Аекономика аминистрра аиқәшаҳаҭра ҿыц апроект азырхиара иаҿуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАдгур Ардзинба на заседании кабмина об исполнении Республиканского бюджета
Адгур Ардзинба на заседании кабмина об исполнении Республиканского бюджета - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба жьҭаара 3 рзы идикылеит Арабтәи Ареспублика Шьамтәыла Жәлар Рхеилак аделегациа

АҞӘА, жьҭаара 4 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа.  Уаанӡа Шьамтәыла имҩаԥысыз аиԥыларатә еилацәажәарақәеи уи ашьҭахь Аԥсны иҟаз аиԥылареи рышьҭахь Аекономика аминистрра аиқәшаҳаҭра ҿыц апроект азырхиара иаҿуп. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит аминистр Адгәыр Арӡынба.

"Ааигәа Арабтәи Ареспублика Шьамтәыла иҟан Аԥсны аделегациа. Аделегациа ахадараҿы дыҟан Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр. Саргьы уи аделегациа салахәын, Шьамтәыла Аекономика аминистр инаԥхьалара. Иареи сареи ҳаицәажәараан ирзааҭгылан абизнес аус аҿы аинырра. Иалацәажәан баџьда аилахәаахәҭра амеханизм аԥҵара", — иҳәеит иара.

Встреча президента с делегацией Народного Совета Сирии - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба Шьамтәылантәи аделегациа идикылеит

Асеиԥш иҟоу амеханизм аус ауеит Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьарагьы.

"Аиқәшаҳаҭра аус адулара ҳаҿуп. Атәыла Ахада иҩаӡарала еиҿкаахоит аусура. Аиқәшаҳаҭра апроект атәыла Ахада изынаҳашьҭуеит. Иара дақәшаҳаҭхар, Шьамтәылатәи ҳколлегацәа ирзаҳашьҭуеит ахәаԥшразы", — иҳәеит Арӡынба.

Аминистр иҳәеит ари аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра алшоит Аԥсныи Шьамтәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара ашьҭахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0