Агрба: "Акоррупциа аҿагыларазы" Азакәан аус ауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГеоргий Агрба
Георгий Агрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Акоррупциа аҿагыларазы" Азакәан Аԥсны Жәлар Реизараҿы ирыдкылан 2015 шықәса абҵарамзазы.

АҞӘА, абҵара 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "Акоррупциа аҿагыларазы" Азакәан аус ауеит иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны Жәлар Реизара Апарламент адепутат Гьаргь Агрба. Азакәан иазыԥхьагәанаҭоит аобиектқәа арендла рыҭараан, ахатәтәраан мамзаргьы аҳәынҭқарра аҟынтәи фирмак анардадара аиураан аконкурсқәа рымҩаԥгара.

Адепутат Гьаргь Агрба азакәан аусадулаҩцәа дыруаӡәкуп.

"Иахьынӡаздыруа ала азакәан аус ауеит иарала иазыԥхьагәаҭаз ауснагӡатәқәа ирықәныҟәаны. Убас, дарбанызаалак аӡәы аҳәынҭқарраҟынтә анарда иоузар, иара убри аан аконкурстә уснагӡатә дахмыжьзар – уи азакәан иаҿагылоит", — иҳәеит иара.

Азакәан иара убасгьы иазыԥхьагәанаҭоит абиуџьеттә ԥарақәа рыла аахәарақәа рымҩаԥысраан атендерқәеи аукционқәеи рымҩаԥгара.

"Аҳәынҭқарра иҟанаҵо аахәарақәа зегьы аконкурсқәеи аукционқәеи рымҩаԥгарала ишьақәыргыларалатәуп. Абри аганахь алагьы азакәан ииашаны аус ауеит" — иҳәеит Агрба.

Гьаргь Агрба иазгәеиҭеит азакәан ҵакыс иамоу акоррупциа аҿагылара аасҭа иара аҟалара аԥырҟәҟәаароуп.

"Ҳара иҳалшоз ҟаҳҵеит иҟалараны иҟоу акоррупциатә схема аԥырҟәҟәааразы", — иҳәеит иара.

Азакәан "Акоррупциа аҿагыларазы" аҵыхәтәантәи аԥхьарала Аԥсны Апарламент адепутатцәа ирыдыркылеит 2015 шықәса, абҵарамзазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0