Атәанчахәы ашьҭазаара

© Sputnik / Тарас Литвиненко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото.
Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәанчахәы азҵаара ауааԥсыра акыр ргәы иҵхо иреиоуп, ауаҩы иқәрахь даннеилак ихы зланыҟәигаша дазыԥшуп. Атәанчахәы акәша-мыкәша еснагь ирацәоуп еиуеиԥшым ацәажәарақәа. Уи азы лгәаанагара лҳәоит аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Исымбаӡакәа атәанчахәықәра ашәхымс саахықәгылеит. Иааиуа ашықәс азы, азакәан инақәыршәаны, аҷҷаҳәа стәанчахәы соуроуп, аха уи аԥшаара имариам мҩоуп ҳтәылаҿы иқәынхо ауааԥсыра рзы.

"Атәанчахәы ашьҭазаара": уи азы лгәаанагара лҳәоит аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа

Иахьа 32 нызқьҩык рҟынӡа Аԥсны атәылауаа ироуеит урыстәылатәи атәанчахәы. Иахьа аус зуа аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны СССР ахаан аџьа збаз ҳтәыла ауааԥсыра ироуеит атәанчахәы. Аха, уи аиура зегьы ирқәашьым.

Иахьатәи аамҭазы 1962-63 шықәсқәа рзы ииз ауааԥсыра рзы ицәырҵуеит ауадаҩрақәа, избанзар, акы аибашьра аамҭазы ибжьаӡыз ашәҟәқәа рацәоуп, иҩбахаз, арҭ ашықәсқәа рзы ииз ауаа имаҷны аус руит асовет ҳәынҭқарра ахаан ҳәа иԥхьаӡоуп, зеиԥшла аус ируз 9 ма 10 шықәса рҟынӡоуп, иара уигьы, аҵара зҵоз рыԥсшьара мшқәа хымыз анахыҵлак, иахәҭоу аамҭа алҵӡом.

Милиция. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Ҳа ҳмилициа, ҳа ҳзыхьчо

Ажәакала, сдәықәлеит, ҽааны 55 шықәса анысхыҵуа атәанчахәы аиуразы слахьынҵа зеиԥшроу аилкааразы, рацәакгьы садымхалакәа ишьақәсыргылеит урыстәылатәи атәанчахәы сара ала аҭаԥшра шысмоуаз. Аха, уажәы авба зысҭо урыстәыла ахаҭарнакцәа ракәым, сзызхәыцуа, ргәы иҭоузеи Аԥсуа ҳәынҭқарра анапхагара? Шәазхәыц, аибашьра еилгазар 24 шықәса ҵуеит, дук мырҵыкәа, 1963 шықәса рнаҩсан ииз ауаа ртәанчахәы аиура аамҭа ааиуеит, иара убас, имаҷҩым Урыстәыла атәылауаҩра змам ауаа, урҭ зегьы ирԥеиԥшуп 500 мамзаргьы 1500 мааҭ.

Аибашьра ааилгазар аус зуа ҳтәылауаа иршәоит ашәахтәқәа, рулафахәы иахыҵуеит абаџь, аха атәанчахәы аиураҿы ирзыԥшу акгьы ыҟам. Амчрахь анеиразы еснагь агәаҳәара змаз ҳполитикцәа ракәзар, 2004 шықәса раахыс, атәанчахәы амаҷразы акритика ду дырҿион. Уажәтәи анапхагара рхаҭарнакцәа ҳарзааҭгылозар, зынӡа ауасамырҳәыга рҳәон. Аԥсны аҩныҵҟа иҟоу альготқәа ртәы ҳҳәозар, аибашьра аветеранцәа-аинвалидцәа, иара убас амедалқәеи аорденқәеи змоу ркатегориа аԥсуа социалтә пакетқәа рымоуп. Ажәакала, категориак хьчоуп, ироуа рацәамзаргьы, аха убри аамҭазы, егьырҭ ртәы ҳамҳәаргьы, иҟоуп аибашьра аветеранцәа амедалгьы аорденгьы зымгаз, аха иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа. Шәазхәыц, аибашьра аветеран иоулоит аԥсуа тәанчахәы 500 мааҭ, убри аамҭазы ианеибашьтәыз ибналаз адизертиргьы тәанчахәыс убысҟак изыԥҵәоуп. Ари залымдароуп.

Ауаажәларратә Палата - Sputnik Аҧсны
Ухыза заҟароу дырны, ушьапы еиҵых

Иааиԥынкыланы, аус зуа ауаҩы аҳәынҭқарра абри аҩыза атәанчахәы анианашьо ауаҩытәҩса изинқәа реилагара ада даҽакы ахьӡҵара уадаҩуп. 2019 шықәса рзы Аԥсны иҟалоит апрезиденттә алхрақәа, уажәнатә схәыцуеит- иарбан виртуалтә тәанчахәу акандидатцәа иҳадыргалараны иҟоу? Еилкааау усуп аҳәынҭқарра алшарақәа шмаҷу, аха амчрахь инеирц зҭахыу ирдыруазароуп, абри ҳазлацәажәо азҵаатәы ҳмыӡбакәа, ауаатәҩыса асоциалтә ганахь ихьчамкәа- ажәлар реидкылара шалымшо. Иахьа сызлацәажәо атәанчахәы азҵаатәы, дук хара имгакәа изҵаара хаданы иаақәгылоит, избанзар, хыхь ишазгәасҭаз еиԥш, урыстәылатәи атәанчахәы змауа ркатегориа иаҵанкуа даҽа абиԥарак атәанчахәы ақәара иазааигәахеит, уи апроблема зыӡбашагьы аԥсуа ҳәынҭқарра ҵәатәышьаҟас иаҵагыло роуп.

Лампочка - Sputnik Аҧсны
Абаџь зымшәо рзы амнистиа

Асоциалтә бзазара ахьышьақәгылам атәылақәа рҿы ареволицуиақәа рыҟаҵара мариоуп, избанзар иҟоуп ашьаҭа, убри аҟынтә, абри ахыԥҽыга аӡбара иахьа иалагатәуп, иаламгар, уи зхы иазырхәо амчра бзиа избо аполитикцәа рацәаҩхашт. Даҽа зҵаароуп, ари ихьанҭоу аӡбатә зхы иазырхәо ирыӡбуоу ирмыӡбуоу, аха иара ихаданы ианықәгыло, уаҵәахьы иахымгакәа анапы алактәуп, мамазар, ажәлар С. Ҷанба ихьӡ зхыу атеатр ашҭахь инанагар ауеит. Уи ашҭаҿоуп 2014 шықәса рзы ауаа еизганы, акашырра шыҟало азы иахьатәи амчра усҟантәи апрезидент ԥхьатәара дцаратәы аҭагылазаашьа заԥырҵаз.

Уи ашьҭахьгьы, уажәтәи аоппозициа ԥхынҷкәынмза 2016 шықәсазы атеатр ашҭаҿы аминг ду рҽазыршәеит, атәыла ахада дырзымԥсахаргьы. Апрезидентцәа рыԥсахра ажәлар қьар рзаламкәа ианыҟалалак, атәыла ауааԥсыра ирцәыӡуа иалагоит агәрагара. Ауаҩы идунеи хыушьаарц уҭахызар, имх иара имоу агәаргара.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0