https://sputnik-abkhazia.info/20171004/ahsh-ash-ashshairhu-shxacan-abarakiatra-1021988883.html
Ахш, ашә, ашәчырҳә: шьхацан абарақьаҭра
Ахш, ашә, ашәчырҳә: шьхацан абарақьаҭра
Sputnik Аҧсны
Аԥсуа қыҭақәа рыбжеиҳарак амшын аҿықәаҿ ишьҭоуп. Урҭ аҭыԥқәарыҟны аҳацкьын анмаҷхалакгьы ахьчацәа ашьхаҟа ашьамаҟеи, аԥсасеи, ауахьади карцоит. 04.10.2017, Sputnik Аҧсны
2017-10-04T17:49+0300
2017-10-04T17:49+0300
2018-02-06T11:30+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102176/85/1021768542_0:0:1279:723_1920x0_80_0_0_b441db4dc29608678f77240581b84a87.jpg
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2017
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102176/85/1021768542_0:0:1279:803_1920x0_80_0_0_02bb11413a9b016cf4b4052247a03141.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
афотосахьақәа, кавказ, аԥсны, аԥсшьара
афотосахьақәа, кавказ, аԥсны, аԥсшьара
Ахш, ашә, ашәчырҳә: шьхацан абарақьаҭра
17:49 04.10.2017 (ирҿыцуп: 11:30 06.02.2018) Аԥсуа қыҭақәа рыбжеиҳарак амшын аҿықәаҿ ишьҭоуп. Урҭ аҭыԥқәарыҟны аҳацкьын анмаҷхалакгьы ахьчацәа ашьхаҟа ашьамаҟеи, аԥсасеи, ауахьади карцоит.
Инарҭбаау ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра>>
Авидеонҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра>>
Шьхацан аамҭа алагоит лаҵарамзазы. Саҭбеи зыԥсы ҭоу имал иманы Лашыԥсы ҳәа зыхьӡу аҭыԥ аҟны дтәоижьҭеи акыр ҵуеит. Аҭыԥ амшын аҟнытәи 2 000 метр аҳаракыра аҟны ишьҭоуп. Ахьча иажәақәа рыла, ажәытәан араҟа 12 гәарҭа еизалон, иахьа гәарҭак ада аӡәгьы дубом.
Фымыз ашьха инхоит ахьчацәа. Шьхалбаан алагоит жьҭаара анҵәамҭазы. Усҟан ахьчацәа рмал аԥсҭахьы илбаарцоит, ақыҭақәа рахь. Ақыҭа иҩахыкны, абнара ԥхынҷкәынынӡа ианаанхогьы ҟалоит.

Ашьхашә ахаҭабзиареи агәабзиаразы хәарҭарас иамоу атәы аҳәара аҭахыуп ҳәа сгәы иаанагом. Алаҟәыраҟны иҟаҵоу ашә угәабзиара иазеиӷьзар, ашьха иуоуа ахшлыхқәа шәазхәыц, шаҟа ибеиоу! Уи адагьы, ажә иамҵуа ахш аџьмахши еиларҭәоит.

Ашьхара ашә еицырдыруа арецепn ала ауп ишыҟарҵо, аха ахш араҟа арахәи аԥсасеи ирацәаны ирымҵуеит, убри ауп еиҳарак аус зырцәгьо. Ахш зҭоу амца азааигәара идыргылоит, ианҟәандахалакгьы ацыр арҭоит. Уи ацыр ҵаҟа рхы иадырхәо уамак иеиԥшӡам - ашәарах иамырхуеит.

Ашәаӡа шәуп ҳәа ашьхара иуҳәар иухыччоит. Макьана ишәӡам. Ихыхны иҵәыԥсырц ҩбаҟа-хԥаҟа сааҭ инрыжьуеит ихыхьшәашәарам аҭыԥ аҟны. Нас, ианҵәыԥслакгьы имырссаӡакәа асақәа ԥырҟоит.

Ашәаӡа аилаҵаразы ихиоуп ҳәы угәы ианаанаго, сак аӡыршы инӡаауыршәлар иунарбоит: еиҵыхәхәа иаразнак аӡыҭра иалагар - ихиоуп аилаҵараз, ишыҟаз инхар - уахымыццакыр еиҳа еиӷьуп, ҽа сааҭк аҟара уазыԥшыроуп.

Аилаҵара ирласны (уӡы ахьынӡашу) иҟаҵатәу усуп. Ҽыҭ- ҽыҭла ашә аамхны иркәампыло еилауҵароуп.

Ашәгежьқәа иаразнак асаарақәа рахь изышьҭуа ыҟоуп, аха ахаҵа инапы иалшоит иркәампыло, ирҟьаҟьауа иаҭаху асахьа аҭара.

Ари ашәхарҩа хә-килограммк иҟаларц азы 500 грамм азымхаӡеит. Ахьчацәа изларҳәо ала, хәажәкыра раԥхьатәи амҽышазы иԥырҟоит.

Ашәчырҳәқәа еиҳарак ахәыҷқәа рзы акәын ишыҟарҵоз ажәытәан. Иахьагьы имаҷҩым ашьхара ашәчырҳәқәа ҟазҵо. Аҟаҵарагьы цәгьоуп ҳәа узыҳәом. Аԥхьа ампыл хәыҷ ашә иаамыухуеит, нас агәы кылҵәаны унацәа иаахаургьежьуеит.

Ашәчырҳәқәа ашәхарҩа агьама аасҭа ихаауп ҳәа зҳәо рацәаҩуп. Избанзар, ашәчырҳәқәа ибзианы алҩақ наҟ-ааҟ ирыҵасуеит.

Шьхацан аамҭа лаҵарамза иалагоит. Лашыԥсы ҳәа зыхьӡу аҭыԥ ауп ари афотосахьаҟны иаарԥшу. Аҭыԥ амшын аҟнытәи 2 000 метр аҳаракыра аҟны ишьҭоуп. Сзыҿцәажәоз ахьча иажәақәа рыла, ажәытәан араҟа 12 гәарҭа еизалон, иахьа гәарҭак ада аӡәгьы дубом.

Лашыԥсыҟа сынтәы ахьчацәа Саҭбеи Агәхааи Зосҳан Џьениеи 100 џьмеи 90 рахәи қәныргеит.

Аџьмақәа рааӡара акәама-ҵамарақәа рацәаны иамоуп. Аџьма иара иатәым аӡыр аҵанаҵаӡом. Ахьараан иухьо аџьма иаҵауҵо аӡыр удыруазароуп. Ҳара ҳзы аӡырқәа зегь еиԥшуп, аха ахьчацәа доусы изтәу рдыруеит.

Шьхалбаан алагоит жьҭаара анҵәамҭазы. Усҟан ахьчацәа рмал аԥсҭахьы илбаарцоит, ақыҭақәа рахь.