Ҳаџьымба: абызшәа аҳәынҭқарра уасхырс иазышьҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Хаджимба
Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсуа бызшәа амш ныҳәа аламҭалаз имбаԥигеит аиԥылара абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә комитет анапхгаҩцәа алархәны ахашаҽны жьҭаара 26 рзы.

АҞӘА, 26 окт – Sputnik, Альбина Жьипҳа. Абызшәа аныҟамла аҳәынҭқаррагьы, ажәларгьы зыҟалом, иҳәеит Рауль Ҳаџьымба аиԥылара аартуа.

Атәыла ахада иазгәеиҭеит, ааигәа иаԥҵаз абызшәа ахьчара иаззырхо аҳәынҭкарратә комитет ишахәҭоу, уаҟа аус шыруа аҿар — аԥсшәа аиқәырхаразы апроектқәа ҿыцқәа аԥызҵо.

Арадио Sputnik Аԥсны - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ломиа: аԥсуа бызшәа аҿиара апрограмма ашьақәыргылара аус хацыркуп

"Урҭ русура алыҵшәақәа убарҭоуп, ԥсышәала ицәажәо амульфильмқәа, аҳәынҭқарратә телехәаԥшраҿы адырраҭарақәа ҿыцқәа", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Ҳаџьымба инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аҳәынҭқарра аҩныҵҟа аусбарҭақәа зегьы ԥсышәала ицәажәозар ауп ҳәа. Апарламент уи адгылара анаҭароуп.

"Ауаа рбызшәа рдыруазароуп, уи ала ицәажәозар ауп, Аԥсныҟа иаауа асасцәа иахьааз атәыла рдыруазарц", — иҳәеит атәыла ахада.

Аиԥылараҿы иара убас иҳәан, аԥсуа школқәа рҿы абызшәа аҵара ахшыҩзышьҭра бзиа арҭароуп ҳәа.

"Урыстәыла лимитла иҭалоу абитуриентцәа рзы абызшәазы аԥышәара алагалара иахәҭаны исыԥхьаӡоит,  иҳәеит Ҳаџьымба. Аҿар рҵара иалган иаауа, рбызшәа рдыруазароуп, уи рхы иадырхәазароуп".

Амҩадуқәа рҿы иҟоу акыдҩыларақәеи аӡыргарақәеи аԥсышәала ицәажәаӡом уи аус ҷыдала иазнеитәуп.

Ампылҷынҷақәа - Sputnik Аҧсны
Ԥсышәала ицәажәо "Ампылҷынҷақәа" Аҟәа иӡырыргеит

"Аԥсышәала иану зны-зынла иҵакыдоуп, урысшәала аӡыргара цәажәозар, ианеиҭарго иаҳәо иузеилкааӡом, ари апроблема ҷыдала аус адулатәуп. Иахәҭоу аусбарҭақәа зегьы адырра роухьеит, аҭагылазаашьа ԥсахтәуп", — игәаанагара иҳәеит иара.

Абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә комитет ахантәаҩы Нурбеи Ломиа еиҭаиҳәеит иахьазы аусбарҭа аус здыруло апроектқәа.

"Абызшәа дырҵаразы акурсқәа аартуп Гагреи, Аҟәеи, Гәылрыԥшьи, Тҟәарчали рраионқәа рҿы. 2018 шықәсазтәи абиуџьет аҿы иарбоуп егьырҭ иаанхаз араионқәеи ақалақьқәеи зегьы рҿы абызшәа дырҵаразы акурсқәа раартра", — иҳәеит Ломиа.

Акомитет ахада иҳаҭыԥуаҩ Ҭамила Арышԥҳа лажәақәа рыла абызшәа аиқәырхара аҳәынҭқарраҿы зегьы реиҳа ихадоу акәны иҟоуп.

"Иахьа имаҷу аҳәынҭқаррақәа рҿы абызшәа аиқәархаразы ицоит аусурақәа, ҳара аԥышәа ду шҳамамгьы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит. Аҳәынҭқарра ахадара уи хаҵгылара ахьашәҭо иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит" — лҳәеит Арышԥҳа.

Джамбул Жордания - Sputnik Аҧсны
Арадио
Арежиссиор амультфильмқәа аԥсшәахь реиҭагара иазкны: гәыкала саҿуп

Абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә комитет ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ҭали Џьапуаԥҳа абызшәа иадҳәалоу апроектқәа раԥхьаӡа иргыланы финансла еиқәаршәатәуп ҳәа илыԥхьаӡоит.

"Сшәыҳәоит акомитет абиуџьет "ихьчатәу" астатиа ҳәа ицаларац. Аԥара аныҟамла, аус ҳзуӡом. Имаҷу ирацәоу акәзаргьы ианаамҭоу ианахәҭоу иҳаулароуп", — лҳәеит Џьапуаԥҳа.

Есышықәса жьҭаара 27 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аԥсуа бызшәа амш ныҳәа.

Абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә комитет аԥҵан нанҳәа 17 2016 шықәса рзы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба идҵала. Уи хықәкы хадас иамоуп аԥсуа бызшәа аиқәархареи аҿиареи.

Ажәабжьқәа зегьы
0