Баҭал Кобахьиа: аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа азинмчрақәа рыҭахоит

© Sputnik Авидзба БадракАԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрраҟны имҩаԥысит аилатәара
Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрраҟны имҩаԥысит аилатәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥшьаша, рашәара 29 рзы Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрраҟны имҩаԥысит арегионқәеи аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәеи рхаҭарнакцәа злахәыз аилатәара.

АҞӘА, рашәара 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа аҳәамҭа ҟаиҵеит акультуратә ҭынха ахьчаразы аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа азинмчрақәа рыҭахоит ҳәа.

"Ареформаҿ зегь раасҭа ихадоу — акультуратә ҭынха ахьчаразы аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа азинмчрақәа ахьрыҭахоу ауп. Акультуратә обиектқәа дара рҵакыраҿ ауп иахьыҟоу, дара рраионқәа рҭоурых иахәҭакуп. Дара роуп иахылаԥшлашагьы. Ҳара иаҭаххар ацхыраара ҟаҳҵалоит", — иҳәеит иара.

Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра имҩаԥнагалоит асеминарқәа аҭыԥантәи амчратә органқәа рхаҭарнакцәа рзы.

Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынхеи рминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа. - Sputnik Аҧсны
Кобахьиа: аҭоурых-культуратә обиектқәа ирхылаԥшлатәуп

"Иахьа имҩаԥысуеит акультуратә ҭынхақәа реиқәырхареи рыхьчареи рхархәареи ирзырхоу аилатәара, аилацәажәара. Ҳара идеилҳаркаауеит аус шутәу", — иҳәоит Кобахьиа.

Уаанӡа Аԥсны иҟан иакыз аҭоурых-культуратә обиектқәа русбарҭа, араионқәа рҟны иҟан ахаҭарнакрақәа, аха урҭ зегьы иаку асистема акәын изҵазкуаз, ҳәа иҳәоит аминистр лхаҭыԥуаҩ.

"Шықәсыки бжаки инарзынаԥшуеит ареформа мҩаԥгоижьҭеи, Акультура аминистрреи абаҟақәа рыхьчараз Аусбарҭеи еиларҵеижьҭеи. Ацентртә органқәа еиларҵеит, аха аҭыԥқәа рҟны акультура аҟәшақәа аанхеит. Урҭ Акультура аминистрра анапаҵаҟа иҟам, аха аус еицыруеит. Ахьчареи ахылаԥшреи ҳцәыбжьаӡит. Ҳара уажәы иҳалҳаршеит акультура аҟәшақәа рырҭбаара", — иҳәеит иара.

Кобахьиа иажәақәа рыла, асеиԥш иҟоу акультуреи акультуратә ҭынхақәеи рыҟәшақәа раион-цыԥхьаӡа иҟалоит.

"Гагра араион аҟны архитекторцәа рзы ҩ-штатк алаҳкаауеит, Аҟәа – акы. Аҟәа акы ҳәа ишьақәҳаргылеит избанзар ҳаргьы ара ҳаҟоуп. Аинырра ҳзымариоуп", — иҳәеит Кобахьиа.

Араионқәа рҟынтәи иааԥхьоу ахаҭарнакцәа идырдырын азакәанԥҵаратә актқәа, "Аҭоурых-культуратә ҭынхазы" Азакәан, Ашьауӷатә кодекс, Административтә кодекс, Адгьыл азы акодекс.

"Аинвентаризациа амҩаԥгараан ҳара еилаҳкааит аҭыԥқәа рҟны, ақалақьқәа рархитекторцәагьы налаҵаны, азакәанқәа шырзымдыруа", — иҳәеит Кобахьиа.

Иара иазгәеиҭеит ақалақьқәа рархитекторцәа азакәанқәа зегьы рдыруазар шакәу, напхгагасгьы ирымазар шакәу. Кобахьиа иажәақәа рыла аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчараз азинмчрақәа аҭыԥантәи амчратә органқәагьы ирыҭатәуп.

Иара иргәалаиршәеит Гәдоуҭа иԥырҽыз акультуратә ҭынха аобиект аӡбахә. Аҭыԥантәи амчрақәа азинмчра анрымоу иаарласны азинеилагаратә ҭагылазаашьа азхьаԥшра алшоит, ҳәа азгәеиҭеит аминистр лхаҭыԥуаҩ.

"Уажәшьҭа ҳара аобиектқәа ықәызго рыдагьы ачиновникцәагьы рықәыӷәӷәара ҳалшоит", — иҳәеит Кобахьиа.

Иааиуа ашықәс зегьы аан акультуратә обиектқәа рыхьчаразы азинмчрақәа ареспублика араионқәа рахь хәҭа-хәҭала инашьҭхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0