00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Апроектқәа "Зысасгәашә аарту Аԥсны", "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" ӡырган араионқәа рҿы: алкаақәа
13:04
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
13 мин
Аиҿцәажәара
Афизика арҵаҩцәа рԥышәа еиздырҳауеит: иабанӡацхыраагӡоу еилаҳкаауеит
13:45
3 мин
Аиҿцәажәара
"Аԥшаҳәаҿы анеиааирақәа": итрадициахаз арт-фестиваль Амилаҭтә библиотекаҿы
13:49
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
13 мин
Посредник
Кове о соглашении о сотрудничестве между министерствами культуры России и Абхазии
14:21
4 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
13 мин
Такие обстоятельства
100 лет СЭС Абхазии
14:46
4 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны ашәахтә маҵзура АИН абланкқәа аԥсахуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукДаур Курмазия на заседании кабмина об исполнении Республиканского бюджета
Даур Курмазия на заседании кабмина об исполнении Республиканского бюджета - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
30 зҵаара рҟынӡа ирыхәаԥшын Аминистрцәа реилазаара рашәарамза вопросов 6 рзы имҩаԥыргаз аилатәараҟны.

АҞӘА, рашәарамза 6 – Sputnik, Роберт Џьопуа. АИН (Ашәахтәшәаҩы иидентификациатә номер) (ИНН) абланкқәа рыԥсахра азыԥхьагәанаҭеит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара иаднакылаз Ақәҵара "Аиуристтәи ахаҭалатәи анаплакыҩцәеи ашәахтә ҭаҩра рықәыргылара аԥҟара ашьақәыргыларазы" аҿы.

Ареспублика ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр Даур Кәырмазиа иажәақәа рыла абланкқәа ԥсаххоит ԥхынгәы 1 инаркны ԥхынҷкәын 1 аҟынӡа.

"АИН (ИНН) абланкқәа ԥсаххоит. Ҳара ажәалагала ҟаҳҵеит ашәахтәшәаҩы иаку икод шьақәыргылахарц иарбанызаалак ашәахтәқәеи ауалқәеи ршәараан", — иҳәеит аминистр.

Иара иазгәеиҭеит абланкқәа хәыда-ԥсада ишыԥсаххо, ирласынгьы ишымҩаԥгахо.

Ашәахтәқәа рзы аминистр иара убасгьы ажәахә ҟаиҵеит Ақәҵара "Ахатә наплакыҩцәа рхашәала ашьақәыртәараан рхарџьқәа рышьақәыргылара аамҭалатәи рыԥҟара ашьақәырӷәӷәаразы" аганахь ала.

Иара иазгәеиҭеит аус зуа ахатәхаҿқәа ашәахтә рымхразы азакәан ишазыԥхьагәанамҭо урҭ рхарџьқәа.

Аамҭалатәи аԥҟара иалнаршоит ашәахтә органқәеи ашәахтәшәаҩцәеи рыбжьара иҟоу аимак зҵаарақәа рҭышәныртәалара.

Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны ишьақәырӷәӷәан ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра аколлегиа аилазаара.

Иааидкыланы аилатәараҟны ирыхәаԥшын амшхәаԥштә аҿы иқәгылаз 30 зҵаара.

Ажәабжьқәа зегьы
0