Ҭарба: сынтәа ачаи аҟалара рацәаны ҳазыԥшуп

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДаур Ҭарба Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ачаи ахыхра ишалагаз.
Даур Ҭарба Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ачаи ахыхра ишалагаз. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ачаи ахыхра ишалагаз.

АҞӘА, рашәарамза 01 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 2017 шықәса рзы ачаи аҟалара ҳазыԥшуп аҽа аамҭанык еиԥшымкәа, 1100 тонна рҟынӡа иҳәеит Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз.

2016 шықәса рзы ареспубликаҿы еизган 650 тонна ачаибӷьы.

"Аибашьра ашьҭахь ариаҟара ачаибӷьы ҿаҳамхыцызт. Абри аусхк аҟны ауаа акыр аџьабаа рбоит аҭагылазаашьа шьақәгыларц", — иҳәеит аминистр.

Ареспублика иахьаҵанакуа ачаибӷьы ахыхра хацдыркит лаҵарамза 29 рзы. Иҟоу ақәоурақәа ирыҿмырԥшыкәа аҟазауаа ишырҳәо ала аҽаҩра бзиа ҟалароуп.

"Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит зхаҭабзиара ҳараку ачаибӷьы аҿыхразы", — иҳәеит Ҭарба.

Даур Ҭарба Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Аминистр иара убасгьы иҳәеит ачаиҭрақәа амца рылазҵо ауаагьы шыҟоу. Убас Очамчыра араион аҟны 20 гектар рҟынӡа ачаи плантациақәа блуп, Гәдоуҭа араион аҟны 7-10 гектар рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0