Аполитолог: Трамп ихықәку ЕАШ акорпорациақәа рхашәала аизырҳароуп

Аполитолог Николаи Ҭраԥшь
Аполитолог Николаи Ҭраԥшь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ЕАШ апрезидент Дональд Трамп НАТО алахәыла-тәылақәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит алианс ахь рлагалақәа ирыцырҵарц.

АҞӘА, рашәарамза 8 – Sputnik. Аилахәыра IFop иҟанаҵаз аҭҵаарақәа рыла Европа атәылақәа руааԥсыра рыбжьара ирацәаҩхо иалагеит атәылахьчараз ахарџьқәа рыҳаракра згәамԥхо.

НАТО абиуџьет ахь атәыла-лахәылацәа иаларгалалароуп рбиуџьет аҟынтәи 2%. 2016 шықәса рзы НАТО иҟанаҵаз аихшьаалақәа рыла Германиа НАТО абиуџьет иаланагалаз 1,19% роуп, Франциа — 1,78%, Британиа Ду — 2,21%, Италиа — 1,1 %.

Трамп ааԥхьара ҟаиҵеит ари ахыԥхьаӡара иазырҳарцаз. Аполитолог Николаи Ҭраԥшь иазиԥхьаӡоит ари ааԥхьара Европатәи атәылақәа рзы хәарҭара дук алам ҳәа. Иӷарц атәылақәа аԥара рымамӡам, ибеиоу атәылақәа Урыстәыла аганахь ала ашәарҭар ыҟоуп ҳәа ирыԥхьаӡом.

"НАТО аганахь ала европаа ргәаанагара аԥсахра зыхҟьо Евроеидгыла аԥеиԥш ахьеилкаам ауп, Германиа ауп ахарџьқәа ахахьы изго", — иҳәеит Ҭраԥшь.

График - Sputnik Аҧсны
Ашәарҭадара ахә: иазыхиоума Европа инхо НАТО аԥара азшәара

Ifop имҩаԥнагаз азҵаараҭҵаара инақәыршәаны италиаа (53%), анемеццәа (47%) НАТО ахь алагалақәа рацәацәоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит.

Иара убри аамҭазы афранцызцәа (35%) абританцәа (25%) ирыԥхьаӡоит атәылахьчараз ахарџьқәа ирыцҵатәым ҳәа.

НАТО афинансркра иацҵаны имҩаԥгатәуп ҳәа ирыԥхьаӡоит абританцәа рҟынтәи 54%. Уи иақәшаҳаҭым 44% афранцызцәа, 36% анемеццәа.

Франциеи Британиа Дуи рҟны атәылахьчараз абиуџьет иацзароуп ҳәа ирыԥхьаӡоит аиҳарак аиҵбыратә абиԥара, Германиеи Италиеи – абиԥара еиҳабыра.

Германиеи Италиеи рҟны НАТО азы ахарџьқәа рацәацәоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит иреиҳау аҵара змоу ауаа.

Аполитолог иакәзар, иазиԥхьаӡоит Трамп иажәадгала ззыхәарҭан иҟоу ЕАШ арратә корпорациақәа роуп ҳәа. Европа атәылақәа урҭ акорпорациақәа рҟноуп абџьари атехникеи ахьаархәо.

"ЕАШ апрезидент аҳәамҭа ҟаиҵеит НАТО ҳаамҭатәи бџьарла аҽеиқәнаршәароуп ҳәа. Ус анакәха, европаа иршәо аԥарақәа аҵыхәтәаны изызнеиуа ЕАШ арратә корпорациақәа роуп", — иҳәоит Ҭраԥшь.

Иара иажәақәа рыла НАТО аԥара азшәара згәамԥхо рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа изазҳауа – урҭ америкатәи аекономиа донорцәас иахьыҟоу ахьыргәамԥхо ауп.

Ажәабжьқәа зегьы
0