00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:45
15 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
24 мин
14:28
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:43
17 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:34
12 мин
On air
13:59
0 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
13 мин
Взаимный интерес
Участие Абхазии в Международной школе "Новые имена"
14:21
26 мин
Гражданин и начальник
Работа КПП в Сухумском аэропорту и нелегалы из Грузии
14:44
11 мин
Дополнительное время
Международный туринир по баскетболу памяти С. Багапш в 15-й раз проходит в Абхазии
14:55
14 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Взаимный интерес
Участие Абхазии в Международной школе "Новые имена"
18:52
26 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ҷолокәуа: Никарагәуа Аԥсны азханаҵоит ҳәа ҳазыԥшымызт

© SputnikАлхас Чолокуа
Алхас Чолокуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәышықәса ҵит Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи рҳәынҭқарратә хьыԥшымра Никарагәуа иазханаҵеижьҭеи.

АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҳәынҭқарра Ахада иусбарҭа апресс-маҵзураҿы аус зуаз зегьы ҳгәаҳҽанӡамкәа Никарагәуа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит, иҳәеит арадио Sputnik аҟны ажурналист, 2006 шықәсазы Аԥсны Ахада ипресс-маҵзура аҟны аус зуаз Алхас Ҷолокәуа.

"Уи амш иахьеиԥш исгәалашәоит, Аԥсны Урыстәыла ианазханаҵа ашьҭахь уамак ҵӡомызт, иҳамаз агәырӷьара ари ахҭыс еиҳагьы иацнаҵеит. Ари ҳазыԥшымкәа иҟалаз, даара   хгәы иахәаз жәабжьуп", — иҳәеит уи.

Алхас Ҷолокәуа иазгәеиҭеит Никарагәуа аиҳабы Даниель Ортега ҳаҭырла дшазнеиуа Аԥсны аҭоурых, уи азхаҵаразы имаҷымкәа ауадаҩрақәа шахнагахьоу.

"Никарагәуа ҳаныҟаз аиԥыларақәа раан иубартә иҟан Аԥсны жәлар ахақәиҭраз изнысыз амҩа Ортега даара ҳаҭыр дула дшазнеиуа", — иҳәеит Ҷолокәуа.

Аԥснытәи аделегациа Никарагәуа иаҭааит 2010 шықәсазы, Алхас Ҷолокәуа аделегациа ацара азыҟазҵоз дыруаӡәкын.

"́Даниель Ортега ишыжәдыруа ҩынтә Никарагәуа напхгара аҭара днеихьеит, зны жәашықәса иназынаԥшуа аус иуан, нас аамҭа анца алхрақәа рыла еиҭа дхынҳәит анапхгарахь. Аҳәынҭқарра ахадацәа рзыҳәа игылоу ахан ашҟа аҩынтәраан даналырх уахь дагьыҩнамлацт. Уи дахьтәоу уаннеилак абри аҳәанҭқарра итәарҭоуп уҳәар иџьоушьартә еиԥш имарианы, уиаҟара улаԥш хызымкуа ҩнык аҿы дыҩноуп", — иҳәеит уи.

Аԥсны Ахада Сергеи Багаԥшь иофициалтә ныҟәара ақәшәеит Никарагәуа иреиҳау аҳәынҭқарратә ныҳәара – Аугусто Сандино ихьӡ зху ареволиуциа амш азгәаҭара ауп.

"Иубаратәы иҟан ари аныҳәа ауаа зегь еидызкыло, ргәы ҭызго ныҳәаны ишыҟоу. Ауаа еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟынтәи иааны аныҳәа рхы аладырхәит, амҩақәа зегьы ари амш азы Манагәуа ҳәа иҟоу аӡиа ааигәа миллион бжа еиҳаны изкуа ашҭа ыҟоуп, убраҟа имҩаԥысуан", — ациҵеит Ҷолокәуа.

Абри ашҭаҿы ацәажәара иазҟазоу Никарагәуа апрезидент Даниель Ортега иааиԥмырҟьаӡакәа быжь-сааҭк дықәгыланы дцәажәон, иҳәеит уи.

Ортега быжь-сааҭк иалагӡаны далацәажәеит Никарагәуа иҟаз ареволиуциа аҵак ду иамоу ижәлар рзы, дазааҭгылеит жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа, аекономика уҳәа еиуеиԥшым азҵаарақәа.


Ажәабжьқәа зегьы
0