Тамбовтәи амаланыҟәарныҟәаҩ Аҟәанӡа дааит

© Sputnik Бадрак АвидзбаГеорги Шелд маланыҟәала Аԥсныҟа ддәықәлеит лаҵарамза 27 рзы
Георги Шелд маланыҟәала Аԥсныҟа ддәықәлеит лаҵарамза 27 рзы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тамбовтәи аобласт, Рассказово ақалақь аҿы инхо, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа реидгыла Георги Шелд маланыҟәала Аԥсныҟа ддәықәлеит лаҵарамза 27 рзы.

АҞӘА, рашәарамза 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Тамбовтәи аобласт, Рассказово ақалақь ауаҩԥсы, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа реидгыла Георги Шелд маланыҟәала Аԥсныҟа ддәықәлеит лаҵарамза 27 рзы. Уи уажәы Аҟәа дыҟоуп ҳәа ааицҳауеит аҭыԥ аҟынтәи Sputnik акорреспондент.

"Реиҳа иуадаҩыз раԥхьатәи амш акәын. Аҩбатәи амш еиҳа исзымариан. Амҩа сашьцылеит", — иҳәеит Шелд.

Иара гәҭакны иман жәымш рыла имҩа дахысырц, аха иара аамшы рыла Аҟәанӡа дааӡеит.

Томбовнтәи амаланыҟәарныҟәаҩ Аԥсныҟа амҩа дықәуп - Sputnik Аҧсны
Томбовнтәи амаланыҟәарныҟәаҩ Аԥсныҟа амҩа дықәуп

"Сгәы иҭан 12 шықәса зхыҵуа сыҷкәын дсыман саарц, аха иара дахнагеит. Саргьы сымҩа еиҳа ирласны сахысит", — иҳәеит иара.

Иааидкыланы Шелд аамш рыла 1500 километра дахысит.

"Аԥсны сара саахьан 2009 шықәсеи 2011 шықәсеи рзы. Усҟан сыԥшәмаԥҳәыси схәыҷқәеи сыцын. Уажәы сара исыӡбеит маланыҟәала арахь саарц", — иҳәеит иара.

Аҟәа уахьналало Георги Шелд прдиԥыларц днеиит Денис Саманба иҩызцәа ицны.

Денис 2016 шықәса рзы Аԥснынтәи Москванӡа маланыҟәала амҩа дахысит быжьмшы рыла.

Тамбовтәи аобласт, Рассказово ақалақь ауаҩԥсы, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа реидгыла Георги Шелд маланыҟәала Аԥсныҟа ддәықәлеит лаҵарамза 27 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0