Аҟәа имҩаԥысит ахәыҷтәы шьапылампылтә турнир

© Sputnik / Томас ТхайцукФутбол. Сухум-Колхида. "Кубок Динамо" среди футболистов
Футбол. Сухум-Колхида. Кубок Динамо среди футболистов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иналукааша аԥсуа шьапылампылтә клуб "Динамо" аԥҵан 1927 шықәса абҵара 22 рзы.

АҞӘА, абҵара 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иналукааша аԥсуа шьапылампылтә клуб "Динамо" шьаҭаркуижьҭеи 90-шықәса ахыҵра иазкны Аҟәа имҩаԥысит ахәыҷтәы шьапылампылтә турнир. Абри атәы Sputnik акорреспондент изааицҳаит аклуб "Динамо" азыҟаҵаҩ хада Максим Никитски.

Аиндаҭлара иалахәын 13-14 шықәса зхыҵуа злахәу акомандақәа.

Юрий Логуа - Sputnik Аҧсны
"Динамо" аветеран: ҳаспортсменцәа реиҳараҩык ҳаклуб аҿоуп иахьеизҳаз

"Атурнир иалахәын Аҟәатәи акомандақәа "Динамо", "Спартак"; Гәылрыԥшьтәи акоманда; ахәыҷы-қәыԥштә команда "Сухум"; Галтәи акоманда "Колхида"; Гәдоуҭатәи "Риҵа". Агәыԥқәа ҩба еиҿкаан, урҭ хԥа-хԥа команда рылахәын" иҳәеит аклуб "Динамо" азыҟаҵаҩ хада Максим Никитски.

Актәии аҩбатәии аҭыԥқәа аанызкылаз акомандақәа афиналбжахь инеит. Имҩаԥган ахԥатәи аҭыԥ азы ахәмарреи афиналтә хәмарреи.

"Ахԥатәи аҭыԥ азы ахәмарраан аамҭа хада нҵәеит 2:2 ҳәа, пенальти асериаҟны "Динамо" аԥыжәара агеит 3:1 ҳәа. Афинал аҟны аамҭа хадаҿы акомандақәа ампыл ҭадмыршәит, жәеизаметратәи асериаҟны 4:2 ҳәа ахәыҷы-қәыԥштә команда "Сухум" "Колхида" иаԥнагеит", — иҳәеит Никитски.

Ашьапылампылтә клуб "Динамо" аԥҵан 1927 шықәса рзы. Иара анысит ихьӡырҳәагаз амҩа: Аԥсны ачемпионат инаркны Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу алига аҟынӡа.

Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан "Динамо" аҟны ихәмаруан: Георги Грамматикопуло, Ахрик Цәеиба, Сергеи Овчинников, Џьамал Гәбаз, Геннади Бондаренко, аишьцәа Беслани Руслани Џьынџьалаа. Аԥсны жәлар реибашьра ашьҭахь "Динамо" Аԥсны ачемпионат иалахәымызт. 2009 шықәса жьҭаарамзазы еиҭашьаҭаркыз аклуб, 90 шықәса раԥхьа ихацыркыз ашьапылампыл команда "Динамо" ахьӡ еиҳагьы ишьҭыхуа аҿиара амҩа ианылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0