АҞӘА, ԥхынгәы 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акциа "Бежим со смыслом" рҽаладырхәит 323-ҩык, иара еизнагеит 250 000 мааҭ иҳәеит агәыҳалалратә еиҿкаара "Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" анагӡаратә директор Даур Барганџьиа апресс-конференциаҟны.
"Ауснагӡатә ҳшақәгәыӷуаз аасҭагьы иманшәаланы имҩаԥысит. Ақәоура иахҟьаны алагара аамҭа сааҭк аҟара анахара ҳақәшәеит, аха инеиз акыр ирацәаҩуп. Еизгоу аԥарақәа афонд "Ашана" иахаҳаԥхьаӡалеит", — иҳәеит Барганџьиа.
Иара иажәақәа рыла 400-ҩык рҟынӡа рхы аладырхәраны иҟан, аха амшцәгьа иахҟьаны рхыԥхьаӡара маҷк илаҟәит.
Аклуб "Sport Apsny" администратор Карина Цыкәтаниаԥҳа илҳәеит аханатә х-етапкны аҩра шаԥшьгаз.
"6 — 8 шықәса зхыҵуа рзы – 500 метра, 9 — 12 шықәса зхыҵуа рзы –километрак, 13 — 18 – х-километрак. 18 шықәса еиҳаны изхыҵуа рзы 3, 5 километреи 10 километреи", — лҳәоит лара.
Онлаин иҭаҩын 65-ҩык ахәыҷқәеи 222-ҩык адуцәеи.
Ауснагӡатә иалахәын имаҷҩымкәа Аԥсны еицырдыруа ауаа: аиҳабыра алахәылацәа, адепутатцәа, Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа Денис Царгәыши Лера Адлеиаԥҳаи.
Аинформациаитә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны акциа информациатә партниорны иазыҟан. Иара аусзуҩцәа рҟынтәи хәҩык акциа иалахәын. Иреиӷьу алҵшәақәа аалырԥшит апресс-маӡаныҟәгаҩ Милана Возԥҳа. Лара х-километрак аҩраҿы аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит.
300-ҩык инарзынаԥшуа рхы аладырхәит агәыҳалалратә еиԥхныҩра "Бежим со смыслом".акциа еиҿыркааит Аԥсны "Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа", урҭ партниорцәаны ироуит Аҟәа ақалақь Ахадара, аспорттә клуб "Sport Apsny", Аҟәа ақалақь Ахадара аҿар рызҵаарақәа рзы аҟәша.