00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥснытәи аделегациа алахәуп Петербург имҩаԥысуа аекономикатә форум

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАекономика аминистрра аделегациа алахәуп Петербург имҩаԥысуа аекономикатә форум
Аекономика аминистрра аделегациа алахәуп Петербург имҩаԥысуа аекономикатә форум - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аекономика аминистрра аделегациа алахәуп Петербург имҩаԥысуа жәларбжьаратәи аекономикатә форум. Афорум мҩаԥысуеит рашәарамза 1-3 рзы.

АҞӘА, рашәарамза 1— Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Аекономика аминистрра аделегациа алахәуп Петербург имҩаԥысуа жәларбжьаратәи аекономикатә форум. Афорум мҩаԥысуеит рашәарамза 1-3 рзы. Аԥсуа делегациа гәҭакны иамоуп афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны аиԥыларақәа рымҩаԥгара, ҳәа радио Sputnik Аԥсны иазааицҳаит Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

"Аԥснытәи аделегациа иалахәуп: адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, аинвестициатә маҵзура адиректор Алмас Ҭаниа, Аекономика аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Георги Берзениа, сара. Ҳара иазыԥхьагәаҳҭоит Урыстәылатәи ҳколлегацәа рԥылара", — иҳәеит иара.

Афорум мҩаԥысуанаҵы Аԥснытәи аделегациа алахәхоит апленартә еилатәара, астол гьежьқәа, аекономикатә зҵаарақәа хылаԥшра рызҭо амчратә органқәа рԥылара, абизнес-уаажәларра рԥылара.

Петербургтәи жәларбжьаратәи афорум мҩаԥысуеит 1997 шықәса раахыс. Арҭ аамҭақәа рыла афорум аекономикатә зҵаарақәа ахьырыӡбоу адунеизегьтәи ҭыԥны иҟалеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0