Барцыц зеиҭашьақәыргылара ҟамло аҩнқәа рзы: аҿыцқәа ҳаргылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц
Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Приморское ақыҭан аџьаԥҳанышьҭаҵарҭаҿ иҟалаз аԥжәарақәа ирыхҟьаны аԥхасҭа зауз ақыҭауаа ақыҭа Ахадарахь икылсит нанҳәа 10 рзы.

ПРИМОРСКОЕ, нанҳәа 10 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц ақыҭауаа данырԥылоз иҳәеит зеиҭашьақәыргылара ҟамло аҩнқәа ҿыцны иҳаргылоит ҳәа.

"Арыцҳара ҟалеит. Ауаа аԥхасҭа роуит. Хаҭала имаҷымкәа аҩнқәа збеит. Иҟоуп зынӡаск зеиҭашьақәыргылара ҵак амам", — иҳәеит Барцыц.

Иара иажәақәа рыла адҵа ҟаиҵеит ахыбқәа рыԥсахра аамҭа мгакәа иалагарц.

Приморское ақыҭан аҩнқәа быжьба рышьақәыргылара залшом - Sputnik Аҧсны
Игорь Амқәаб: Приморское ақыҭан аҩнқәа быжьба рышьақәыргылара залшом

Гәдоуҭа араион Ахадара аҟны иҟоу ақалақьтә ргыларатә еиҿкаара аиҳабы Дикран Хынҭәба ишиҳәаз ала уажәазы аҩнқәа хәба рхыбқәа реиҭашьақәыргылара иаҿуп.

Аԥыза-министр иакәзар ақыҭауаа агәра диргеит аԥхасҭа зауз зегьы аԥартә шәарақәа шырзыҟаҵахо, зыҩнқәа ықәырго аҩн ҿыцқәа шрыздыргыло.

Ақыҭауаа ашәарақәа рыздырҵысуеит рышҭақәа, рымхурсҭақәа уҳәа рҟны иԥымжәакәа иаанхан иҟоу аџьаԥҳаны ахьықәгам. Еизаз рахь инеиз Аԥсны Атәылахьчара аминистр Мираб Кьышьмариа иҳәеит иԥымжәаз аминақәеи аснариадқәеи амчыбжь аҩныҵҟа иалыршаны иқәгахоит ҳәа.

Аџьаԥҳанышьҭаҵарҭаҟны иҟалаз аԥжәарақәа ирыхҟьаны 60-ҩык рҟынӡа аахақәа роуит, ҩыџьа Урыстәыла атәылауаа ҭахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0