Гәдоуҭатәи "Риҵа" Гиви Агрба игәаларшәара иазкыз атурнир аҟны аиааира агеит

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГәдоуҭатәи "Риҵа" Гиви Агрба игәаларшәара иазкыз атурнир аҟны аиааира агеит
Гәдоуҭатәи Риҵа Гиви Агрба игәаларшәара иазкыз атурнир аҟны аиааира агеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гиви Агрба игәалашәара иазку ашьапылампыл азы атурнир мҩаԥысит Аҟәа. Иара иалахәын Аҟәа, Гәдоуҭа, Афон ҿыц рҟынтәи ашьапылампылтә командақәа.

АҞӘА, рашәарамза 01 — Sputnik, Бадри Есиава. Гиви Агрба игәалашәара иазку ашьапылампыл азы атурнир мҩаԥысит Аҟәа. Иара иалахәынт Аҟәа, Гәдоуҭа, Афон ҿыц рҟынтәи ашьапылампылтә командақәа. Атурнир мҩаԥысит Ареспубликатә стадион "Динамо" аҟны ахаша, лаҵарамза 31 рзы.

Гәдоуҭатәи "Риҵа" Гиви Агрба игәаларшәара иазкыз атурнир аҟны ииааиит 4:2 ҳәа. Урҭ "Динамо-Сухум" иацыхәмаруан. "Динамо-Сухум" аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит. Ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит акоманда "Афон" ахәмарыҩцәа, аԥшьбатәи Аҟәатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә школ ахәмарыҩцәа. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ашьапылампылтә команда "Динамо-Сухум"азыҟаҵаҩ Мераб Кәакәасқьыр.

Аԥсны Афырхаҵа, Аинрал-леитенант Гиви Агрба диит мшаԥымза 4 1937 шықәса рзы. 1972 – 1974шш. рзы аус иуан Аԥснытәи АССР Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны. 1974 – 1979шш. рзы КПСС Аԥснытәи обком административтә органқәа рыҟәша даусзуҩын. 1979 – 1992шш. рзы Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны еиуеиԥшым анапынҵақәа неигӡон.

1992 шықәса рзы Аԥсны аҩныҵҟатәи ар рполк акомандаҟаҵаҩыс далхын. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра раԥхьатәи амш инаркны абџьар икын. Дрылахәын Шроматәи, Ииультәи, Сентиабртәи ажәыларақәа. Гиви Агрба аибашьра ашьҭахь аҳҭнықалақь акомендантс дыҟан, дыҟан Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩыс, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс, Ашәарҭадара амаҵзура ахантәаҩыс. Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба ианашьан аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара. Гиви Агрба иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 27 2014 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0