адәныҟатәи аусқәа уаанӡатәи аминистр Сергеи Шамба адунеи аҟны имҩаԥысуа Урыстәыла иаҿагыло ариторикоуп изыхҟьо ҳәа азиҳәеит.

"Америкатәи аштатқәа иахьатәи рполитика 1950-тәи ашықәсқәа рзы имҩаԥысуаз "Арупапцәа рышьҭашәарыцара" угәаланаршәоит", — иҳәеит Шамба.

Сергеи Шамба игәаанагарала Урыстәылеи Америкеи уажәтәи реизыҟазаашьа уадаҩ аамҭалатәуп. Иахьазы адунеи аҿаԥхьа ашәарҭарақәа рацәоуп, ус анакәха аусеицурагьы хымԥадатәихоит, ҳәа ишьоит Шамба.

"Урыстәыла иагәҭакума Польшеи Прибалтикеи ралалара?", ҳәа Европеи Америкатәи аштатқәеи руааԥсыра иразҵааит 2017 шықәса мшаԥымзазы ауаажәларратә гәаанагарақәа реилкаара мҩаԥызго франциатәи аилахәыра Ifop.

Азҵаарақәа реихшьаалақәа рыла Италиеи Германиеи руааԥсыра реиҳараҩыки афранцызцәа рыбжаҩыки усеиԥш ҟалоит ҳәа агәра ргом. Иара убри аан ЕАШ инхо 55% ауааԥсыреи Британиа Ду инхо 43% ауааԥсыреи усеиԥш ҟалар ҟалоит ҳәа рҳәеит.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik алоготип - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла аоккупациа ҟанаҵоит ҳәа ишәода

Аҭҵаарақәа рымҩаԥысра ҵаҵӷәыс иаиуит НАТО Урыстәыла Польшеи Прибалтикеи ампыҵанахаларц гәҭакны иамоуп ҳәа иҟанаҵаз аҳәамҭа. Абри аҳәамҭа НАТО ианаҭеит алшара Латвиа, Литва, Естониа рҟны ауааԥсыра рыхьчара ҿарԥаны иҟаҵаны алианс абаталионқәа ԥшьба рыргылара. Абри аҭакс Урыстәыла изныкымкәа аҳәамҭа ҟанаҵеит аӡәгьы иқәлара агәы ишҭам азы. Урыстәыла ААР Сергеи Лавров иакәзар иазгәеиҭеит НАТО усеиԥш ҟалашьа шамам бзианы ишадыруа, аха Урыстәыла аҳәаақәа рзааигәара ар рыргыларазы амзызқәа шаԥшаауа.

Италиа, Германиа, Франциа НАТО иҟанаҵаз аҳәамҭа агәра ргом аиҳарак аиҳабыратә абиԥара иаҵанакуа, иреиҳау аҵара змоу ауаа.

Иара убри аан Британиеи Америкеи НАТО иҟанаҵаз аҳәамҭа агәра ргоит аиҳарак аиҳабыратә абиԥара иаҵанакуа, иреиҳау аҵара змоу ауаа.

Азҵаарақәа мҩаԥысуан: Франциа, Британиа Ду, Германиа, Италиа, ЕАШ. Иразҵаан 4 000-ҩык рҟынӡа ареспондентцәа. Тәылацыԥхьаӡа 800-ҩык рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0