АҞӘА, нанҳәа 11 – Sputnik. 2017 шықәса ажьырныҳә инаркны Аԥсныи Урыстәылеи рҳәаа иахысхьеит 1 084 000 транспорттә хархәага. Абри атәы аҳәоит Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә маҵзура Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа асаит.
Ҵыԥхтәи ашықәс иадкыланы ари 12% рыла еиҳауп.
Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә маҵзура Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа адыррала нанҳәамза иалагеижьҭеи наҟ-ааҟгьы мышкы ахы-аҵыхәала 7 000 рҟынӡа машьына аҳәаа иахысуеит. Абрахь иаҵанакуеит 200 рҟынӡа екскурсиатә автобуси 50 000 рҟынӡа ауааԥсыреи.
Нанҳәа еснагь иԥхьаӡан еиҳа иуадаҩу мзаны абри аганахь ала. Раԥхьатәи амчыбжь иалагӡаны аҳәаа иахысит 52 707 транспорт хархәага, уахыки-ҽнаки уи 7500 транспорт хархәага ақәшәоит.
Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә маҵзура Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа адыррала ахархәара рыҭоуп аушьҭырҭатә цәаҳәа цҵақәеи аушьҭырҭатә ҭыԥ цҵақәеи.
Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аиҳабы Денис Воронин иажәақәа рыла ахылаԥшра ӷәӷәа аҭоуп аҳазалхратә закәанԥҵара.
"Атранспорти ауааи рхыԥхьаӡара арацәараан аилагарақәа рхыԥхьаӡарагьы еизҳауеит, аха ҳара уи аԥырҟәҟәаара акыр иманшәаланы иалҳаршоит", — иҳәеит иара.
2017 ԥхынгәы 1 инаркны аушьҭырҭатә ҭыԥ амаҵзурауаа ихацдыркхьеит 180 рҟынӡа административтә еилагарақәа рзы аусҭҵаарақәа.