Аибашьра еиднакылаз ҳџьынџьуаа: Ҭырқәтәылантәи раԥхьа иааз агәыԥ ргәалашәарақәа

© SputnikҬырқәтәылантәи раԥхьа еибашьра иааз ргәыԥ
Ҭырқәтәылантәи раԥхьа еибашьра иааз ргәыԥ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа Аԥсны излагаз аибашьра аӡбахә шраҳази, рыԥсадгьыл рыхьчарц азы изнылаз амҩеи ртәы дазааҭгылоит Сырма Ашәԥҳа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеит ҳәа ираҳаз ажәабжь ус баша ирыдрымкылеит аҳәаанырцә инхоз ҳџьынџьуаа. Дара ибзианы еилыркаауан, Аԥсадгьыл ахәышҭаара иахылҵуа аԥхарреиԥш даҽакы ушзамырԥхо. Уи ҿымцәаарц азы, аамҭаказы амшын нырцә иахыргоз ҳџьынџьуаа акәицқәа ахәала иҿаҳәаны, атәым дгьыл ахь иргон. Мышкы зны ҳаҩныҟа ҳзыхынҳәуазар ҩаԥхьа ҳхәышҭаарамцақәа ҳмырцәап ҳәа гәыӷра шәкы рыцны.

Sputnik

Аибашьра анцоз аамҭазы, Ҭырқәтәыла иаԥҵан Кавказ Аԥсны адгыларазы ахеилак. Уи еиҳабысгьы далхын Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Аҭаи Ацәышба. Иара игәалаиршәоит уиа иҿкаара шыҟалаз атәы.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Беқьыр Ашәба - Sputnik Аҧсны
Беқьыр Ашәба: ҳара ҳахьыҟазаалакгьы ҳаԥсацәоуп, ҳаԥсадгьыл - Аԥсноуп

"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, жәамш раҟара ааҵуаны Ҭырқәтәыла иҟаз аԥсуаа реидгыларақәа, рхеилакқәа, адернеқьқәа рхаҭарнакцәа еигәныҩуа, еилацәажәауа иалагеит. Сҭамԥыл аԥсуаа рдернеқь аҿы еизон. Аԥсны иҟалаз ахҭыс аганахь ала иҟаҳҵашаз ацхыраара злааҳарԥшышаз акәын ҳазлацәажәозгьы. Раԥхьатәи азҵаара-иҟаҳҵоз ацхыраара Аԥсны изланаҳгашаз ҳашьҭан. Аԥсабараҿы иҟоу егьырҭ аҳәынҭқаррақәа ракәзааит, Ҭырқәтәыла акәзааит, аԥсуаа ахахьынхозаалак иахьабалак гәыҵхас, хьаас ирымаз Аԥсны излагаз аибашьра ауп. Аибашьра анцоз аамҭазы иаԥҵаз Кавказ Аԥсны адгыларазы ахеилак иахьынӡалшоз аус ауит усҟан, анаҩсгьы иацнаҵеит", — иҳәеит Аҭаи Ацәышба. 

Аԥсны аибашьра ианалага аԥхьатәи амш инаркны, Ҭырқәтәыла имҩаԥысуан Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа злахәыз аизарақәа, амитингқәа. Урҭ ирылахәын аҿар. Аха, уи азхоны ирыԥхьаӡомызт. Ирдыруан, еилыркаауан бџьаршьҭыхла рыԥсадгьыл ахьчара шаҭахыз. Убри азоуп гәыԥ-ӷәыԥла Ҭырқәтәылантәи рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь иаагоу амҩа изықәлаз ҳџьынџьуаа, аибашьцәа. Еиҳа ианыуадаҩыз, рыԥсадгьыл аҟазаареи аҟамзаареи ианҭагылаз аамҭазы. Раԥхьатәи агәыԥ еиднакылон хатә гәаԥхарала Аԥсны ахьчара иааз 40-ҩык инарзынаԥшуа ҳџьыныџьуаа. Урҭ ирыцны иааит, аибашьра уа изыхьӡаз Аԥснытәи аестрадатә шәаҳәаҩцәа ргәыԥ  ТОМ и Ф. Уи нахыс аибашьра амҩа еицанысит. Аестрадатә шәаҳәаратә гәыԥ иалахәыз Фаина Матуаԥҳа илгәалалыршәоит асценаҿы игоз ашәа ишеиԥнаҟьаз Аԥснынтә иаарылаҩыз ажәабжь хлымӡаах.

Индира Амҷыԥҳа илгәалалыршәоит Лататәи арыцҳара иадҳәалоу аҭоурых - Sputnik Аҧсны
Индира Амҷыԥҳа: сара сыԥсҭазаараҿы ари ахҭыс зегь реиҳа игәыҿкаагоу хҭысны иаанхоит

"Ҳара нанҳәа 14 рзы Енегиоль аконцерт ҳаман. Ҭыркәтәыла ахы-аҵыхәантә ажәлар еизеит ирацәаҩны. Ҳаибабара иацыз агәырӷьара ҳәаак амамызт. Аха, издыруадаз усҟан иҳаҳараны иҟаз ажәабжь хлымӡаах ҳгәалаҟазаара шбыжьнахуаз?.. Ҳара ҳаԥхьа ҳдиаспора ираҳахьан Аԥсны аибашьра ишалагаз. Ҳара ҳконцерт аҵыхәтәанӡа анагӡаха ҳмаӡаӡеит.  Ҳара ҳзы уи трагедиахеит, сахьалацәажәогьы абыржәы акырӡа исцәыуадаҩуп. Сара сырзеиқәымкуа аҵәыуара саналага, "Бымшәан, ҳаргьы ҳцоит Аԥсныҟа, ҳара ҳзгьы иҟалеит аибашьра, шәара шәымацара шәзакәӡам", ҳәа исыдеизалон, сгәы дырӷәӷәон. Акыраамҭа ҳзеилыҵуамызт. Аԥсныҟа излаара амҩа иашьҭалеит аҷкәынцәа, аилацәажәарақәа мҩаԥыргон. Ҳара Адаԥазарҟа ҳхынҳәит. Есыхәылбыҽха адернеқь аҿы ҳаизон, нас мышқәак ааҵуаны раԥхьатәи агәыԥ раара алыршахеит", — илгәалалыршәоит аибашьра Ҭырқәтәыла изыхьӡаз Фаина Матуаԥҳа. 

Раԥхьатәи агәыԥ иалаз, қәрала зегьы иреиҵбыз иакәын, Ҭырқәтәыла Џьгьарда ақыҭан инхоз Ерџьуменҭ Лазариа. Иара ихыҵуан усҟан 15 шықәса. Ерџьуменҭи сареи ҳаиҿцәажәараҟны игәалаиршәоит аибашьра амшқәа ртәы.

"Аибашьра ианалага аизарақәа, амитингқәа ҟаҳҵеит уа Ҭырқәтәыла. Аха, уи ҳара ҳзы имаҷын. Ҳара иаҳҭахын Аԥсныҟа анеира. Сҩызцәеи сареи ҳҽеизакны Аԥсныҟа ҳцеит, уаҳагьы ԥсыхәа ҳамаӡамызт, ус ҳазхәыцуан. Ҳара ҳнеит ҳәа акагь ҟамлазаргьы, иҳалшоз ахәыҷы ҟаҳҵеит. Гәыла иаҳҭахыз уи акәын, анагӡара ҳалшеит. Аҭел сырзасит сҭаацәа ҵхыбжьон, Аԥсныҟа сцар шысҭахыз расҳәеит. Аха, усҟан сара амҩа сықәлахьан, сҭаацәа егьа рҳәаргьы сырзынкыломызт. Убас еиԥш, сҩызцәеи сареи ҳҭаацәа ҳарцәыбналаны ҳааит ҳаԥсадгьыл ахь", — дцәажәон аибашьра аветеран, иахьа ҩыџьа ахшара раб, Ерџьуменҭ Лазариа. 

Хаешьаратә Республикақәа рҿынтә хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз - Sputnik Аҧсны
Хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз ргәымшәара ахаан иаҳхашҭуам

Аибашьра аԥхьа, Ҭырқәтәылантәи Аԥсны аҵара зҵоз ҳьынџьуаа астудентцәа рҭаацәа рҿы рыԥсшьара мшқәа рхыргон. Ираҳаз ажәабжь уа иааннакыло иҟазма?

Аԥсны аибашьра иалагеит ҳәа ираҳаз ажәабжь хлымӡаах шрыдыркылаз атәы дазааҭгылоит, аибашьра аветеран Сонер Гогәуа.

"Сара аибашьра иалагаанӡагьы Аԥсны сыҟан. Ҭырқәтәылантәи иааз сҩызцәеи сареи Аԥснытәи ауниверситет аҿы аҵара сҵон. Аԥсшьара мшқәа рзы Ҭырқәтәылаҟа ҳанца, ҩажәамш раҟара ааҵуаны иҳаҳаит Аԥсны аибашьра ишалагаз. Ҳҩызцәеи сареи усҟан акаҳуажәырҭаҿы ҳтәан, ус иаҳдыруаз аӡәы дааҳадгылан иҳаиҳәеит ҳаԥсадгьыл аҿы аибашьра шыҟалаз. Анаҩстәи ҳгәалаҟазаара алацәажәара, аиаша шәасҳәап, исцәыуадаҩуп. Иҳаҳаз ажәабжь ахаҵара уадаҩхеит. Уи нахыс аҩныҟагьы ҳцомызт, ҳҽеидкыланы аинформациатә центр еиҿаҳкааит, арахь ацхыраара злаҟаҳҵашаз ҳазлаара ҳашьҭалеит. Исгәалашәоит, ҳҭаацәа амц ишаҳжьоз, Чечентәыла аганахь ала ҳцаны, Аԥсныҟа амедицинатә цхыраара раҳҭарц ҳҭахуп ҳәа.

Сонер Гогәуа - Sputnik Аҧсны
Гогәуа: агазеҭ "Сабаҳ" адаҟьақәа рылоуп ҳҭаацәа Аԥсныҟа еибашьра ҳшааз злеилыркааз

Ҳара ус ҳҳәон, аха дара ибзианы ирдыруан, аибашьра иалагеижьҭеи даҽа темак шҳамамыз, Аԥсынҟа ҳазлаара амҩа аӡбахә ада. Раԥхьа Шәача ҳааит, нас каметала Гәдоуҭа ҳцеит. Ҭырқәтәыла иҭыҵуаз агазеҭқәа ирныло иалагеит Аԥсны аӡбаху. "Сабаҳ" ҳәа иҭыҵуаз агазеҭ раԥхьатәи адаҟьаҿы ианырҵеит Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа еибашьра ицаз ҳәа аибашьцәа рсахьа. Ҳҭаацәа уи анырба еилыркааит рыҷкәынцәа Аԥсны ишыҟаз… 

Ҳара ҳашьцәа ацәгьара ианҭагыла ҳрыдгылап ҳәа ҳааит, мамзар ҳаҩныҵҟа аибашьра аԥҟрақәа здыруаз уаҩ дыҟамызт. Аха, ҳауаажәлар зҭагылаз аҭагылазаашьа ҳаргьы ҳҽалаҳархәырц ҳҭаххеит, абзиара аҟны ҳшеидгылаз еиԥш, ауадаҩраҟны ҳажәҩахыр еибаҳҭарц ҳҭаххеит", — ҳәа азгәеиҭоит Сонер Гогәуа. 

Знык Аԥсадгьыл зцәыӡхьоу еиҳагьы иныруеит уи ахьаа закәу. Уи азоуп, Аԥсны игаз раԥхьатәи ахысбжьы изеиднакылаз нырцәи-аарцәи зегьы. Уаҳа ҳадгьыл иамбааит аибашьра, анацәа рыҷкәынцәа рҳаҭгәынқәа ирықәҭәо алаӷырӡқәа ҵыхәтәантәизааит. Наунагӡа ҳаԥсадгьыл иамазааит Аиааира, Ахақәиҭра, Аҭынчра!

Ажәабжьқәа зегьы
0