Сериков: аказначеитә системахь аиасра актәи аетап хыркәшоуп

© Sputnik Зафас ГамгияАԥсны Афинансқәа рминистр Дмитри Сериков
Аԥсны Афинансқәа рминистр Дмитри Сериков - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аказначеитә системахь аиасра аихшьаалақәа рымҩаԥгара иазкыз апресс-конференциа мҩаԥысит Sputnik Аԥсны апресс-центр аҟны.

АҞӘА, ԥхынгәы 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аказначеитә системахь аиасра актәи аетап хыркәшоуп, иҳәеит Аказначеитә системахь аиасра аихшьаалақәа рымҩаԥгара иазкыз апресс-конференциаҿы Аԥсны Афинансқәа рминистр Дмитри Сериков.

"2016 шықәса ԥхынгәы акы инаркны абиуџьет анагӡара аказначеитә системахь ииаагеит анапхгараҭара ацентртә органқәеи аҭыԥантәи амчратә органқәеи. 2017 шықәса ажьырныҳәа акы инаркны абиуџьет анагӡара адагьы абиуџьеттә ԥаразоужьра ззыҟаҵо аҳәынҭқарратә органқәеи аусбарҭақәеи рыԥхьаӡара ҷыдақәагьы ииаагеит аказначеитә системахь", — иҳәеит иара.

Абиуџьет анагӡараз аԥареикәыршареи ахашәала ҟазҵо аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аказначеитә системахь ииагоуп, иҳәеит аминистр.

"Абри аусхк аганахь ала иҳагәҭаку рацәоуп. Уи азы аусура иацҵатәуп. Уажәы ҳара ҳҿы автоматизациа зызуу асистема аус ауеит, аха ишахәҭоу аҟынӡа акәымкәа. Макьанагьы имҩаԥаагоит ашәарақәа напылатә режимла", — иҳәеит иара.

Аминистр иажәақәа рыла ԥхьаҟа ашәарақәа аелектронтә режим ала имҩаԥгахалоит.

Аказначеитә усбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба - Sputnik Аҧсны
Нанба: аказначеитә усбарҭа абуиџьет зегьы иахылаԥшуеит

"Ҳара макьана амҩа алагамҭаҿы ауп ҳахьыҟоу. Ԥхьаҟагьы абри аус аиӷьтәра ҳҽазаҳшәалоит", — иҳәеит Сериков.

Дмитри Сериков иара убасгьы иазгәеиҭеит адунеи атәылақәа жәпакы аказначеитә системахь ишиасхьоу.

"Раԥхьатәи ахәҭа қәҿиарала инагӡоуп. Атәылаҿ абиуџьет ԥара зауа 409 еиҿкаара рымаҵ руеит аказначераҿы. Аказначеира ацентртә аппарат Афинансқәа рминистрраҿы иҟоуп, араионқәа зегьы рҿы иаартуп аҵакыратә ҟәшақәа, Аҟәеи Аҟәа араиони рҿы ада.

Уи иаҳнаҭоит алшара оперативла аҭааҩцәа рымаҵ аура, араионқәа рҟынтәи Аҟәаҟа имаакәа ашәҟәқәа реимдара", — иҳәеит Афинансқәа рминистрра аказначеитә Усбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба.

Аказначеитә системахь аиасра еиҳа ишеиӷьу атәы далацәажәо Нанба иҳәеит:

"Раԥхьа иргыланы иара иалнаршоит абиуџьет аԥарақәа рныхра хылаԥшра аҭара, иара убасгьы аԥарақәа рынеиҭаҵ-ааиҭаҵра еилыкка иубоит", — иҳәеит иара.

Иар убасгьы аказначеитә система афинанстә дисциплина ҳаранакуеит. Иахьатәи аамҭазы уадаҩраны иҟоу атехникатә еиқәыршәара аԥсыҽроуп, иҳәоит Нанба.

Ажәабжьқәа зегьы
0