Амҩатә машәыр ианиаз рыԥсҭазаарақәа ашәарҭа иҭагылам

© Sputnik / Томас ТхайцукРеспубликанская больница.
Республиканская больница. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҽыша, ԥхынҷкәын 17 рзы Аҟәа ақалақь аҟны аҭыԥ аман аԥсыҭбара зцыз амҩатә машәыр. Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада адырра ҟаиҵеит ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоу, амҩатә машәыр ианиаз рыԥсҭазаарақәа ашәарҭа иҭагылам ҳәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 – Sputnik. Анжелика Бениаԥҳа. Амҽыша, ԥхынҷкәын 17 рзы Аҟәа ақалақь аҟны аҭыԥ аман аԥсыҭбара зцыз амҩатә машәыр. Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиа адырра ҟаиҵеит ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоу, амҩатә машәыр ианиаз рыԥсҭазаарақәа ашәарҭа иҭагылам ҳәа.

Амҽыша, ԥхынҷкәын 17 рзы Ареспубликатә хәышәтәырҭахь иааргеит амҩатә машәыр иахҟьаны аахақәа зауз ауааԥсыра. Урҭ рахьтә, Кәарҷиа Х.И. иԥсы ҳзеиқәмырхеит, иԥсҭазаара далҵит. Иаанхаз рыԥсҭазаарақәа шәарҭам ҳәа уҳәартә иҟоуп ҳәа иҳәеит Аполлон Гәыргәлиа.

"Џьениа А.И. иҭагылазаашьа еиҳа иуадаҩуп, аха уигьы иԥсҭазаара ашәарҭара аман иҟам. Иара дыԥҟан. Ааха зауз игәаҵәа рӡахит", — иҳәеит аҳақьым хада.

МВД - Sputnik Аҧсны
Аԥсыҭбара зцыз амҩатә машәыр инадҳәаланы ашьаус хацыркуп

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла ԥхынҷкәын 17, асааҭ 20.15 рзы Ӡиӡариа ихьӡ зху амҩаҿы арыжәтә ыжәны иҟаз, амилициа алеитенант еиҵбы Спартак Манукиан зыԥсҟы икыз автомашьына "Митсубиси" аихамҩатә дәыӷбаангыларҭахь ахы рханы дцон.

"Амҩан, амҩатә ԥҟарақәа еилаганы, ишиашоу ицо ацәаҳәа еихҵәаны иаԥхьаҟа иааиуаз автомашьына "Хонда-Стрим" дажәлеит. Автомашьына иҭан: Џьениа А.И., Кәарҷиа А., Кәарҷиа Х., Кәарҷиа Х., габуниа Е., Зарандиа-Габуниа. Кәарҷиа Ҳаџьараҭ Индико-иԥа иоуз аахақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит, егьырҭ апассаџьырцәа ареспубликатә хәышәтәырҭа иҭоуп" ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Автомашьына "Митсубиси" аԥсҟы зкыз амедицинатә цхыраара анирҭа ашьҭахь амилициа аусзуҩцәа аамҭалатәи аанкыларҭахь днаргеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0