Кәарҷалиаԥҳа арҵага шәҟәы иазкны: зхы иазырхәаша ҳәа қәрак иҭагӡаны иҟам

© SputnikАбызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы аексперт, ААУ аԥсуа бызшәа акафедра арҵаҩы Ада Кәарҷалиаԥҳа
Абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы аексперт, ААУ аԥсуа бызшәа акафедра арҵаҩы Ада Кәарҷалиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы адгылара анаҭеит аԥсшәа зырҿио ҳәа иԥхьаӡо апроектқәа жәпакы. Ааигәа ихацыркын Гагра араион ахатәы бызшәа аҵаразы акурсқәа, урҭ рзы Sputnik арадиостудиаҟны лгәаанагара лҳәеит абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы аексперт, ААУ аԥсуа бызшәа акафедра арҵаҩы Ада Кәарҷалиаԥҳа.

Sputnik

- Ада Алықьса-иԥҳа иаԥҵоу абарҭ акурсқәа баша хырқьиагас иҟаҵоу, мамзаргьы лҵшәак аазышьҭуа акакәны иҟоуп ҳәа шәахәаԥшуама?  

— Раԥхьаӡа иргыланы арҭ акурсқәа аԥаҳҵеит Ахәынҭқарра ахада иусԥҟала, идҵала. Лассы-лассы иҳазҵаауеит ахатәы бызшәа аҵара аҳәынҭқарратә усбырҭақәа аусзуҩцәа рыла шәзалагеи ҳәа, дара ҿырԥшыгоуп, уи азоуп дара рыла ҳзалагаз. Дара импульс ҳасабала егьырҭгьы иддырбароуп аҳәынҭқарратә бызшәа аҳаҭыр шышьҭыхтәу. 

Аԥсны Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Занҭариа: ахатәы бызшәа аҵаразы еиҿкаау акурсқәа алҵшәа бзиа аанарԥшуеит

- Ирацәоума Гагра араион аҟны абызшәа аҵаразы инеиз рхыԥхьаӡара?

— Уи угәы шьҭызхуа акакәны иҟоуп, избан акәзар убысҟак рхыԥхьаӡара рацәан ахатәы бызшәа аҵаразы инеиз. Шьоукы рзыҳәангьы ари атәым бызшәоуп, аха ирҵарц рҭахуп. 

- Атәым милаҭқәа ҳбызшәа аҵаразы еиҳа азҿлымҳара аадырԥшуашәа агәаанагара узцәырҵуеит зны-зынла.

— Ртәылауаҩратә позициа аадырԥшуеит уи ала. Ҳбызшәа, ҳкультура пату шақәырҵо, иаҳҿырҵаарц ирҭаху шырацәоу аадырԥшуеит. Аиашазы, уи сара пату ақәысҵоит.

- Шәара ааигәа иҭшәыжьит ашәҟәы "Аԥсуа бызшәа: ҩажәа урок" ҳәа хыс иаман. Иара абанӡаманшәалахо аԥсуа бызшәа ззымдыруа ирҵараҿы?

Ада Кәарҷалиаԥҳа Sputnik Аԥсны иалҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

— Хымԥада ицхыраагӡоуп. Раԥхьаӡа ахылыԥшыгас исымаз атәым бызшәақәа рметодика акәын. Урҭ рызнеишьақәа нҭырҳәцааны иҭысҵааит, ҳара иаҳзааигәаз аҽаршьцыларақәа алысхит. Иахьа иҳамоуп ахатәы бызшәа апроблема, уи аӡәгьы ииӡаӡом.

Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы инеиҵыхыз аилатәара аҩаша лаҵарамза 30 рзы имҩаԥысит. - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: аԥсуа бызшәа иахьа ҳанахамҵгыла уаҵәы ихьшәахоит

Аԥсҭазаара ҳаԥхьа иқәныргылоу азҵаарақәа ӡбатәхеит. Жәларбжьаратәи астандартқәа ирықәшәо ҳбызшәагьы еиқәҳаршәар акәын. Убри азы асистема шьаҭа аҭаны абызшәатә ҩаӡарақәа рыла ҳбызшәа еихаҳшеит, егьырҭ амилаҭқәа ишрымоу еиԥш.

Актәи — алагаратә ҩаӡара, аҩбатәи-абжьаратә ҩаӡара, нас инарҵауланы апрофессионалтә ҩаӡара. Ари асистемала абызшәа аныуҵо, мамзаргьы ашәҟәқәа анеиқәуршәо уус арманшәалоит. Избанзар ус зеиԥшла уазнеир ҟалаӡом абызшәа аҵара. Аҳәынҭқарратә университет аҿы сколлегацәеи сареи игәаҳҭеит аԥышәарақәа раан аихшара аныҟам, адыррақәа рыҩаӡара аӡәгьы издырӡом. 

- Ашәҟәы ашколқәра иҭысхьо роума изызку?

— Сара еиҳа ахархәара амазарц аҳәаақәа сырҭбааит. Зхы иазырхәаша ҳәа қәрак иҭагӡаны иҟасымҵеит. Ажәакала, ахәбатәи акласс инаркны атәанчаҩы иҟынӡа рхы иадырхәар ҟалоит ари ашәҟәы. Абызшәа ныҟәызго, алфавит, ацәажәашьа, аԥхьашьа здыруа рхы иадырхәар ҟалоит. 

Ажәабжьқәа зегьы
0